Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиа аҳраҿ иофициалтә визит иалагеит Print Version

2022-12-21

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиа аҳраҿ иофициалтә визит иалагеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҧылара ацеремониа мҩаҧган аҳ Ҳалид ихьӡ зху Ер-Риадтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы.

Аҳаирбаҕәазаҿы аҧыза-министр иҧылеит Ер-Риад агубернатор ихаҭыҧуаҩ Моҳаммед бин Абдуррахман Аль Сауди, аекономикеи апланшьҭыхреи азы аминистр Феисал Аль Ибрагими, Қырҭтәыла иҟоу Саудтәи Аравиа ацҳаражәҳәаҩ Салман Аль-Шеихи, Саудтәи Аравиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Вахтанг Џьоашвилии.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура