Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр инапхгарала, аиҳабыра радминситрациаҿы Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган Print Version

2022-12-10

Қырҭтәыла аҧыза-министр инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган.

Ахелак алахәылацәа Қырҭтәыла иалаҵоу ишиашо атәым инвестициақәа рҭаӡара арбага иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, 2022 шықәса ахҧатәи аквартал азы Қырҭтәыла иалаҵан 745,3 миллион адоллар ишиашоу атәым инвестициа, ари арбага 2021 шықәса ахҧатәи аквартал арбага аасҭа ҩынтә еиҳауп.

Аилатәараҿы иазааҭгылеит атәылаҿы имҩаҧысуа аинфраструктуратә проект дуқәа, урҭ рыбжьара, абаҕәазақәеи, аҳаирбаҕәазақәеи, алогистикатә инфраструктуреи арҿиара иазку апроектқәагьы.

Иара убас, ахеилак алахәылацәа, атәылаҿы имҩаҧысуагьы зымҩаҧгара ргәы иҭоугьы аенергетикатә проектқәеи, атәыла аенергохьыҧшымра аизырҳаразы зылҵәшәара дуу, аҧсабарахьчаратә технологиақәа рыла еиқәыршәоу аҧхаратә афымцатә станциақәа рыргылара азҵаареи иалацәажәеит.

Убри адагьы, ахеилак алахәылацәа, атуризм аусхкы аҿы имҩаҧысуа апроцессқәа ирылацәажәеит. Хшыҩзышьҭра рызун аӡынтәи атуристтә сезон азы иашьашәалоу аинфраструктура аиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәа. Аҧыза-министр аӡынтәи акурортқәа рҿы имҩаҧыргараны иҟоу аинфраструктуратә проектқәа дырзааҭгылан, ишазгәеиҭаз ала, Гудаури ашахамҩа ҿыц дыргылараны иҟоуп, сааҭкала уи рхы иадырхәар рылшоит 1800ҩык апассаџьырцәа, ашахамҩа ҿыц 2800 метр аура амазаауеит. Иара убас, аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Гудаури ашәаҩатә 2 трассак иҧсабаратәым асы рықәырҵоит, уи абзоурала, аҧсшьацәа аҧсшьара иаҳа ирзыманшәалахоит.

Ахеилак алахәылацәа Аҷара ацитрусқәа рҽаҩра аҭагалара апроцесс шымҩаҧысуа иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, сынтәа, 45 тоннанӡа ацитрусқәа рҽаҩра иазыҧшуп. Асезон аан аекспорттә мандаринқәа рыдыркылоит 20 инареиҳаны адкыларатәи аус адуларатәи апунктқәа, астандарт иашьашәалам амандаринқәа зегьы рыдыркылоит Қобулеҭтәи аконсервтә зауадаҿы.

Иахьазы аекспорт ахь идәықәырҵахьеит 4500 тонна аҟара амандаринқәа, убри адагьы, зыӡбахәы ҳәоу азауадаҿ ирыдыркылахьеит 200 тонна истандартым ацитрусқәа.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура