Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр, Самеба акафедралтә ныхабааҿы, импыҵахалоу Аҧснынтә иааргаз жәеизаҩык ртәылауаҩратә панихидаҿ дыҟан Print Version

2022-12-07

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Самеба акафедралтә ныхабааҿы, импыҵахалоу Аҧснынтә иааргаз жәеизаҩык ртәылауаҩратә панихидаҿы дыҟан.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҭахаз ауааҧсыра ҳаҭырла игәалаиршәан, руацәа дрыдашшылеит.

„Раҧхьа иргыланы, иазгәасҭар сҭахуп ҳара кыршықәса рыҩныҵҟа Аџьар ҟаҧшь ҳацырхрааны, аибашьраан иҭахаз ҳфырхацәа рыҧсыбаҩқәа Қырҭтәылаҟа, ҳазхылаҧшуа аҵакырадгьылашҟа ииаагоит, Аҧсни Цхинвали рҿы ҳхылаҧшра еиҭашьақәҳаргылаанӡа ҳпартниорцәа рылахәызаара ҳҭахуп. Ари аус аҿы Аџьар Ҟаҧшь хәы змам алагала ҟанаҵоит, ари апроцесс иалахәыз ауааҧсыра зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Ҳара 11ҩык ҳфырхацәа рыҧсыбаҩқәа рҭаацәа ирызҳархынҳәит, даҽазнык срыдашшылар сҭахуп", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә министр иаппарати Аџьар Ҟаҧшь жәларбжьаратәи комитети рзеиҧш ҽазышәарала, импыҵахалоу Аҧснынтә ииаргеит 1990-тәи ашықәсқәа рзы Аҧснытәи аибашьраан иҭахаз 3ҩык атәылауаҩратә хаҿқәа - Гьаргь Џьохаӡеи, Оҭар Ҭуҭисании, Иури Маҷарашвилии, иара убас, ааҩык ақәҧаҩцәа - Оҭар Гагуеи, Реваз Кварацхелиеи, Вахтанг Хоџьанашвиилии, Биӡина Ушхвании, Борис Берулавеи, Спиридон (Фридон) Ҭирқьиеи, Хвича Деканосиӡеи рыҧсыбаҩқәа.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура