Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили – Ажьырныҳәа - жьҭаразы атәылаҿы 10% аекономикатә азҳара иҟан, еиҭасҳәар сҭахуп, ахҧатәи аквартал азы абизнессектор аикәшара азҳаит 17%-ла, 47 миллиард лари аҟынӡа ишьҭыҵит. Уи ҳполитика иаша иабзоуроуп Print Version

2022-12-05

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы ишиҳәаз ала, ахҧатәи аквартал азы абизнессектор аҿы аусуратә ҭыҧқәа рхыҧхьаӡара азҳаит 45 000 ҭыҧ рыла, зынӡа ари асектор аҿы аус руеит 723 000-ҩык ауааҧсыра, уи арекордтә арбагоуп.

„Уажәы даҽа зҵаарақәак рахь сиасыр сҭахуп. Раҧхьа иргыланы, иазгәасҭар сҭахуп мышқәак раҧхьа Сақстат аҵыхәтәантәи адыррақәа шцәыргаз. Ажьырныҳәа - жьҭаразы атәылаҿы 10% аекономикатә азҳара иҟан, еиҭасҳәар сҭахуп, ахҧатәи аквартал азы абизнессектор аикәшара азҳаит 17%-ла, 47 миллиард лари аҟынӡа ишьҭыҵит. Уи ҳполитика иаша иабзоуроуп.

Абизнес ахаҭарнакцәа рахь даҽазнык ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп. Дара зегьы иреиҕьны ирдыруеит, - атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи иҟамзҭгьы, абизнес аикәшара азҳара, ауаа аусурҭала реиқәыршәара, аусуратә ҭыҧ ҿыцқәа раҧҵара уҳәа, акымзаракгьы ҟаломызт. Атәыла полигонс иҟарҵон. Убри адагьы, ишыжәдыруа ала, аусуратә ҭыҧқәа рхыҧхьаӡара ацлеит, арекордттә арбаганӡа ишьҭыҵит. Ахҧатәи аквартал азы абизнессектор аҿы аусуратә ҭыҧқәа рхыҧхьаӡара азҳаит 45 000 ҭыҧ рыла, зынӡа ари асектораҿы аус руеит 723 000-ҩык ауааҧсыра, уи арекордтә арбагоуп, апандемианӡатәи арбага аасҭа акырӡа еиҳауп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, уажәшьҭа абанкқәеи афинанстә сектори ахашәалазы ашәахтә естониатәи амодель ашҟа ииасуам. Дара ахашәалазы ашәахтә уажәтәи асистема рхы иадырхәоит, 15% ацынхәрас, 20% ршәоит.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, ашықәс анҵәамҭазы абанкқәа рхашәала цқьа 2 миллиард лари иаҟарахоит, уи ииашам.
Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аӡбара абзоурала, аиҳабыра 2024 шықәса инаркны иацҵаны ахашәала аиура иақәгәыҕуеит.

„Иааркьаҿны ишәасҳәар сҭахуп Аекономикатә хеилак аформатаҿ ҳара ари азҵаара ҳшалацәажәаз, акрызҵазкәа аӡбарақәа ҳадаҳкылеит, атәыла ауааҧсыреи, абизнессектори абанктә сектори арҭ аӡбарақәа идсырдырыр сҭахуп. Раҧхьа иргыланы, афинанстә сектор иазку аӡбарақәа сырзааҭгылар сҭахуп - абанкқәеи афинанстә сектори ахашәалазы ашәахтә естониатәи амодель ашҟа ииасуам. Дара ахашәалазы ашәахтә уажәтәи асистема рзаанхоит, естониатәи амодель иазку анҵамҭа иаҧыххоит. Абри аинициатива апарламентаҿ ицәыраагоит, избанзар, абанкқәа ахашәала ду рымоуп, ашықәс анҵәамҭазы 2 миллиард лари ахашәала цқьа рзаанхоит, уи ииашам. Убри адагьы, ҳара ҳинициативала, ҳаӡбарала, ҳәарада ари азҵаара иадҳәаланы апарламент ҳадҵаалоит. Абанқәа 15% ацынхәрас, 20% ашәахтә ршәоит, 2024 шықәса инаркны иацҵаны ахашәала ҳазыҧшуп. Абанкқәа ахашәалазы ашәахтә ршәоит афинанстә хыҧхьаӡара жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәаланы, ҧаса ус акәӡамызт ишыҟаз. Ҳәарада, ҳара аекономикатә азҳараҿы абанкқәа инарыгӡо ароль ду ахә ҳшьоит. Аҿиара ду змоу абанктә система ҳамоуп, уи аҵакы ду амоуп, 2 банкк Лондонтәи афондтә биржа иалахәып, ҳәарада, ҳара наҟ-наҟгьы арҭ абанкқәа ҳрыцхраауеит. Ҳара азакәанҧҵараҿы иҟаҳҵаз аиҭакрақәа усҟак идуум",- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Иара убас, аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, ақыҭанхамҩа знапы алаку ауааҧсыреи ақыҭанхамҩатә кооперативқәеи рзы ашәахтә зинҷыдақәа иҵегьы хышықәса инагӡахоит, 2026 шықәсанӡа.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, аиҳабыра реилатәараҿы иахәаҧшуеит апенитенциартә закәанеидкыла - „Ҳәарада, ҳара ари азакәанеидкыла ҳадгылоит, апарламентгьы ари аинициатива иадгылап ҳәа сгәыҕуеит, избанзар уаҟа имаҷымкәа азинҷыдақәа ҳәаақәҵоуп. Иахьа аиҳабыра реилатәараҿы зҵакы дуу 2 закәанеидкылак ҳрыхәаҧшуеит. Актәи - апенитенциартә закәанеидкылоуп, ҳаҭыр зқәу Рати ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр ауааҧсыра иргәалаиршәеит 2012 шықәсанӡа апенитенциартә системаҿы иҟаз апроблемақәеи иахьа еиқәыршәоу аҭагылазаашьақәеи.

„Абраагьы, иааркьаҿны срыхцәажәар сҭахуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы апенитенциартә системаҿы имҩаҧгаз ареформақәа. Ибзианы ишәгәалашәоит ҳара амчра анаҳга ари асистема зеиҧшраз. Ари асистемаҿы апроблемақәа ҷыдала ирацәан - ауаа рыргәаҟра, ауаҩшьра, ауаа рцәаҧҽра уҳәа, акаамеҭ иҟан - убри ашьҭахь, 2012 шықәса анеҩс, ҳара ари асистемаҿы шьаҭанкылатәи аиҭакрақәа мҩаҧаагеит. Уажәтәи асистема ауаҩҧсы игәабзиара ахьчарашҟа ахы рхоуп. Иаҳҳәап, 10 шықәса раҧхьа абаандаҩцәа ауада хәыҷык аҿы иҭакын, 20 акв. метр аҵакыра змаз акамераҿы 25-30-ҩык абаандаҩцәа иҭакын. Уигьы ауаҩы иргәаҟра еиҧшуп, уи иацлон аҩныҵҟа иҟалалоз арыцҳарақәа, - ауаа рыргәаҟра, рыпҟара, рцәаҧҽра, ауаҩшьра уҳәа, убас егьырҭгьы,"- иҳәеит аҧыза-министр.
Иара иажәақәа рыла, азакәанеидкыла ҿыц ала иазҧхьагәаҭоуп имаҷымкәа азинҷыдақәа, урҭ рыбжьара, апенитенциартә маҵзура аусзуҩцәа рзгьы.

„Иахьа абаандаҩцәа еиҧҟьарада абҩарҵәыреи, аспорттә фестивальқәа рҽалархәреи рылшоит, иаҳҳәап, ҳаҭыр зқәу Рати иинициативала, анахарала, арыцхәтә платформа ахархәарала иреиҳаӡоу аҵара аиура рылшоит, абиблиотекақәа рзааҳартит, имаҷымкәа аусқәа ҟаҳҵеит, уаанӡагьы, ҳаҭыр зқәу Ҭеа лхаангьы, лара лаҧхьагьы, даӡәымкәа аминистрцәа имаҷымкәа абзиара ҟарҵеит, уажәы, анапхгара ҿыц аинициатива ҿыц цәырыргеит, ҳәарада, ҳара ари азакәанеидкыла ҳадгылоит, апарламентгьы иадгылап ҳәа сгәыҕуеит. Араҟа имаҷымкәа азинҷыдақәа ҳәаақәҵоуп, урҭ рыбжьара - апенитенциартә маҵзура аусзуҩцәа ирызку азинҷыдақәагьы. Иаҳҳәап, амаҵзуратә ахьӡ ҷыда зауа ауааҧсыра иаҳа ирацәахоит, аусзуҩцәа зегьы рмаҵзураҭыҧи рмаҵзуратә ахьӡи азы иазҧхьагәаҭоу ацҵатә инаваргыланы, амаҵзуратә ашықәсқәа инрықәыршәаны ацҵатә роуеит, ҳәарада дара рзы уи иаҵанакәа рацәоуп,"- иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, Аекономикеи иҭышәынәталоу аҿиареи рзы аминистрра ала ихиаалоу азакәанпроект инақәырәшаны, амшынуаа русура иаҳа ахә шьазаауеит, иаҳа иманшәалахоит.

Иара убас, амшынуаа рзгьы аинициатива бзиа ҳамоуп. Ари азакәанпроект ихиаалан ҳаҭыр зқәу Леван анапхгара ззиуа аминистррала. Аиҳабыра амшынуаа русура иадгылоит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳара дара рзы имаҷымкәа ареформақәа мҩаҧаагеит, уажәгьы, иахьатәи аинициативала, русура иаҳа ахә шьазаауеит, иаҳа ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзеиқәҳаршәоит, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла, амшынуаа Қырҭтәыла ироуз адокументқәа рхы иадырхәар рылшоит 73 амшынтә ҳәынҭқаррақәа рҿы, убри адагьы Евроеидгыла иалоу 20 ҳәынҭқарра Қырҭтәыла амшынуаа ироуа асертификатқәа иазхарҵоит.

„Иара убас, ишәгәаласыршәар сҭахуп амшынуаа Қырҭтәыла ироуз адокументқәа 73 амшынтә ҳәынҭқаррақәа рҿы рхы иадырхәар шрылшо, урҭ рыгәҭа Евроеидгыла иалоу 20 ҳәынҭқарра Қырҭтәыла амшынуаа ироуа асертификатқәеи адокументқәеи иазхарҵоит,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Иааркьаҿны ацитрустә сезонгьы сазааҭгылар сҭахуп, ҳаҭыр зқәу Оҭар Шамугиа Аҷара дыҟан, иара ихаҭа аҭыҧаҿы аҭагылазаашьа гәеиҭеит. Акоординациатә штаб еиҿкаауп. Иҳамоу адыррақәа рыла, сынтәа 45 000 тоннанӡа аҽаҩра ҳазыҧшуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, аекспорттә мандаринқәа рыдыркылоит 20 инареиҳаны адкылара-аус адуларатә наплакқәа, истандартым амандаринқәа асубсидиақәа рзоурышьҭуеит.

„Ацитрустә сезонгьы иааркьаҿны сазааҭгылар сҭахуп. Ҳаҭыр зқәу Оҭар Шамугиа Аҷара дыҟан, иара ихаҭа аҭыҧаҿы аҭагылазаашьа гәеиҭеит. Акоординациатә штаб еиҿкаауп. Иҳамоу адыррақәа рыла, сынтәа 45 000 тоннанӡа аҽаҩра ҳазыҧшуп. Аекспорттә мандаринқәа рыдыркылоит 20 инареиҳаны адкылара-аус адуларатә наплакқәа, истандартым амандаринқәа рзы ҳфермерцәа асубсидиақәа рзоуҳашьҭуеит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра реилатәараҿы аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, ,,Қырҭтәыла 300 раҟара аклиматтәи абальнеологиатәи курортқәа иҟоуп, урҭ реиҳара аус руам. 100 инареиҳаны акурортқәа рҭагылазаашьеи рырҿиара апотенциали ҭҵааны, аҭиразы иқәҳаргылоит".

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, аиҳабыра излауа ала ари апотенциал ахархәара хықәкыс ирымоуп.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, аиҳабыра ари аус азы абиуџьет иаларҵеит 200 миллион лари, ари аҧарала зегьы раасҭа ипопулиару акурортқәа реиҭашьақәыргылара иалагоит.

„Жәақәак шәасҳәар сҭахуп акурортқәа рырҿиара иадҳәаланы, ҳара ари аплан активла аус адааулоит. Ҳаҭыр зқәу Леван, ҳара хазы аӡыргара мҩаҧаагароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Абизнес ахаҭарнакцәа ааҳаҧхьароуп, ауаажәлар идҳарбароуп ари ахырхарҭала ҳгәы иҭоу. Иааркьаҿны ишәасҳәоит, ҳаӡбарала 100 инареиҳаны акурортқәа рҭагылазаашьеи рырҿиара апотенциали иҭҵаан. Зынӡа Қырҭтәыла 300 раҟара аклиматтәи абальнеологиатәи курортқәа иҟоуп, урҭ реиҳара аус руам. Ари апотенциал дууп. Ҳара излауа ала ари апотенциал ҳхы иаҳархәароуп. Хара имгакәа инарҭбаау аӡыргара мҩаҧаагоит. Абарҭ акурортқәа, абальнеологиатә курортқәагьы инрылаҵаны, аҭиразы ицәыраагароуп. Ари аус азы абиуџьет иалаҳҵеит 200 миллион лари, ари аҧарала зегьы раасҭа ипопулиару акурортқәа реиҭашьақәыргылара ҳалагоит - Борџьоми, Бакуриани, Ҟазбеги, Местиа, Ҵҟалтубо, Баҭым, Қәҭешь. Иара убас, Мцхеҭагьы, иара убас, Барисахо-Рошкии Манглиси-Сионии ахырхарҭалагьы аинтерес зҵоу апроектқәа рымҩаҧгара ҳгәы иҭоуп",- иҳәеит аҧыза-министр.

Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, Гудаури ашахамҩа ҿыц дыргылоит, уи сааҭкала 1800-ҩык апассаџьырцәа рымҩангара алшоит, 2800 метр аура амазаауеит.

„Гудаури ашахамҩа ҿыц аргылара ҳгәы иҭоуп. Уи сааҭкала 1800-ҩык апассаџьырцәа рымҩангара алшоит, 2800 метр аура амазаауеит. Иара убас, Гудаури ашәаҩатә 2 трассак иҧсабаратәым асы рықәаҳҵоит, уи абзоурала, асы анмаҷу аамҭазгьы ҳаҧсшьацәа, ҳтәылауаа, насгьы, атуристцәагьы аҧсшьаразы иаҳа ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзеиқәҳаршәоит",- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.
Иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қәҭешьтәи аопереи абалети аҳәынҭқарратә театр аҿы арҽеиратә усурақәа мҩаҧыргоит.

„Қәҭешьтәи аопереи абалети аҳәынҭқарратә театр аҿы арҽеиратә усурақәа рымҩаҧгара ҳалагоит. Ҳаҭыр зқәу Ҭеа Қәҭешь дыҟан. Ари азҵааразы ҵыҧх аусура ҳалагеит, апроект мазеиуп, Қәҭешьтәи аопереи абалети аҳәынҭқарратә театр ахы инаркны аҵыхәанӡа иҳарҽеиуеит, ари апроект иазоушьҭуп 21 миллион лари,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура