Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили - Хымҧадатәи арратә маҵзура ииасуеит Атәылахьчара аминистрра асистемашҟа, алҵшәа зхылҵша асистема ҿыц аҧҵахоит, апрограмма фымз еиҵамкәа инагӡахоит, ари апроект иазоуҳашьҭуеит 80 миллион лари еиҳаны, уи амч аиуеит 2025 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны Print Version

2022-12-12

Хымҧадатәи арратә маҵзура ииасуеит Атәылахьчара аминистрра асистемашҟа, алҵшәа зхылҵша асистема ҿыц аҧҵахоит, апрограмма фымз еиҵамкәа инагӡахоит, ари апроект иазоуҳашьҭуеит 80 миллион лари еиҳаны, уи амч аиуеит 2025 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, атәылахьчара азакәанҧҵара дырҿыцуеит, Атәылахьчара аминистрраҿы крызҵазкәа ареформақәа иалагоит.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиаз ала, атәылахьчара азакәанҧҵара аус адырулоижьҭеи акрыҵуеит, атәым ҳәынҭқаррақәа рҧышәеи уаҟа аларҵәара змоу апрактикеи шьаҭанкыла иҭырҵааит.

„Ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәа иреиу зҵаарак сазааҭгылар сҭахуп. Иахьа аиҳабыра реилатәараҿы атәылахьчара азакәанҧҵара ҳахәаҧшуеит, ҳаҭыр зқәу Џьумбер зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект ҳазцәыригеит. Ари азҵаара сара заҵәы сакәымкәа, ҳазынтәгьы ҳаргәамҵуеит, избанзар, уи игыло абиҧара рҧеиҧш иадҳәалоуп, ҳҿар рааӡареи апатриотизм рылааӡареи, рмилаҭтә доуҳа ашьҭыхреи, иацҵаны амотивациа рыҭареи иадҳәалоуп. Ари азакәанеидкыла ҵакыс иамоу иааркьаҿны ишәасҳәар сҭахуп. Аус адааулоижьҭеи акрыҵуеит. Атәым ҳәынҭқаррақәа рҧышәеи уаҟа аларҵәара змоу апрактикеи ҭаҳҵааит. Зыӡбахәы ҳәоу азакәанҧҵара ҳарҿыцуеит, иҵабыргны, Атәылахьчара аминистрра асистемаҿы крызҵазкәа ареформақәа иалагоит. Раҧхьа иргыланы, иазгәасҭар сҭахуп - хымҧадатәи арратә маҵзура асистема ҳаиҭахәаҧшит, араҟа аиҭакрақәа ҟалеит, атәылауаа зегьы хымҧадатәи арратә маҵзура иахысуеит Атәылахьчара асистема мацараҿ. Ишыжәдыруа ала, ҧаса ари асистема усҟак иманшәаламызт, иахәҭоу алҵшәа ахылҵуамызт. Имҩаҧгаз анализ ишаҳнарбаз ала, ари амаҵзура ҳара иаҳҭахыз алҵшәа ҳнаҭомызт. Убри аҟынтә, ашәарҭадара асистема иаҵанакәа аминистррақәа зегьы рнапхгаҩцәа ари азҵааразы срацәажәеит, ҳаидтәаланы анализ ҟаҳҵан, хымҧадатәи арратә маҵзура асистема ишеибгоу Атәылахьчара аминистррашҟа аиагаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Иара убас, ишысҳәаз еиҧш, иацҵаны иаҧаҳҵоит алҵшәа зхылҵша асистема ҿыц, 6-мзатәи, 8-мзатәи, 11-мзатәи апрограмма еиҿаҳкаауеит, доусы иара иалихуа акариера инақәыршәаны. Аха, уи фымз еиҵхом. Атеориатә аҵара ҟалом, аҿар аинтенсивтә ақәҧаратә арратә азыҟаҵарақәа ирхысуеит. Ари апрограмма иахысыз ауаҩҧсы хымҧадатәи арратә маҵзура дахысит ҳәа иҧхьаӡахоит, иара асолдаҭ ихьӡ ианашьазаауеит. Убри адагьы, ахадаратә хықәкқәа иреиуп арезерв ҕәҕәа аиқәыршәара. Иара убас, арратә маҵзурахьы ааҧхьара мҩаҧгахоит арегионалтә министрраҿ акәымкәа, атәылахьчаратә маҵзураҿы, ҳара уигьы ҳалацәажәеит. Ари апроцесс ажьырныҳәа инаркны иалагоит, аха амч наӡа аиуеит 2025 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны. Уаанӡа аминистрраҿы аҭагылазаашьақәа зегьы еиқәыршәатәуп, апрограммазы ибзианы ҳҽазыҟаҳҵароуп. Иара убас, арегионқәа рҿы атәылахьчара ацентрқәа ҳаргылар ҳҭахуп, ҳҿар аҭыҧаҿыҵәҟьа аинформациа наӡа аиуреи комфортла арегистрациа ахысреи рылшарц азыҳәан. 2025 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны ари апроект 80 миллион лари азоуҳашьҭуеит. Ари атема ҳалацәажәахьеит, иаҭаху аҧара еизаагоит", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы „Гирчи" алахәылацәа ирхәыцыз апрограмма дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, уи аҿар ашьара иқәнарҟьон, даҽа альтернативак рыднагалон.

„Атәылаҿы абри азҵаара иазымәхыцуа, изыргәамҵуа патриотк дыҟоуп ҳәа сыҟам. Уи ҧырхага злоу, „Гирчи" ирхәыцыз, игмыгу, антимилаҭтә, антиҳәынҭқарратә программоуп, аҿар ашьара иқәнарҟьон, зынӡаскгьы даҽа альтернативак рыднагалон. Арелигиатә маҵзуроушәа, акы иалацәажәон, уи алҵшәа шахылымҵуаз аадыруан, Аиаша шәасҳәап, абас Анцәа ирџьара, абри аҩыза агмыгра зымбацт. Уи иахәҭоу ақәҿыҭра аҳамҭар ҟалом, ари азҵаара аҭыҧқәҵара иаҳуалын, си егьыҟаҳҵеит, ишыҟаҳҵазгьы шәасҳәоит, - иҳәеит аҧыза-министр.

Иара иажәақәа рыла, азакәанҧҵратә агхақәа зегьы дыриашоит, уи абзоурала, анамысдаратә имцырку арелигиатә аиҿкаарақәа уаҳа изыҟалом.

„Азакәанҧҵаратә агхақәа зегьы ҳариашоит. Зураб Џьаҧариӡе изы ҳаҭыр дууп аиҳабыра реилатәараҿы илацәажәара, аха, уезгьы, исҳәар сҭахуп, иара ҳтәыла аҿар, игыло абиҧара ҧырхага ду рзааигеит. Убри аҟынтә, абри агха ҳариашоит, уи абзоурала, анамысдаратә имцырку арелигиатә аиҿкаарақәа уаҳа изыҟалом. Апатриархиаҿ ари азҵаара ҳалацәажәахьеит, иашьашәалоу аҧсахра инақәыршәаны, ари азҵаара ахы инаркны аҵыхәанӡа иҳаӡбоит. Абарҭ аҧырхагаҩцәа ҳҿар ииашам амҩа ианырҵаратәы алшара раҳҭом. Ауаа иаартны ирарҳәон аконституциатә аҧхықәра хада нарымгӡарц. Утәылазы уи еиҳау ҧырхага иҟоума? Жәакала иуҳәозар, ари азҵаара аҭыҧ иқәҵоуп,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Иара убас, аҧыза-министр ишиҳәаз ала, 23 шықәсанӡа зхыҵуа астудентцәа дара аҵара ахьынӡарҵо арратә азыҟаҵара ахысра рҭаххар, 4 шықәса рыҩныҵҟа ари апрограмма рхы иадырхәар рылшоит. Дара шықәсык аҩныҵҟала мызкы, арратә базаҿы, иашьашәалоу арратә азыҟаҵара апрограмма иахысуеит.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, апрограмма амч анаиулак ашьҭахь, ҧшьышықәса анҵлак, Атәылахьчара аминистрра шықәсыкала 10 000-ҩык аҿар разыҟаҵара алшоит, апрограмма амч наӡа анаиулак ашьҭахь, 10 шықәса рыла атәыла аиуеит 100 000-ҩык рыла еиқәыршәоу арезерв.

„Астудентцәа иаҳа ирзыманшәалоу асистема рыдаагалароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аминистрра иацәыуадаҩхоит изҭаху ауааҧсыра зегьы, арратә амаҵзурахьы ааҧхьара зауа аҿар зегьы аамҭакала разыҟаҵара, астудентцәа иаҳа ирзыманшәалоу асистема рыдаагалароуп ҳәа сгәы иаанагоит. 23 шықәсанӡа зхыҵуа астудентцәа дара аҵара ахьынӡарҵо арратә азыҟаҵара ахысра рҭаххар, 4 шықәса рыҩныҵҟа ари апрограмма рхы иадырхәар рылшоит. Дара шықәсык аҩныҵҟала мызкы, арратә базаҿы, иашьашәалоу арратә азыҟаҵара апрограмма иахысуеит. Ҽакала иаҳҳәозар, апрограмма ҧшьышықәса инагӡахоит, есышықәса мызкы арратә базаҿы аинтенсивтә арратә азыҟаҵарақәа ирхысуеит, ҧшьышықәса рышьҭахь дара ихымҧадоу арратә маҵзура иахысит ҳәа иҧхьаӡахоит, арезервтә асолдаҭ ихьӡ ианашьазаауеит, уи зҵакы дуу, ирзыманшәалоу аӡбара бзиоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Инеизакны иуҳәозар, ҧшьышықәса рышьҭахь, ҳара шықәсыкала 10 000-ҩык раҟара иазыҟаҳҵоит. Урҭ рыбжа астудентцәа ракәхоит, егьырҭ - арратә маҵзурахьы ааҧхьара зауз аҿар ракәхоит, даргьы аинтенсивтә арратә программақәа ирхысуеит. Ари аӡбара аҵакы ду амоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ганкахьала, ҧаса иҟаз агыгмыгра ҳариашеит, егьы аганахьала - ари апрограмма алҵшәа бзиа ахылҵуеит, арратә маҵзура аӡыргара иацхраауеит, ҳҿар рыгәҭа апатриотизми арратә доуҳеи ашьҭыхра иацхраауеит, даҽа гәырҵҟәылк роуеит, адисциплина иашьцылоит, арратә дисциплина иашьцылоит, ареформа бзиа мҩаҧаагоит ҳәа сгәы иаанагоит. Насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, 10 шықәса рышьҭахь, ари апрограмма амч наӡа анаиулак, атәыла аиуеит 100 000-ҩык рыла еиқәыршәоу арезерв, арратә, ақәҧаратә азыҟаҵара змоу ҳҿар, ҳтәылауаа",- иҳәеит аҧыза-министр.

Атәылахьчара азакәанеидкыла ҿыц даналацәажәоз Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, аҳәынҭқарра аҧхықәрақәа ируакхоит арратә маҵзуҩцәа рзы анхарҭақәа рыргылара, ахәрақәа зауа арратә маҵзуҩцәа 7000 лари ацынхәрас, - 20 000 лари ацхыраара роуеит, амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡараан иҭахаз арратә маҵзуҩцәа рҭаацәара, зныктәи ацхыраара ҳасабала 30 000 лари роуеит.

Иракли Ҕарибашвили иажәақәа рыла, Биӡина Иванишвили аҧыза-министрс даныҟаз, атәыла аҵакырадгьылтә акзаареи, ахақәиҭреи, ахьыҧшымреи зхы ақәызҵаз арратә маҵзуҩцәа рҭаацәарақәа 100 000 лари акомпенсациа роуан, уи алагьы иубарҭоуп аҳәынҭқарра арратә маҵзуҩцәеи аполициа аусзуҩцәеи ишрызныҟәо.

„Зыӡбахәы ҳәоу азакәанеидкылаҿ арратә маҵзуҩцәа рзы асоциалтә гарантиақәа иазҧхьагәаҭан. Сара уаанӡагьы исҳәахьан анхарҭақәа рыргылара апроцесс нагӡатәуп ҳәа, аполициа аусзуҩцәагьы уи рыдкьыслароуп, араагьы ари азҵаара ӡбатәуп. Азакәанеидкыла ианаҳҵоит аҳәынҭқарра анхарҭақәа рыргылара ишауалу. Уи аминистр бзиак иҭаххара акәӡам изхьыҧшызаауа, уи аҳәынҭқарра аҧхықәразароуп, ес-хышықәса ҳарратә маҵзуҩцәа рзы анхарҭақәа ҳаргылароуп. Аполициа аусзуҩцәагьы абри аҩызаҵәҟьа аҭагылазаашьақәа рзеиқәҳаршәар ҳҭахуп. Уи азгьы аҧхықәрагьы иҟазароуп. Арратә маҵзуҩцәа егьырҭ азинҷыдақәагьы рымазаауеит. Иаҳҳәап, ҧаса ахәрақәа зауз арратә маҵзуҩцәа зныктәи ацхыраара ҳасабала ироуаз 7000 лари ацынхәрас, ҳаҧхьаҟа 20 000 лари ацхыраара роуеит. Анцәа иумҳәан, аха, арратә маҵзуҩык амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡараан дҭахар, иҭаацәара зныктәи ацхыраара ҳасабала 30 000 лари роуеит. Атәыла аҵакырадгьылтә акзаареи, ахақәиҭреи, ахьыҧшымреи зхы ақәызҵаз арратә маҵзуҩцәа рҭаацәарақәа 100 000 лари акомпенсациа роуеит, Биӡина Иванишвили иоуп аҧыза-министр даныҟаз ари аӡбара здызкылаз. Ари азҵаара аполициа аусзуҩцәагьы ирыдкьыслоит. Ҳара абасоуп амчтә структурақәа, ҳфырхацәа, ҳгәы зыздуу ҳарратә маҵзуҩцәеи ҳполициа аусзуҩцәеи ҳашрызныҟәо",- иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура