Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аиҳабыра рнапхгаҩы Аргентинаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Гварам Хандамишвили диҧылеит Print Version

2022-12-20

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аргентинатәи ареспубликаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Гварам Хандамишвили диҧылеит.

Иракли Ҕарибашвили адипломат амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

Аиҧылараҿы иалацәажәеит Қырҭтәылеи Аргентинеи ҩ-ганктәи реизҟазаашьақәа рҿы иҟоу адинамика бзиа, ари аганахьала ҷыдала иалкаан аполитикеи, аекономикеи, аҵареи, акультуреи, ақыҭанхамҩеи ахырхарҭақәа рыла аусеицуреи ҳаҧхьаҟа аусеицура арҭбаара аперспективақәеи.

Гварам Хандамишвили адипломатиатә усураҿы кыршықәсатәи аҧышәа ду имоуп. Иара кыршықәса ирылагӡаны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиуеиҧшым амаҵзураҭыҧқәа ааникылон, иара убас, аҳәаанырцәа Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәа дрылахәын. 2021 шықәса нанҳәа инаркны 2022 шықәса ҧхынҷкәынынӡа Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаараҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнакс дыҟан.

2003 шықәсазы Иуане Џьавахьишвили ихьӡ зху аҳәынҭқарратә университет акоммерциеи амаркетинги афакультет далгеит, 2005 шықәсазы зыӡбахәы ҳәоу ауниверситет амагистр академиатә аҩаӡара ианашьан. Иара убас, 2003 шықәсазы иара Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет агуманитартә ҵарадыррақәа рфакультет далгеит аиуриспруденциа ахырхарҭала. 2017 шықәсазы ианашьан Џьон Ҳопкинс иуниверситет амагистр академиатә аҩаӡара, уаҟа аҵара иҵон Аҵара жәларбжьаратәи ацентр афинанстә цхыраарала, азанааҭ - жәларбжьаратәи аҳәынҭқарратә политика. Дҭаацәароуп, ахылҵ димоуп.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура