Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили - Қырҭтәылеи Азербаиџьани иҿырҧшыгоу ҳпартниоррала Аахыҵ Кавказаҿ аҭышәынтәалара арҕәҕәара ҳацхраауеит, ари ахықәкы ҳзеиҧшуп, ҳара иҭышәынтәалоу арегион ҳбар ҳҭахуп Print Version

2022-12-15

Ҳара ауникалтә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп, арҭ аизыҟазаашьақәа иҧышәоуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәеи ашәышықәсақәеи рыҩныҵҟала. Ҳаиҩызара ҕәҕәоуп, аигәыларатә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьантәи ареспубликеи Қырҭтәылеи рыбжьара аекономикатә усеицура иазку аиҳабырабжьаратә комиссиа 9-тәи аилатәараҿы.

Аилатәара мҩаҧган Азербаиџьантәи ареспублика аҧыза-министр Али Асадов Қырҭтәыла ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара ишьақәгылаз иҿырҧшыгоу апартниорра Аахыҵ Кавказаҿ аҭышәынтәалара арҕәҕәара иацхраауеит.

Азербаиџьантәи ареспубликеи Қырҭтәылеи рыбжьара аекономикатә усеицура иазку аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара ашьҭахь аганқәа рхаҭарнакцәа иакымкәа адокументқәа рнапы рыҵарҩит, урҭ рыбжьара „Қырҭтәыла Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Азербаиџьантәи ареспублика Абизнес маҷи абжьаратә бизнеси аҿиара агентреи рыбжьара аилибакаара амеморандуми", иара убас, „Қырҭтәыла Аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистрреи Азербаиџьантәи ареспублика Ақыҭанхамҩа аминистрреи рыбжьара ақыҭанхамҩа аусхкы аҿы аусеицура иазку аилибакаара амеморандуми", убри адагьы, аганқәа рнапы рыҵарҩит „Қырҭтәыла Аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистрреи Азербаиџьантәи ареспублика Аекологиеи аҧсабаратә ресурсқәеи рзы аминистрреи рыбжьара ахықәкқәа аҧкаанҵа", „Қырҭтәыла Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрреи Азербаиџьантәи ареспублика Аекологиеи аҧсабаратә ресурсқәеи рзы аминистрреи рыбжьара аминералтә ресурсқәа аусхкы аҿы аусеицура иазку аҧкаанҵа апротокол".

„Мшыбзиақәа, ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, акыр иаҧсоу аколлегацәа. Ҳҩыза, Азербаиџьан аҧыза-министр, ҳаҭыр зқәу Али Асадови Азербаиџьан аделегациеи рыдкылара сара сзы ҳаҭыр дууп. Иахьа имҩаҧаагахоит Аекономикатә усеицура азеиҧш аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара, шәызынтәгьы салам шәысҭар сҭахуп. Раҧхьа иргыланы, даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп - Қырҭтәылеи Азербаиџьани рекономикатә усеицура ҕәҕәоуп, астратегиатә партниорра ҳабжьоуп, аха, зегьы реиҳа ихадоу - аиҩызароуп. Аиашаз, ҳара ауникалтә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп, арҭ аизыҟазаашьақәа аҵыхәтәантәи ашықәсқәеи ашәышықәсақәеи рыҩныҵҟала иҧышәоуп. Ҳара аиҩызара ҕәҕәеи аигәылареи ҳабжьоуп. Мчыбжьқәак раҧхьа Илҳам Алиев дҳадаҳкылеит, уи даараӡа ҳаигәырҕьоит, ари авизит аҵакы ду аман. Ҳара уажәазы имҩаҧысуа астратегиатә проектқәа апланқәеи ҳрылацәажәеит, иахьагьы урҭ рылацәажәара наҳагӡоит.

Гәахәарыла иазгәасҭар сҭахуп аҵыхәтәантәи аамҭазы азеиҧш комиссиа аилатәарақәа иаҳа активла ишымҩаҧысуа. Ҵыҧх ари акомиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны Бақәа имҩаҧгаз аилатәара салахәын. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп сынтәа ҳара ҳдипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра шазгәаҳҭо. Ҳажәларқәеи ҳтәылақәеи аилибакаареи аиҩызареи рыбжьоуп, арҭ аизыҟазаашьақәа есааира иаҳа иҕәҕәахоит. Иҿырҧшыгоу ҳпартниоррала Аахыҵ Кавказаҿ аҭышәынтәалара арҕәҕәара ҳацхраауеит. Ари ахықәкы ҳзеиҧшуп, аекономикатә азҳара дуи ҳажәларқәа рмышхәыбзазареи азы шьаҭас иҟалаша, иҭышәынтәалоу арегион ҳбар ҳҭахуп. Даҽазнык аҧсшәа шәасҳәар сҭахуп, ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, ажәа шәысҭоит», - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Азербаиџьан аҧыза-министр Али Асадов акомиссиа аилатәараҿы ишиәҳаз ала, аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара алшара бзиа ҳнаҭоит ҳаҧхьаҟа ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи аусеицура арҭбаареи алацәажәаразы.

„Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, акыр иаҧсоу акомиссиа алахәылацәа, раҧхьа иргыланы, азербаиџьантәи аделегациеи хаҭала сареи ҳахьӡала ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп гәыкала ҳадкыларазы. Азербаиџьантәи ареспублика ахада Ильҳам Алиев иҟынтә асалам шәысҭоит.

Аҩызарала иаҳзыҟоу атәыла аофициалтә визитла гәахәарыла саҭааит. Ҳара ари авизит аҵакы ду анаҳшьоит. Агәра ганы сыҟоуп ари авизит Азербаиџьани Қырҭтәылеи ирзыфеидоу аусеицура арҕәҕәара ишацхраауа. Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара алшара бзиа ҳнаҭоит ҳаҧхьаҟа ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи аусеицура арҭбаареи алацәажәаразы. Убри адагьы, Азербаиџьани Қырҭтәылеи еицынаргыӡо амегапроектқәагьы ҳрылацәажәоит. Ҳара уи еиҧш алашара ҳамоуп. Ишышәҳәаз еиҧш, сынтәа, абҵара 18 рзы ҳара иазгәаҳҭеит Азербаиџьани Қырҭтәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра, аха, аха, қырҭәтылеи Азербаиџьани рҭоурых ҳмилаҭқәеи ҳажәларқәеи реизыҟазаашьақәа аҭоурых еиҧшҵәҟьа идууп. Ҳажәларқәа ашәышықәсарацәалатә, аиҩызаратәи аигәыларатәи еизыҟазаашьақәа рыла еидҳәалоуп.

Ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа ҳажәларқәа аигәыларатәи аиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Иахьа ақырҭуа-азербаиџьантәи еизыҟазаашьақәа астратегиатә партниорра аҟынӡа ишьҭыҵит, ҳаизыҟазаашьақәа аусхкқәа зегьы рҿы аҿиара иаҿуп. Аполитика, аенергетика, атранспорт, аҵара, арратә усхкы уҳәа, абарҭ ахырхарҭақәа зегьы рырҿиараҿы ҳаидгылоуп. Агәра ганы сыҟоуп иахьа ҳнапы зҵааҩыз адокументқәа рыбзоурала арҭ аизыҟазаашьақәа иаҳа ишыҕәҕәахо. Азербаиџьани Қырҭтәылеи жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа рҿгьы еснагь еидгылоуп. Ҳара еснагь ҳтәылақәа рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылон.

Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, ҳекономикатә еизыҟазаашьақәа қәҿиарала аҿиара иаҿуп. Қырҭтәыла Азербаиџьан азы ахадаратә ахәаахәҭратә партниорцәа иреиуп. Сынтәа ҳтәылақәа рыбжьара ахәаахәҭратә еикәшара азҳаит 3 наӡынак рыла. Ҳәарада, апандемиа иахылҵыз апроблемақәеи егьырҭ ауадаҩрақәеи рфонаҿ абри аҩыза азҳара алагьы иубарҭоуп ҳаҧхьаҟа арҭ аизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаразы апотенциал ду шҳамоу.

Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, акомиссиа алахәылацәа, агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара ҩ-ганктәи аиҳабырабжьаратә комиссиа ҳекономикатә аҿиара ишацхраауа. Даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәоит", - иҳәеит Али Асадов.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура