Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили - Иахьа ауриацәа адунеи зегьы аҿы иазгәарҭоит аныҳәа ду - Ханука аныҳәамш, уи алашара аиааира иасимволуп. Сара ауриа жәлар зегьы аҭынчреи, аиааирақәеи, мышхәыбзазареи рзеиҕьасшьар сҭахуп Print Version

2022-12-19

Адунеи иқәынхо ауриацәа зегьы иахьа иазгәарҭоит аныҳәа ду - Ханука аныҳәамш, уи алашара аиааира иасимволуп. Сара ауриа жәлар зегьы аҭынчреи, аиааирақәеи, мышхәыбзазареи рзеиҕьасшьар сҭахуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили қарҭтәи Синагога ду аҿы Ханука аныҳәамш аҿы данықәгылоз.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, ақырҭуааи ауриацәеи реиҩызареи рыешьареи ашәышықәсақәа рацәала иҧышәоуп, адунеиаҿ абри аҩыза аизыҟазаашьақәа уаҳа џьаргьы иуҧылом.

„Хәлыбзиақәа, акыр иаҧсоу аҩызцәа, сашьцәа ауриацәа. Гвироҭаи, верабоҭаи, ахим шели, хақ Хануқа самеах! Шәызынтәгьы ишәыдысныҳәалоит Ханука аныҳәамш ду. Акыр исзыҧсоу, гәыкала бзиа избо сашьцәеи саҳәшьцәеи, шәара шәыгәҭа абри амш азгәаҭара сара сзы ҳаҭыр дууп. Иахьа сара, аҧыза-министр иаҳасабала, сшәывагыланы ихәынтәны абри амш иазгәасҭоит. Қырҭтәыла иҟаз Израиль ҧасатәи ацҳаражәҳәаҩ, ҳаҭыр зқәу Шафҭаи Цури, Қнесеҭ ахаҭарнак, ҳаҭыр зқәу Давиҭи, ҷыдала ҳаҭыр зқәаҳҵо ауаҩҧсы, арабин Иакоби салам рысҭар сҭахуп. Ҳажәларқәа рыбжьара ишьақәгылаз ауникалтә аешьареи ауникалтә еизыҟазаашьақәеи даҽазнык иааркьаҿны срыхцәажәар сҭахуп. Ақырҭуааи ауриацәеи реиҩызареи рыешьареи ашәышықәсақәа рацәала иҧышәоуп, адунеиаҿ абри аҩыза аизыҟазаашьақәа уаҳа џьаргьы иуҧылом. Адунеи иқәынхо ауриацәа зегьы иахьа иазгәарҭоит аныҳәа ду - Ханука аныҳәамш, уи алашара аиааира иасимволуп. Сара ауриа жәлар зегьы, адунеи иқәынхо ауриацәа зегьы аҭынчреи, аиааирақәеи, мышхәыбзазареи рзеиҕьасшьар сҭахуп.

Ҳара Израиль гәыкала иаҳҭаху аҩызцәа рацәа ҳамоуп. Ҷыдала иалыскаар сҭахуп зыҧсадгьылахь ихынҳәыз ақырҭуа ауриацәа, Қырҭтәыла дара рзы аҩбатәи аҧсадгьылс иаанхеит. Аешьаразы, аиҩызаразы даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, Ханука самеах", - иҳәеит аҧыза-министр.

Синагогаҿ аҧыза-министр Ханука ацәашьы иркит. Қарҭтәи Синагога ду аҿы аҧыза-министр ицын аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиании, Қырҭтәыла иҟаз Израиль ҧасатәи ацҳаражәҳәаҩ Шафҭаи Цури, Арелигиа азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә агентра ахантәаҩы Заза Вашаҟмаӡеи, Израильтәи аҳәынҭқарра апарламенти Қырҭтәыла апарламенти реиҩызаратә гәыҧ анапхгаҩы Давиҭ Битании, Қырҭтәыла иқәынхо ауриацәа реидгыла ахантәаҩы Мераб Чанчалашвилии, қарҭтәи Синагога арабин хада Рахамин Мурдухашвилии, адунеиаҿ иҟоу ақырҭуа ауриацәа ррабин хада Иакоб Гагулашвилии.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура