Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр - Ҳара ҳаӡбрала, Анаклиатәи абаҕәаза иргылахоит аҳәынҭқарра аҽалархәрала, 51% наӡына аҳәынҭқарра иатәхоит. Егьи ахәҭазы жәларбжьаратәи аконкурс мҩаҧганы, апартниорцәа алаҳхуеит

Сыӡбарала, Анаклиатәи абаҕәаза иргылахоит аҳәынҭқарра аҽалархәрала, 51% наӡына аҳәынҭқарра иатәхоит. Егьи ахәҭазы жәларбжьаратәи аконкурс мҩаҧганы, апартниорцәа, апартниорәт еилахәырақәа алаҳхуеит, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Анаклиатәи абаҕәазаҿ аҭагылазаашьа далацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, 2016 шықәсазы аинвестор иҟны аиқәшаҳаҭра анрыдыркыла ашьҭахь, аинвестор ихатә ҧхықәрақәа наимгӡеит, абаҕәаза иргылам, уи аимҵәара аклассикатә ҿырҧштәуп.

„Сызлацәажәар исҭаху аҩбатәи азҵаара Анаклиатәи абаҕәаза иазкуп. Ари абаҕәаза шыргылатәу азы аӡбара ҳадаҳкылеит 2016 шықәсазы. Шәара шәызынтәгьы уи ибзиаӡаны ижәдыруеит. Уаанӡа, сара ҧахьаӡа акәны аҧыза-министрс саныҟаз, ҳара зехьынџьара иаартны ари азҵаара ҳалацәажәон, атрибунақәа зегьы, аплатформақәа зегьы рҿы, ЕАР атрибунаҿгьы, аргама иаҳҳәеит ари абаҕәаза аргылара ҳшазҿлымҳау. 2016 шықәсазы аиқәшаҳаҭра ҳадаҳкылеит, аинвестор далхын, аинвестор дызусҭаз ибзиаӡаны ижәдыруеит, иара иҧхықәрақәа наимгӡеит, жәакала иуҳәозар, абаҕәаза иргылам. Зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, ҳара 2020 шықәсазы раҧхьатәи аҕбақәа ҳадаҳкылар акәын. Аиҳабыра изныкымкәа инвестор иҧхықәрақәа рынагӡара аҿаҳәара хдырҧеит, сымҩашьозар, 3-нтә, ма 4-нтә, аха, уезгьы, аинвестор аинвестициақәа изымҧшааит. Хазараӡеи ипартниор Џьаҧариӡеи 3 миллион адоллар инырхит, ишыздыруа ала, егьи аҧара аинвесторцәа рҟынтә ироуит, 20 - 25 миллион аҟара. Убри ацынхәрас, аиҳабыра рҟынтә агарантиақәа иаҳәон, адгьыл ҳара иаҳтәын, адгьыл раҳҭар акәын, ираҳҭеит, амҩақәеи аихамҩеи анагара уҳәа, аиҳабыра шәкыла амиллион инырхыр акәын, аха, уи ацынхәрас акгьы роуӡомызт. Реалра иуҳәозар, ҳаҭыр зқәу Хазараӡе аҳамҭа изыҟаҳҵеит. Анеҩс, 4-5 шықәса рышьҭахь, ари апроект ианхирбгла ашьҭахь, арҭ ауаа ҳтәыла ацәырҳәра рҽазыркит, - атәыла иазашшит, арбитражахь аус ргеит, иахьа миллиард хәышә миллион адоллар ҳамаркуеит. Шәхахьы ишәзаагома, ауаҩы 5 шықәса рыҩныҵҟа изакәызаалак ҧхықәрак изынамигӡеит, апроект зынамигӡеит, абаҕәаза измыргылеит, абри ауаҩҧсы иахьа ҳтәылеи ҳажәлари миллиард хәышә миллион рымеикуеит. Уи арҳәра аклассикатә схемоуп, ҳәарада, ҳара ҳазынтәгьы ибзиаӡаны иаадыруеит зыӡбахәы ҳәоу абаҕәаза иадҳәаланы изакәызаалак ареалтә, анамыстә хықәкы шрымамыз, уи абеиахареи арҳәреи иазкыз абжьааҧнытә идеиа акәын.

Убри аҟынтә, мызәқак раҧхьа сара Аекономика аминистрра иадысҵан, активла аусура иаҿуп, атендер ҿыц ҳармазеиуеит, аха, зегьы реиҳа ихадоу, ҳаара ҳаӡбарала, Анаклиатәи абаҕәаза иргылахоит аҳәынҭқарра аҽалархәрала, 51% аҳәынҭқарра иатәызаауеит. Егьи ахәҭазы жәларбжьаратәи аконкурс мҩаҧганы, апартниорцәа, апартниортә еилахәырақәа иалҳхуеит, абри аиҭакра аҵакы ду амоуп, ажәлар уи рдыруазар сҭахуп. Ари апроект аанкылоуп, аҭыҧ хылаҧшрада иаанхеит, уажәы Анаклиа аҭагылазаашьа зеиҧшроу ибзианы ижәдыруеит, ари аҭыҧ игәыгәҭажьуп. Ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхом, ирласӡаны жәларбжьаратәи апартниор еилахәырақәа иалҳхроуп, ари апроект аинвестицақәа алаҵара ҳалагароуп. Ари апроект нагаӡахоит ҳҽалархәрала, аҳәынҭқарра ари апроект нанагӡоит атәым еилахәырақәа рҟны аусеицурала, уи ауп ишыҳаӡбаз,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапахгаҩы Ҧуҭтәи абаҕәазеи, уи арҿыцреи, арҭбаареи далацәажәеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, абаҕәазақәа рырҿиаара аиҳабыра рзы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп.

„Абаҕәазақәа рырҿиара ҳара ҳзы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп. Ишыжәдыруа ала, баҭымтәи абаҕәаза иахылаҧшуеит атәым еилахәыра. Ҧуҭтәи абаҕәазагьы иацҵаны аинвестициақәа алаҵатәуп. Ақырҭуа еилахәырак - Пеис ари абаҕәаза 100 миллион адоллар аинвестициа аланаҵахьеит, атерминал ҿыцқәа дыргылеит, абаҕәаза ҿыц дыргылеит әҳа ҳәҳар ҳалшоит. Ҧуҭтәи абаҕәаза арҿыцреи арҭбаареи аидеиа иҟоижьҭеи акрыҵуеит. Мышәқак раҧхьа сареи Аекономика аминистрра ахаҭарнакцәеи Ҧуҭтәи абаҕәаза аанапхгареи аҧшәмацәеи ҳарҧылеит. Сара дааҽазнык аргама ирзышьақәсырҕәҕәар сҭахуп ари аус аҿы ҳашрыдгыло. Ҧуҭтәи абаҕәаза дырҭбаар ҳҭахуп. Баҭымгьы иацҵаны аинвестициақәа алаҳҵароуп, иара убас, Анаклиа абаҕәаза ҿыц ҳаргылароуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳкорридор есымша иаҳа-иаҳа азҿлымҳара аиуеит, азиатәи атәылақәа рҟынтә аидара рацәахеит. Китаинтә, Иапониантә, егьырҭ атәылақәа рҟынтә аидара адкылара ҳҭахуп, уи азы зегьы рыла ҳаиқәшәазароуп. Абри ауп ҳара хықәкыс иҳамоу. Абаҕәазақәа аҧара рылазҵо аинвесторцәа зегьы ҳрыдгылоит. Анаклиатәи абаҕәазаҿы аберкет хада аҳәынҭқарра иамазароуп, 51% ҳтәыла иатәхоитა", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аҧыза-министр аӡфымцатә станциақәа рыргылареи иацҵаны амчхара аҧҵареи далацәажәеит. Аиҳабыра рнапхагаҩы ишиҳәаз ала, аҧхарратә станциақәагьы рыргылареи иацҵаны 600 мегаватт амчхара аиуреи ргәы иҭоуп, уи абзоурала, анеҩстәи 2-3 шықәса рыла, иҵегьы 3-4 миллиард адоллар аинвестициа роуеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, еизгоу 800 мегаватт иазку амеморандаумқәа амч роуеит. Ашықәс анҵәамҭазы 1500 мегаватт рзы атендер рыларҳәоит, 2023 шықәсазы иҵегьы амегаваттқәа рзы атендерқәа мҩаҧыргоит, аӡфымцатәи, иара убас, аҧшатәии амратәи астанциақәа рзы.

„Аҵыхәтәантәи аамҭазы аӡфымцатә станциақәа ирызкны крызҵазкәа аӡбарақәа ҳадаҳкылеит. Аҵыхәтәантәи 5 шықәса рыҩныҵҟа аӡфымцатә станциақәа рыргылара аанкылан, сымҩашьозар, 2017 шықәса инаркны. Ҳара ариа азҵаара иадҳәаланы жәларбжьаратәи авалиутатә фонд аҟны интенсивла аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагон, ҳхықәкы наҳагӡеит - 800 мегаватт азы апроектқәеи, амеморандумқәеи ҳамоуп, урҭ рынагӡара ҳалагоит. Ари азҵаара иадҳәаланы ирмариоу аахәара амеморандумқәа иҟоуп, аха, урҭ сара саҧхьа иҟаз аиҳабыра рыла иаанкылан. Арҭ апроектқәа рынагӡара ҳалагоит, 800 мегаватт амч зауа аӡфымцатә станциақәа рыргыларазы, миллиардк еиҳаны аҭаххар ҟалап, убри адагьы, ашықәс анҵәамҭазы 1500 мегаватт рзы атендер рылаҳҳәоит, уи 2,5 миллиард адоллар иаҟароу ишиашо аинвестициоуп. Зынӡа, хазы 1500 мегаватт, аиҳабыра аилатәараҿы ицәырганы ҿыц ишьақәҳарҕәҕәаз асхема инақәыршәаны, насгьы, иацҵаны 800 мегаватт. Уажәы абри ауп ишьақәҳарҕәҕәо. Ҳаҧхьаҟа, 2023 шықәсазы иҵегьы амегаваттқәа рзы атендерқәа мҩаҧаагоит, аӡфымцатә станциақәа аҧыжәара рымазаауеит, иара убас, аҧшатәии амратәи астанциақәагьы. Иара убас, ҳара иацҵаны амчхара аҧҵаразы аус аауеит, аҧхарратә станциақәа рыргылара ҳгәы иҭоуп, арҭ атендерқәагьы мҩаҧаагар ҳҭахуп. Араагьы иацҵаны 600 мегаватт ҳаур ҳалшоит, 400-и даҽа инвесторкгьи, иара 200 мегаватт азы аҧара алаҵареи аҧхарратә станциа аргылареи игәы иҭоуп. Уи абзоурала, анеҩстәи 2-3 шықәса рыла, иҵегьы 3-4 миллиард адоллар аинвестициа ҳауеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Қарҭи Баҭыми аҳаирбаҕәазақәа рҿы аиҳабыра 400-500 миллион адоллар аинвестициа иазыҧшуп.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, аиҳабыра ари ахырхарҭала аусура иалагахьеит.

„Аекономикатә хеилак аилатәараҿы аҕаибаҕәазақәа ҳрылацәажәеит. Иаартны иаҳҳәап, Қарҭтәи аҳаирбаҕәаза жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалам. Ҳара ҳаамҭазтәи, иманшәалоу аинфраструктура ҕәҕәа ҳҭахуп, ахатә терминалқәеи абизнесавиациеи рыла, атерминал ҿыцқәа рыргылара ҳҭахуп, ҳара ари ахырхарҭала активла аусура ҳалагахьеит. Хара имгакәа ажәлар ари азҵааразы аинформациа ҿыц раҳҭоит. Зынӡа қарҭтәи Баҭымтәи ааҳаирбаҕәазақәа рҿы 400-500 миллион адоллар аинвестициа ҳазыҧшуп. Қәҭешьтәи абаҕәазагьы иадҳәаланы планқәак ҳамоуп, инеизакны иуҳәозар, акрызҵазкәа аинвестициақәа ҳауеит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, Қәҭешьтәи апарламент ахыбра абазаҿ IT атехнологиатә центр ҿыц аҧҵара ргәы иҭоуп.

„Ишыжәдыруа еиҧш, қәҭешьтәи апарламент ахыбра, апрактикала, азкызаарак амамкәа иаанхеит. Уаҟа IT- ахырхарҭа аҿиара ҳацхраар ҳҭахуп. Ауриатәи еилахәырак аус ацаауеит, ари аилахәыра анапхгара қәҭешьтәи апарламент ахыбра абазаҿ IT-центр ҿыц аҧырҵар рҭахуп, уи IT аусхкы аҿы аус зуа аҿар, ақырҭуа ҳстуденцәа аднаҧхьалоит, дара аусурҭа роуеит, ари аҵентргьы жәабала миллион адоллар аинвестициа аларҵоит. Ҳәарада, қәҭешьтәи ауниверситетгьы сазааҭгылар сҭахуп, уигьы аҵакы ду амоуп, сызлацәажәаз апроект иалахәызар ауеит,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Ҳара аинвесторцәа адивелопертә проект дуқәа рыдаагалар ҳҭахуп, ари апроект аус адулара ҳаҿуп, Гонио аҧара алазҵар зҭаху аинвесторцәа иҟоуп, ари апроцесс нагӡахоит, - иҳәеит аҧыза-министр иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, аиҳабыра Гонио аиланхарҭа ҿыц еиҿыркаар рҭахуп, уи афинанстә центргьы иҟазар ауеит.

„Гонио ақалақь ҿыц ҳаргылар ҳҭахуп, - уаҟа афинанстә центргьы иҟазар ауеит, агольф ашҭа, авиллақәа уҳәа, Гонио анхарҭатә пункт ҿыц аргылара аҵакы ду амоуп. Қарҭ, Қарҭ ахадареи ҳареи 2-3 апроект ҿыцқәа аус рыдааулоит, мчыбжьқәак рышьҭахь арҭ апроектқәа ирызкны ажәлар аинформациа наӡа раҳҭоит,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, атәыла аплан хада активла аус адулара иаҿуп. Ари апроцесс рхы аладырхәоит иреиҕьу европатәи аилахәырақәа.

Иаара иажәақәа рыла, Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра ари ахырхарҭала активла аус ауеит, уи зҵакы дуу азҵаарақәа иреиуп.

„Ҳара ақалақьқәа зегьы рплан хада еиқәҳаршәоит. Ҳаҭыр зқәу Леван Давиҭашвили анапхгара ззиуа аминистрра ари ахырхарҭала активла аус ауеит. Ақырҭуа еилахәырақәа аус рыцызуша, атәыла аплан хада аиқәырәшараҿы иҳацхрааша иреиҕьу европатәи аилахәырақәа ааҳгар ҳҭахуп. Уи зҵакы дуу азҵаарақәа иреиуп,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, атәылаҿы ахырхарҭақәа зегьы рыла крызҵазкәа апрогресс иҟоуп, уи ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара иабзоуроуп.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, абри аласра ахьчареи анеҩстәи ашықәс инаркны иаҳа активла аусуреи аҭахуп.

„Аиҳабыра ҧастаиә реилатәараҿы атуризм иадҳәаланы ишысҳәаз ала, уажәазы ари аусхкы иазоуҳашьҭауеит 200 миллион, 8-10 локациақәа алҳхьеит абри апринципла - ҳуааҧсыра зегьы реиҳа ирҭаху, зегьы реиҳа ипопулиару аҭыҧқәа - Борџьоми, Бакуриани, Ҟазбеги, Баҭым, Қарҭ уҳәа, убас егьырҭгьы. Аурбантә арҿыцра наӡеи аиҭашьақәыргылареи апроектқәа рынагӡара ҳалагар ҳҭахуп. Ҵҟалтубогьы апроектқәа рынагӡара ҳәгы иҭоуп, хара имгакәа инарҭбаау аплан шәызцәыраагоит.

Анаплакра ахырхарҭаалагьы исериозу апланқәа ҳамоуп. Абизнес маҷи абжьаратә бизнеси ацхраара наҳагӡоит. Абанқәа рхашәала иацлеит, уигьы аҵакы ду амоуп. Сынәта абанкқәа 2 миллиард ахашәала рымоуп, ҵыҧхгьы абри аҟаараҵәҟьа рыман, убри аҟынтә, ари аҧара ҳтәыла аеокномика аҿиара иалаҵазар ҳҭахуп. Абри зегьы ҳтәыла аекономикатә аҿиара иацхраауеит. Аинфраструктураҿы аинвестициақәа инагӡоит, амҩақәеи амагистральқәеи рыргылара ҳаҿуп, ақыҭанхамҩагьы аҧара ду алаҳҵеит. Ҳара апрогресс ду ҳазыҧшуп. Аекономикатә азҳара ду анагӡара ҳалшароуп. Ҵыҧх ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара ҳаман. Сынтәагьы ҩ-ҧхьӡарактәи аекономикатә азҳара ҳамоуп. Уи абзоурала, иацҵаны миллиардла лари ахашәала ҳауит, ауаа аџьаусҧса рзацаҳҵеит, атәанчахә ацаҳҵеит, апроектқәа аҧара рзоушьҭра ҳаҿуп. Ахҵәацәа рзы анхарҭақәа, аполициа аусзуҩцәеи арратә маҵзуҩцәеи рзы ауадақәа рыргылара, ашколқәа рыргылара - 800 ашколқәа рырҽеиреи рыргылареи апроекти ахәыҷбаҳчақәа рырҽеира апроекти ҳалагоит, аспорттә инфраструктура уҳәа, зынагӡаара ҳалаго апроектқәа рацәоуп. Ахырхараҭақәа зегьы рыла исериозу апрогресс ҳамоуп. Уи ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара иабзоуроуп. Насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, аҵыхәтәантәи 2-3 шықәса рыҩныҵҟала атәыла аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа, GDP, азҳаит 30 миллиард лари ала. Ҳаҧхьааҟа аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа 80 миллиард лари иаҟарахоит. Уаҩҧсык изы 7500 адоллар алҵуеит. Уи исериозу прогрессуп. Еиҭасҳәар сҭахуп, сара аӡәгьы гәыбҕан исҭом, аха, ажәлар уи рдыруазароуп, ҷыдала - атәыла аибашьра аҽаланагалар зҭахыз аекстремистцәеи аибашьра апартиеиа ирдыруазароуп. Дара аҩбатәи афронт аартреи, атәыла арбгареи, полигонс аҟаҵареи рҭахын, ха, уи ацынхәрас ироуит еишьҭаргыланы ҩышықәса рыҩныҵҟа ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳареи сара сызлацәажәаз апрогресси. Абри ааласра ахьчареи иаиуа ашықәс инаркны иаҳа активла аусуреи ҳҭахуп. Аминистрцәа уәҳа, ҳазынтәгьы гәыкала иаҳҭахуп абарҭ апроектқәа зегьы нагӡахарц, ҳажәлар изқәҳаргәыҕыз мацара акәымкәа, уи еиҳаны иҟаҳҵарц ", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, арегионқәа акрызҵазкәа аинвестициақәа рылаҵоуп.

„Ҳрегионқәа акрызҵазкәа аинвестициақәа рылаҵоуп. Аинфраструктура аиҭашьақәыргылареи арҿиареи ҳаҿуп, амҩақәа ҳаргылоит, аӡытә проектқәа наҳагӡоит, аурбантә арҿыцра апрограммақәа мҩаҧысуеит. Уажәы амуниципалитетқәа зегьы рҿы ариаҵәара апрограмма ҳалагар ҳҭахуп, атранспорт азҵаарагьы иӡбатәуп. Ҳаҭыр зқәу Лери Барнабишвили адҵа исҭан, арегионқәа ркуратор ари азҵаара иӡбеит - арегионқәа ирзааҳхәоит 250 цыра автобусқәеи аҟьамсаргагақәеи, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари атранспорт ижәит. Арегионқәа рҿы абарҭ апрограммақәа нагӡахароуп", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, анаплакқәа рреформа 4 шықәсатәи астратегиа шьақәырҕәҕәоуп, уи ашьаҭала иҳәаақәҵан аханатә идырҽеиуа аҳәынҭқарратә наплакқәа.

Иара убас, аҧыза-министр, апрограмма - „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ" далацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, ари апрограмма дырҭбаауеит, ауааҧсыра зегьы апрограмма ахархәара рылшарц азыҳәан, арегионқәа рҿы афилиалқәа адыртуеит.

„Анаплакқәа рреформа астратегиа аус еицадырулон ҳаҭыр зқәу Леван давиҭашвилии Лаша Хуцишвилии. Ҳара ишьақәҳарҕәҕәеит анаплакқәа рреформа 4 шықәсатәи астратегиа. Уи ашьаҭала иҳәаақәҵан аханатә идырҽеиуа аҳәынҭқарратә наплакқәа. Ари апрограмма хықәкыс иамоуп абарҭ аиҿкаарақәа рҿы акорпорациатә напхгараҭара ашьақәыргылара. Зыӡбахәы ҳәоу аиҿкаарақәа иреиуп „Афымцатә система", „Қырҭтәылатәи аихамҩа", „Аҳаирбаҕәазақәа реидҵара" „Агаз амҩангаратә еилахәыра" уҳәа, убас егьырҭгьы .

Уажәшьҭа аҵыхәтәантәи азҵаарахь сиасуеит, - ишыжәдыруа ала, апрограмма „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ" алҵшәа бзиа ахылҵит. Ҳара уи ҳаалагеит раҧхьаӡа акәны аҧыза-министрс саныҟаз. Иахьазы ари апрограмма 20 000-ҩык инареиҳаны ахархәаҩцәа амоуп. Миллиардла лари аинвестициа алаҳҵахьеит. Жәанызҟьла аусуратә ҭыҧ ҿыцқәа аҧҵоуп,м аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҭыҧантәи ааглыхра адгылара ду аман. Убри аҟынтә, ауаа абри ахырҳагара аиура иаҳа ирзыманшәалазар ҳҭахуп. Арегионқәа ирықәынхо ауааҧсыра уааҵәҟьаа апрограмма аҭагылазаашьақәеи асервисқәеи реилкаара алшара рымам. Убри аҟынтә, Аекономика аминистрра, апрограмма „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ" афилиалқәа реиҿкаара иалагеит. Ари апрограмма арегионқәа рҿы иалаҳарҵәоит, аҭыҧантәи ауааҧсыра уи ахархара рылшаратәы. Абри ауп хықәкыс иҳамоу. Жәакала иуҳәозар, ҳусқәа бзианы ицоит, ҳәтылаҿы аҭынчреи, аҭышәынтәалареи ахьчоит, аҿиара наҳагӡоит. Абри амҩоуп ҳтәыла аидҵаранӡа ҳназго", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура