Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр инапхгарала, Қырҭтәыла имҩаҧысраны иҟоу ашәаҩақәеи асноуборди рзы адунеи ачемпионат иадҳәаланы аусуратә еиҧылара мҩаҧган Print Version

2022-12-23

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхграла, аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧган Қырҭтәыла имҩаҧысраны иҟоу ашәаҩақәеи асноуборди рзы адунеи ачемпионат иадҳәалоу аусуратә еиҧылара.

Аиҧылараҿы ирылацәажәеит ачемпионат аиҿкааратәи аҽазыҟаҵаратәи усурақәа ирызку азҵаарақәа.

Ишазгәаҭаз ала, Бакуриани акрызҵазкәа аинфраструктура еиҿкаауп, акурорт адунеи ачемпионат амҩаҧгара иазыхиоуп.

Уажәазы арегистрациа иахысхьеит 42 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә Бакуриани иаҭаауа 2000-ҩык раҟара жәларбжьратәи асасцәа. Ачемпионат аан, аиҳабыра еиҿыркаауеит еиуеиҧшым агәырҿыхаратә уснагӡатәқәа.

Адунеи ачемпионат Бакуриани имҩаҧысуеит Қырҭтәыла аиҳабыра рыдгыларала, ачемпионат еиҿыркаауеит Ашьхатә трассақәа рзы агентреи Қырҭтәыла Ашәаҩатә федерациеи. Ачемпионат мҩаҧысуеит 2023 шықәса жәабран 16 инаркны хәажәкыра 5 налаҧхьаӡаны, Жәларбжьаратәи ашәаҩатә федерациа (FIS) анапхгарала.

Адунеи ачемпионатаҿ имҩаҧгахоит 30 аицлабрақәа 7 хкык рҿы.

Адунеи ачемпионат апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Бакуриани иҵегьы 3 ашахамҩак дыргылеит, 29 километр иаҟароу иҧсабаратәым асы зқәу асистемақәа еиҿкаауп, 307 000 акубтә метр зкәа аӡәытә резервуарқәа ҩба дыргылеит, аицлабрақәа рзы 6 трассак еиҿкаауп, атехника ҿыци ашәарҭадара аинвентари аархәеит. Зынӡа апроект иалаҵоуп 300 миллион лари аинвестициа.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистр Ҭеа Ҵулукании, акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистр лхаҭыҧуаҩ Иосеб Баҕатуриеи, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Мариам Қвривишвилии, Аҩнуҵҟaтәи aусқәa рминистр Вахтанг Гомелаури, Қырҭтәыла аиҳабыра Астратегиатә коммуникациақәа рзы адепартамент аиҳабы Нино Гиоргобиании, Ашьхатә трассақәа рзы агентра адиректор Иракли Ҕурҷулаӡеи, Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациаҿы иҟоу Арегионқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартамент аиҳабы Лери Барнабишвилии, Бакуриани аҿиара агентра ахантәаҩы Екатерина Орџьоникиӡеи, Қырҭтәыла Ашәаҩатә федерациа ахада Зураб Коставеи.



Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура