Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили – Иҭахаз ақәҧаҩцәа рҭаацәарақәеи руацәеи срыдашшылар сҭахуп. Украина иҭахеит 33-ҩык ҳтәылауаа, ҳәарада ҳара ҳзы уи арыцҳара дууп Print Version

2022-12-05

Мшыбзиақәа, зҵаарақәак ирыдҳәаланы аҳәамҭақәа ҟасҵар сҭахуп. Раҧхьа иргыланы, иҭахаз ақәҧаҩцәа рҭаацәарақәеи руацәеи срыдашшылар сҭахуп. Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп ҳара арыцҳара ду ҳшақәшәаз. Гәаартыла исҳәар сҭахуп, ацәыӡ ду ҳауит. Украина имҩаҧысуа аибашьраҿы 33-ҩык ҳтәылауаа ҭахеит, уи рыцҳароуп. Рҭаацәарақәеи руацәеи срыдашшылоит, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла, уаанӡатәи афактқәа раан, аиҳабырагьы аҭыҧаҿ иҟоу ацҳаражәҳәарҭагьы иҭахаз ақәҧаҩцәа зегьы рыҧсыбаҩқәа риагара апроцесс активла иалахәын.

Даҽазнык рҭаацәарақәа срыдашшылоит. Иара убас, ажәлар иргәаласыршәар сҭахуп ари апроцессаҿ атәыла анапхгара инарыгӡо ароль. Аиҳабыра рыӡбарала, аҭаацәарақәа рҟны еиқәшаҳаҭрала, аиҳабыра иҭахаз рыҧсыбаҩқәа аҧсадгьылахь раагара апроцесс иалахәын. Ацҳаражәҳәарҭа ишиашо ари апроцесс иалахәын. Сара уаанӡатәи афактқәа роуп сызлацәажәо. Ахарџьқәа зегьы аҳәынҭқарра ихнаҩоит, избанзар иҭахаз реиҳара ҧасатәи аполициа аусзуҩцәа, аофицарцәа, уҳәа, арратә маҵзуҩцәа ракәын. 2008 шықәсатәи нанҳәатәи аибашьра, Аҧсни Самачаблои иҟалаз аибашьрақәа уҳәа, арҭ ақәҧаҩцәа ҳтәылаҿ иҟаз аибашьрақәа зегьы ирылахәын. Абарҭ афактқәа зегьы ҳаҭырла иазгәаҭан, дара анышә иамадан арратә ҳаҭырла. Руацәа даҽазнык срыдашшылар сҭахуп», - иҳәеит Ҕарибашвили.

Ауаҩы аибашьраҿ дҭахеит, намыс змам аполитикцәа, ачарҳәаҩцәа, абри арыцҳара рполитикатә хықәкқәа рзы рхы иадырхәар рҭахуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, Украина аибашьра ианалага инаркны арҭ ауаа иааҟәымҵӡакәа провокациақәак реиҿкаара рҽазыркуеит.

„Абри арыцҳара, ахьаа ду зцу азҵаара иадҳәаланы аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аилаҩеиласра шыҟоу аабоит. Ауаҩы аибашьраҿ дҭахеит, намыс змам аполитикцәа, ачарҳәаҩцәа, абри арыцҳара рполитикатә хықәкқәа рзы рхы иадырхәар рҭахуп. Убри еицәоу анамысдара зымбацт. Шәызынтәгьы ишәгәаласыршәар сҭахуп - абарҭ ауаа, аибашьра апартиа, ачарҳәаҩцәоуп, избанзар, Украина аибашьра ианалагаҵәҟьа инаркны, дара иааҟәымҵӡакәа апровокациақәа реиҿкаара рҽазыркуеит. Дара роуп, аибашьра апартиа ахаҭарнакцәа роуп Украинаҟа аибашьрашҟа ҳтәылауаа рдәықәҵара еиҿызкаауа, ҳара иакымкәа рпровокациақәа раҧыхра ҳалшеит. Нанҳәатәи еибашьрааан рлидери рнапхгареи рхы шымҩаҧыргаз шәгәалашәоит. Ҳаруаа фырхацәа рыҧсыбаҩқәа аибашьратә ашҭаҿ иаанрыжьит. Арҭ ауаа намыс рымазар, иахьа излацәажәо закәызеи, игәаҕьны аруаа иҧшарылацәажәо.

Ҳара ибзиаӡаны иаадыруеит дара ҳфырхацәа рыҧсыбаҩқәа ааныжьны, рхаҭа ишыбналаз. Ареиҳаӡоу ар рҧыза иакәын усҟан зегьы раасҭа ҳмилаҭ зырҧхашьаз, адгьыл дықәжьын, насгьы, атәылахьчара аминистр, иара зынӡаскгьы дыбналаны дцеит. Ажәлар зегьы абарҭ акадрқәа рбеит. Иахьа иқәгыланы, зегьы раасҭа ахьаа зцу азҵаарақәа ирыдҳәаланы ауаа ржьоит. Шәызынтәгьы даҽазнык ишәасҳәар сҭахуп аиҳабыра иаҭаху зегьы шыҟарҵо. Иҭахаз ақәҧаҩцәа, ҳаҷқәынцәа рыцҳацәа - ҳтәылауаа ракәын, даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп арыцҳара ду ҳшақәшәаз. Аиҳабыра раҧхьатәи амш инаркны ари апроцесс иалахәын, ацҳаражәҳәарҭақәагьы ари апроцесс иалахәын. Аҧсцәа рииагара аума, арратә ҳаҭырла анышә рамадараа аума, иҳалшоз зегьы ҟаҳҵеит, иҭахаз аҷкәынцәа рҭаацәарақәа иҳалшо ала ҳрыцхраауеит, абри зегьы ҭынч, ахӡыргарада иҟаҳҵоит. Ахҭысқәа зегьы рыла апиар аҟаҵареи, акгьы иаҧсам апопулизми уҧсы ҧнажәоит. Уи ақырҭуаа рзы иҟазшьарбагам. Адашшылара аума, ҽакала адгылара ма ацхыраара аума, ақырҭуаа еснагь абри зегьы ишақәнагоу еиҧш, ҳаҭырла иҟарҵон. Аполитикцәа иҟарҵо зегьы намысдароуп, гьангьашроуп, уаҳа акымзракгьы", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аадыртыр рҭахын, аха, ҳара, хшыҩкрала имҩаҧаагаз аполитика иаша абзоурала, уи ҳацәцеит, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, иахьа аоппозициа ахаҭарнакцәа атәыла анапхгараҿы иҟазҭгьы, Қырҭтәыла аполигонс иҟарҵон.

„Ҳуааҧсыра даҽазнык ирасҳәар сҭахуп, дара Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аадыртыр рҭахын, аха, ҳара, хшыҩкрала имҩаҧаагаз аполитика иаша абзоурала, уи ҳацәцеит. Иахьа аоппозициа ахаҭарнакцәа атәыла анапхгараҿы иҟазҭгьы, аибашьра аҽалагалареи аҩбатәи афронт аартреи рҽазыркуан, дара Қырҭтәыла аполигонс иҟарҵон. Ус шыҟарҵоз аӡәыр гәҩарас имоума?! Рхатә ҭаххарала, дара рыӡбарала, ҳтәыла 20% ҳаҕа ирҭеит, Қәыдрытәи аҧсҭҳәа, шәкыла ақыҭақәа, абарҭ аибашьрақәеи хшыҩдарада иҟарҵаз ашьаҿақәеи ирылаӡит шәҩыла ҳфырхацәа",- иҳәеит аҧыза-министр.

Аҩызцәа, Украина аҭагылазаашьа даараӡа ицәгьоуп, иахьа адунеиаҿгьы Европагьы аҭагылазаашьа цәгьоуп. Зегьы иргәаласыршәар сҭахуп, Америка ахада индыркны европатәи аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа рҟнынӡа, рызынтәгьы руааҧсыра рахь ааҧхьара ҟарҵоит Украина имҩаҧысуа аибашьра рҽаларымгаларц, даҽа формак ала адгылара аадырҧшырц. Ҳара, аҭакҧхықәра зду аиҳабыра раҳасабала, жәаҳәарада ҳтәылауаҩ цыҧхьаӡа иеиҷаҳара иаҳуалуп, аха, ҳтәылеи ҳтәылауааи изакәызаалак проблемак рызцәырымҵырц азыҳәан, иҟаҳҵо ашьаҿа цыҧхьаӡа цқьа ҳазхәыцны, уи иахылҵыр зылшо аҵшәақәа цқьа ҳрызхәыцны иҟаҳҵароуп. Раҧхьа иргыланы, атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ахьчара иаҳуалуп, избанзар абри ауп ҳмышхәыбзазара зхьыҧшу. Аҩызцәа, ҳтәыла ахьыҧшымра анеиҭашьақәгыла инаркны хынтә ҳаибашьхьеит. Иазхоуп. Ҳара аибашьра акәымкәа, аҭынчмҩала ҳтәыла аидҵароуп иаҳҭаху, абри ауп хшыҩкрала амилаҭтә политика амҩаҧгара иаанаго.


Аҧыза-министр - „Феисбуқаҿ" активра ду аазырҧшуа, ифырхаҵоушәа зхы аазырҧшуа, игәаҕьны еиуеиҧшым апостқәа зыҩуа, ицаны еибашьааит, Украина имҩаҧысуа аибашьра рхы аладырхәыр рҭахызар, Киев ицаны „селфи" ишҭырхуа еиҧш акәымкәа, афронташҟа ицаны еибашьааит.

Абарҭ апопулистцәа, агьангьашцәа даҽазнык сразҵаар сҭахуп, аибашьраҿ иҭахаз аполитик дыжәдыруазар? Иааҟәымҵӡакәа ацәажәара иаҿу, „Феисбуқаҿ" активра ду аазырҧшуа, ифырхаҵоушәа зхы аазырҧшуа, игәаҕьны еиуеиҧшым апостқәа зыҩуа, ицаны еибашьааит, Украина имҩаҧысуа аибашьра рхы аладырхәыр рҭахызар, Киев ицаны „селфи" ишҭырхуа еиҧш акәымкәа, афронташҟа ицаны еибашьааит, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Иара ишиҳәаз ала, ажәлар ҟәышуп, ауаа ибзиаӡаны ирбоит аполитикцәа ауаа изықәшәаз арыцҳара адивидентқәа раиуразы рхы ишадырхәо.

„Еиҭасҳәар сҭахуп... Ажәлар зегьы ибзиаӡаны ирдыруеит, ажәлар ҟәышуп,аполитикцәа ауаа изықәшәаз арыцҳара адивидентқәа раиуразы рхы ишадырхәо ибзиаӡаны ирбоит. Убри аҟынтә, ауааҧсыра ирдыруазар сҭахуп, уи намысдароуп, агьангьашроуп, ҳтәыла амилаҭтә интересқәеи урҭ рыхьчареи изакәызаалак ак ала иадҳәалам. Аибашьра апартиа ахаҭарнакцәеи ирыдгыло Жәлар рыхьчаҩ Ломџьариеи иҟарҵоз аҳәамҭақәа ҳгәалашәоит, Қырҭтәыла, Қарҭ абомбақәа каҳауазар еиҕьаҳшьоит ҳәа рҳәон. Иқәгыланы абри аҩыза аҳәамҭақәа ҟарҵон. Дара рҟынтә уи иџьоушьратәы иҟоума?! Арҭ ауаа ҳтәылаҿ аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, мышхәыбзазареи ахьыҟоу ргәаҧхоит ҳәа шәгәы иаанагома? Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа ҳгәаҧхом, абри зегьы ҳгәы ҧнажәоит, уи еилкаауп. Аха, НАТО иалоу аҳәынҭқаррақәа, Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа рхы шымҩаҧырго шәахәаҧш. Ҳҳәынҭқарра хәҭак иахьагьы импыҵахалоуп, убри аҟынтә, ҳара иаҳҳәо ажәа цыҧхьаӡа, иҟаҳҵо ашьаҿа цыҧхьаӡа цқьа ҳазхәыцроуп, ҳара уи ибзиӡаны еилаҳкаауеит. Убри аҟынтә, дара иаҳиааир ҟалом. Дара ҳтәыла иазыруз азы есымша, уахгьы-ҽынгьы ҳажәлар рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭарҵалароуп. Уажәы ҳара атәыла анапхгараҭара алшара ҳарҭааит."- иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура