Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр инапхгарала, аиҳабыра реилатәара мҩаҧган Print Version

2022-12-26

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы аиҳабыра реилатара мҩаҧган.

Аиҳабыра алахәылацәа 14 зҵаара ирыхәаҧшит. Изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиуп Қырҭтәыла Аиновациақәеи атехнологиақәеи рагентра иаҵанакәа „500 Georgia, L.P авенчертә инвестициатә фонд" алахәызаара иазку азҵаара. Ишазгәаҭаз ала, аиновациатә бизнес аҿиара ду абзоурала, аглобалтә ахәмарҩцәа ақырҭуа стартап-екосистема аинвестициақәа алаҵара иазҿлымҳахеит. 500 Georgia - 20 миллион адоллар злоу авенчертә фондуп, уи еиҿкаан 500 Global ала ақырҭуа стартапқәа аинвестициақәа алаҵареи, аиновациақәа рыдгылареи рырҿиареи амзызла. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра инарывагыланы, авенчертә фонд иалахәызаауеит хазхаҭалатәи асекторгьы - Аиновациақәеи атехнологиақәеи рагентра ари афонд аус ацнауеит, иара убас, 5 миллион адоллар аинвестициа аланаҵоит.

Иара убас, аиҳабыра алахәылацәа иахәаҧшит Қырҭтәыла аҧшатәи, амратәи, аӡытәи афымцатә станциақәа рырҿиара иазку Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵарақәа апроектқәа. Зыӡбахәы ҳәоу апроектқәа рыла иазҧхьагәаҭоуп 153 мегаватт афымца ааглыхра.

Убри адагьы, аиҳабыра алахәылацәа иахәаҧшит ,,Қырҭтәыла аиҳабыреи аилахәыра ,,Винд фарми" ,,Қсантәи аҧшатә" афымцатә станциа иазкны ирыбжьарҵараны иҟоу аиқәшаҳаҭра иазку" Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроект, убри ашьаҭала Қырҭтәыла аиҳабыреи аилахәыра ,,Винд фарми" ирыбжьарҵо аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра 12 мза рыла, ахатә харџьла, имҩаҧнагароуп ,,Қсантәи аҧшатә" афымцатә станциа апроект атехника-економикатә ҭҵаара. Апроект нарыгӡараны иҟоуп Каспиатәи амуниципалитетаҿы. Апроект инақәыршәаны, астанциа 50 мегаватт амҽхак амазаауеит, шықәсыкала 173,5 млн. квт.сааҭ афымца ааглыхра алшоит, апроект 59,4 миллион адоллар иаҧсоуп.

Иара убас, аилатәараҿы иахәаҧшит „Қырҭтәыла аиҳабыреи аилахәыра „Иунаиҭид ҧауер енерџьи" Девашьи Гес аӡфымцатә станциа иазкны ирыбжьарҵараны иҟоу аиқәшаҳаҭра иазку" Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроект, уи ашьаҭала, зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра, 15 мза рыҩныҵҟала, ахатә харџьла имҩаҧнагароуп апроект „Девеши Гес" атехника-економикатә ҭҵаара.

Аӡфымцатә станциа Лентехи амуниципалитетаҿ иҟоуп, аӡиас Деваҿ. Апроект ала иазҧхьагәаҭоуп 5,45 мегаватт афымца ааглыхра, шықәсыкала 28 млн. квт.сааҭ. Апроект 4,389 миллион адоллар иаҧсоуп.

Иара убас, аиҳабыра алахәылацәа иахәаҧшит амратә афымцатә станциа „Самгори ҿыц" апроект аконцепциеи уи ала иазҧхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа рынагӡареи иазку", Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроект, уи ашьаҭала, амратә афымцатә станциа „Самгори ҿыц" иадҳәалоу аҽазыҟаҵаратә усурақәа рымҩаҧгара адырҵеит аилахәыра „Қырҭтәыла аенергетика аҿиара афонд". Афымцатә станциа Гардбани амуниципалилет иаҵанакәа Самгори ҿыц ақыҭан иҟоуп. Афымцатә станциа апроект инақәыршәаны, астанциа амҽхак 96 мегаватт иаҟаразаауеит, шықәсыкала 196,7 миллион квт.сааҭ афымца ааглыхра алшоит, апроект 86,935 миллион адоллар иаҧсоуп.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура