Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили APM Terminals ахаҭарнакцәа дырҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили APM Terminals ахаҭарнакцәа дырҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Ҧуҭтәи абаҕәаза апотенциали Абжьаратә корридорахь иазҳаз азҿлымҳареи иалацәажәеит.

Ишазгәаҭаз ала, аидарамҩангара азҳара иаҿуп, убри аҟынтә, Ҧуҭтәи абаҕәаза аинфораструктура арҿира азҵаара аҵакы ҷыда аиуит. APM Terminals ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, иаҳа ирацәаны аинвестициақәа рымҩаҧгареи уажәтәи аинфраструктура арҿыцреи иазыхиоуп.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа Ҧуҭтәи абаҕәаза арҭбаара алшаарагьы иазаааҭгылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара APM Terminals аҟынтә рхы аладырхәит Европеи Африкеи арегионалтә директор Тгор ван дер Ессении APM Terminals Poti агенералтә директор Жулиен Фернандеси. Ақырҭуа аган аҟынтә аиҧылара ихы аладырхәит авице-аҧыза, Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура