Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Азербаиџьантәи ареспублика аҧыза-министр Али Асадов аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит Print Version

2022-12-15

 

Аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит Азербаиџьантәи ареспублика аҧыза-министр Али Асадов.

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили азербаиџьантәи иколлега дидикылеит аиҳабыра радминистрациаҿы, уаҟа имҩаҧган аҧылара аофициалтә церемониа. Инагӡан ҩ-тәылак рхьыӡрашәақәа.

Аҧыза-министрцәа атәылақәа рделегациақәа еибадырдырит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли Ҕарибашвилии Али Асадови ишишо аформатаҿ еиҧылеит, убри анеҩс, Қырҭтәылеи Азербаиџьантәи ареспубликеи аҧыза-министрцәа рнапхгарала имҩаҧган Қырҭтәыла-Азербаиџьантәи аиҳабырабжьаратә економикатә комиссиа аилатәара.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура