Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили адипломатцәа идикылеит ашықәсҿыцтәи адкылараҿы Print Version

2022-12-21

  .

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Қырҭтәыла аус зуа адипломатиатә корпуси жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи ахаҭарнакцәа ашықәсҿыцтәи адкылараҿы идикылеит, аиҳабыра рнапхгаҩы дицын иҧҳәыс Нунука Ҭамзашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ацҳаражәҳәаҩцәа иааиуа Ашықәс ҿыц рыдныҳәаланы, шықәсык иалагӡаны атәылаҿы иҟаз ақәҿирақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи дрылацәажәеит.

Иракли Ҕарибашвили ацҳаражәҳәаҩцәа адгылареи аиҩызареи азыҳәан ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аныҳәатә адкылараҿ иҟан анагӡаратә мчра ахаҭарнакцәагьы.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура