Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр иҟаиҵаз адныҳәалара Print Version

2022-12-19

Аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа зегьы Аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рзанааҭтә амш рыдысныҳәалоит, ажәлари аҳәынҭқарреи рымаҵ ауразы ҭабуп ҳәа расҳәоит. Дара хәы змам алагала ҟарҵоит, избанзар, ззанааҭ здыруа аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа аусбарҭақәа зегьы рҿы ахадаратә мчыс иҟоуп, аусбарҭақәа зегьы рҿиара ахадаратә акторцәоуп.

Адунеиаҿ иуадаҩу ахҭысқәа шымҩаҧысуагьы, ҳаиҳабыра имҩаҧырго зымҽхак дуу ареформақәа рыбзоурала, адемократиатә институтқәа рыргылареи, аекономика аиҭаҿиареи, асоциалтәи адәныҟа-политикатәи хырхарҭақәеи рҿы апрогресс лабҿаба иубарҭоуп. Абарҭ аихьӡарақәа рынагӡареи ҳуааҧсыра рмышхәыбзазара арҕәҕәареи азыҳәан хымҧада ареформақәа наҳагӡароуп, аполитика асистематә акоординациатә апланшьҭыхреи, ҳпотенциал ахәшьараҭареи анализ азуреи, қәҿиарала ахархәареи ҳалшароуп. Абри апроцесс аҿы аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа ароль хада нарыгӡоит.

Қырҭтәыла аиҳабыра аҳәынҭқарратә напхгараҭареи акрызҵазкәа уи ахәҭа - аҳәынҭқарратә маҵзуреи ареформа нарыгӡоит уи ала иазҧхьагәаҭоуп европатәи апринципқәа раларҵәареи аинституциатә гарантиақәа реиқәыршәареи. Аҳәынҭқарратә маҵзура асистема аргылара апроцессаҿы аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа иҟарҵо алагала ахә ашьара - атәыла анапхгара рзы аҧыжәара змоу зҵаароуп. Убри аҟынтә, 2022 шықәса инаркны рџьаусҧса ацҵара ҳалагеит, ари апроесс анеҩстәи ашықәсқәа рзгьы инагӡахоит.

Даҽазнык ишәыдысныҳәалоит шәзаҭааҭтә амш, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа зегьы ақәҿиарақәа рзеиҕьасшьоит!

Қырҭтәыла аҧыза-министр

Иракли Ҕарибашвили