Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аиҳабыра рнапхгаҩы Австриа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Беқа Двали диҧылеит Print Version

2022-12-09

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Австриа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Беқа Двали диҧылеит.

Иракли Ҕарибашвили адипломат амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

Аиҧылара алахәылацәа Қырҭтәылеи Австриеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа рҿы иҟоу адинамика бзиа ахьчара аҵакы иалацәажәеит, ари аганахьала ҷыдала иалкаан аполитикатәи, аекономикатәи, ақыҭанхамҩатәи, атуристтәи, аҵаратәи уҳәа убас егьырҭгьы аусхкқәа. Хшыҩзышьҭра рызун наҟ-наҟ аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәеи, иара убас, аганрацәалатәии арегионалтәии усеицура аформатқәеи.

Беқа Двали занааҭла дзиндырҩуп, Нидерланды Маастрихтәи аҳратә университетаҿ аиҿырҧшратәи европатәии зин амагистр истатус ианашьоуп. Адипломатиатә усура аганахьала аҧышәа ду имоуп, 2012 шықәса инаркны Аладатәи Африкатә республикаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан. Дҭаацәароуп, ахылҵ димоуп.

Иахьа уажәраанӡа Австриатәи ареспубликаҿ Қырҭтәыла ацаражәҳәаҩс дыҟан Гьаргь Долиӡе.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура