Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтыла аҧыза-министр иӡбарала, административтә органқәа русзуҩцәа 2023 шықәса ажьырныҳәа 3 инаркны ажьырныҳәа 6-нӡа аҧсшьарамшқәа рымазаауеит

2022-12-21

Қырҭтыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иӡбарала, Қырҭтәыла азеиҧш административтә азакәанеидкыла ала иҳәаақәҵоу административтә органқәа рҿы аус зуа ауааҧсыра 2023 шықәса ажьырныҳәа 3 инаркны ажьырныҳәа 6-нӡа аҧсшьарамшқәа рымазаауеит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иашьашәалоу адҵа инапы аҵаиҩхьеит.

Ашьақәыргылараҿ ишану ала, административтә орган иқәаақәнаҵоит иара иаҵанакәа, иара убас, асистема иалахәы амаҵзурақәеи урҭ русзуҩцәеи, дара ари адҵа рыдкьыслом, дара русура аҳәынҭқарра анапхгараҭареи ауаажәларра анормалтә ҧсҭазаашьа аиқәыршәареи азы ихымҧадазар. Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахылаҧшра аҵаҟа иҟоу ахаҿқәа рҿаҧхьа иҟоу афинанстә ҧхықәрақәа ари адҵа рыдкьыслом.

Иара убас, «Аҳәынҭқарратә аахәарақәа ирызку» Қырҭтәыла азакәан ала иазҧхьагәаҭоу аҳәынҭқарратә аахәарақәа ирыдҳәалоу аусурагьы ари адҵа адкьыслом.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура