Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили - Атәылақәа зегьы рхьыҧшымра пату ақәаҳҵоит, аха, зегьы раасҭа ҳтәыла бзиа иаабоит, раҧхьа иргыланы, ҳтәыла аинтересқәа ҳахьчароуп. Абри аус ду аҿы ацҳаражәҳәаҩцәа ароль ҷыда нарыгӡоит, избанзар, ҳҳәатәы адунеи ахҭнықалақьқәа рҟнынӡа ииашаны инаҳгароуп, ҳтәыла аинтересқәа ииашаны иааҳарҧшыроуп Print Version

2022-12-26

Атәылақәа зегьы рхьыҧшымра пату ақәаҳҵоит, аха, зегьы раасҭа ҳтәыла бзиа иаабоит, раҧхьа иргыланы, ҳтәыла аинтересқәа ҳахьчароуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ацҳаражәҳәаҩцәа рконфренциа аартраҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, абри аус ду аҿы ацҳаражәҳәаҩцәа ароль ҷыда нарыгӡоит, избанзар, ҳҳәатәы адунеи ахҭнықалақьқәа рҟнынӡа ииашаны инаҳгароуп, Қырҭтәыла аинтересқәа ииашаны иаарҧшызароуп.

„Мшыбзиақәа, ҳаҭыр зқәу ацҳаражәҳәаҩцәа, ҳаҭыр зқәу апарламент ахантәаҩы, аиҳабыреи апарламенти алахәылацәа. Иахьа шәҿаҧхьа ақәгылара сара сзы ҳаҭыр дууп. Шәызынтәгьы инашәыгӡо аусуразы, ҳтәыла амаҵ ауразы ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Иахьа адунеи зехьынџьара апроблемақәа рацәоуп, убри аҟынтә, аџьаба ду шыжәбо здыруеит. Ҳәарада, ҳаргьы аҭагылазаашьа ҿыц иадҳәаланы даҽа азнеишьақәак рхархәара ҳақәшәеит. Сынтәатәи ашықәс жәақәак рыла еихысшьаар сҭахуп. Шықәсык иалагӡаны, адунеи азгьы арегион азгьы ахадаратә проблемас иҟаз Украина имҩаҧысуа аибашьроуп, амзыздатәи урыстәылатәи агрессиа адунеи аиҿкаашьа зегьы еиланагеит. Ҳаҭыр зқәу аминистр сиқәшаҳаҭуп, егьырҭ атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа Украина иалҵны ианцоз, Киев иҟаз ацҳаражәҳәарҭақәа андыркуаз, ҳара ҳацҳаражәҳәарҭеи ҳацҳаражәҳәаҩи аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рҟнынӡа рыҧхықәрақәа нарыгӡон. Украина иҟоу ҳацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи ҳацҳаражәҳәаҩи ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Иахьа имҩаҧысуа ахҭысқәа рымшала ҳазынтәгьы проблема дуқәа ҳазцәырҵит. Ҳара изныкымкәа иҳҳәахьеит абри аибашьра излауа ала ирласны ихыркәшазар шаҳҭаху, избанзар уи Украина мацараз акәымкәа, арегион зегьы, Европа зегьы ашәарҭадара архитектуразы ашәарҭара дууп, ҳәарада, ҳтәылаҿгьы ари аибашьра алҵшәақәа убарҭахеит. Убри аҟынтә, ари аибашьра излауа ала ирласны ихыркәшатәуп. Абри ауп ҳара иаҳҭаху. Украинатәи ҳҩызцәеи аукраин жәлари даҽазнык ирзеиҕьасшьар сҭахуп излауа ала ирласны аибашьра ахыркәшареи аҭынчреи. Ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло. Иара убас, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп украинатәи ҳҩызцәа рыцхрааразы иҳалшо зегьы шыҟаҳҵо. Ишыжәдыруа еиҧш, аибашьра ианалагаҵәҟьа инаркны, ҳара аплатформқәа зегьы рҿы иаартны Украина ҳадгылеит, 400 инареиҳаны арезолиуциақәеи аҳәамҭақәеи ҳрыдгылеит, аформатқәа зегьы рҿы Украинеи аукраин жәлари адгылара рзааҳарҧшит. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп - Украина анапхгара ахаҭарнакцәа рҟынтә иҳаҳауа аҳәамҭақәа ҳрықәшаҳаҭым. Аха, ари атәылеи, уи аиҳабыреи, ажәлари аибашьра иаҿуп, убри аҟынтә, ари атемазы аҳәамҭақәа рыҟаҵареи ари атема ахцәажәареи ҳҭахым.

Сара иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳара ҳзы ахадаратә ҵакы шамоу ҳтәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчара. Сара изныкымкәа исҳәахьеит - ҳполитикеи, иҟаҳҵо аусқәеи рыла ишьақәҳарҕәҕәеит атәылақәа зегьы рхьыҧшымра пату шақәаҳҵо, аха, зегьы раасҭа ҳтәыла бзиа иаабоит, раҧхьа иргыланы, ҳтәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчароуп иаҳуалу. Ҳәарада, абри аус ду аҿы шәара, ацҳаражәҳәаҩцәа ароль ҷыда нашәыгӡоит, избанзар, ҳҳәатәы адунеи ахҭнықалақьқәа рҟнынӡа ииашаны инаҳгароуп, ҳтәыла аинтересқәа ииашаны иааҳарҧшыроуп, ҳтәыла мацарантә акәымкәа, егьырҭ атәылақәа рҟынтәгьы аларҵәара змоу адезинформациатә кампаниа иахәҭоу аҭак аҳҭароуп. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит дара, еидгыланы, ҳтәыла амилаҭтә интересқәа ирҧырхагахар шырҭаху. Убри аҟынтә, абри ажәылара, абри адезинформациа иахәҭоу аҭак иаша аҭатәуп, ‘'- иҳәеит аҧыза-министр.

Иракли Ҕарибашвили шықәсык иалагӡаны иҟалаз ахҭыс бзиақәа ирыликааит евроинтеграциа апроцессаҿ атәыла иаиуз ақәҿиара.

„Сынтәатәи ашықәс зҵакы дуу даҽа хҭыск ала иалкаан, евроинтеграциа апроцессаҿ ҳтәыла иаиуз ақәҿаироуп сызлацәажәо. Ҳтәыла европатәи аперспектива аиуит. Ҳара ҳазынтәгьы атәыла акандидат астатус аиуеит ҳәа ҳгәыҕуан. Аха, ҳазынтәгьы иаадыруеит ари аӡбара аполитикатә ҟазшьа шамаз. Ҳпартниор тәылақәа ргәы иалсша ак сҳәар сҭахым, аха, ҳазынтәгьы иаадыруеит ҳтәыла ҩынтә, хынтә еиҳаны ақәҿиарақәа шамоу, ареформақәа рымҩаҧгара аганахьала Украинеи Молдовеи раҧхьа ҳгылоуп. Аха, ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаауеит ари аӡбара аполитикатә ҟазшьа шамаз. Иаартны ирҳәеит Украина астатус шарҭаз ари атәыла иахьеибашьуа аҟынтә. Молдова аҭагылазаашьагьы аибашьратә ҭагылазаашьа ҳасабала ахәшьара аҭан. Убри аҟынтә, ари аӡбара мотивациас иамаз еилаҳкаауеит. Аиҩызаратә тәылақәа - Украинеи Молдовеи ақәҿиара мацара рзеиҕьаҳшьоит. Абарҭ атәылақәа рҿы аҭынчреи мышхәыбзазареи иҟазар ҳҭахуп.

12 абжьагарақәа анҳарҭа ашьҭахь, убри аҽныҵәҟьа, ҳара, анапхгаратә гәыҧ, анапхгаратә партиа, ажәларгьы ҳпартниорцәагьы ирызцәыраагеит амҩатә хсаала. Ҳаҭыр зқәу апарламент ахантәаҩы, ҳгәыҧ алахәылацәа зегьы ари апроцесс иалахәын, ҳара, қәҿиарала, ииашаны абжьагарақәа зегьы наҳагӡеит. Апарламентаҿ аусуратә гәыҧ еиҿкаан. Рыцҳарас иҟалаз, аоппозициатә партиақәа ахаҭарнакцәа ари апроцесс ишахәҭаз ала иалахәымызт, аха, аҵыхәтәантәи аетап азы урҭ рыхәҭак ари апроцесс рҽаладырхәит. Рызынтәгьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, избанзар, аиашаз, ари аус, аџьабаа ду адарбалеит. Ҳара иҳәаақәҵаз аҭагылазаашьақәа зегьы аҵыхәанӡа инаҳагӡеит. Егьирахь, ари апроцесс инагӡоит. Ишыжәдыруа ала, азакәанпроектқәак Венециатәи акомиссиашҟа идәықәаҳҵеит. Уажәы дара рҟынтә аихшьаала ҳазыҧшуп, убри иашьашәаланы аҧсахрақәа алаагалоит", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, аиҳабыра имҩаҧырго аполитика иаша абзоурала, иахьа атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынәталареи инаваргыланы, ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳарагьы иҟоуп.

„Ҳара ҳзы ахадаратә ҵакы аман аибашьра иахылҵыз анырра цәгьа аиҵатәреи, иҟалар зылшоз ашәарҭарақәа рызҧхьагәаҭареи, ашәарҭарақәа рырмаҷреи. Европа зехьынџьара аҭагылазаашьа аныцәгьоу, адунеи зехьынџьара аекономика акаҳара ианаҿу, арецессиа аныҟоу аамҭазы, ҳара имҩаҧааго аполитика иаша абзоурала, иахьа атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи инаваргыланы, ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳарагьы иҟоуп. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, ихәыҷу, аха иҕәҕәоу ҳтәыла аҭынчреи, мышхәыбзазареи, аҭышәынтәалареи, ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳареи ахьчара алшеит, уи сынтәа мацара акәӡам, - ҵыҧхтәи ашықәсгьы ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳарала ихыркәшан, ҳәарада, уи ҳажәлар, ҳуааҧсыра ирныҧшуеит.

Иракли Ҕарибашвили Амшын еиқәа афымцатә кабель апроект аҵакы дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, астратегатә ҵакы змоу абри апроект Қырҭтәыла аинициативалоуп ишалагаз.

„Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп астратегиатә ҵакы змоу даҽа проектк алагара. Мчыбжьқәак раҧхьа сара Румынтәыла, Бухарест сыҟан, уи ҳинициативоуп, ақырҭуа инициативоуп, - Амшын еиқәа афымцатә кабель апроект. Сара ари апроект салацәажәеит ҵыҧх, Бриуссель саныҟаз, усҟан уи цәыраагеит "флегшиф"-проект ҳасабала. Убри анеҩс, европатәи ҳпартниорцәеи, ҳгәылара иҟоу аиҩызаратә ҳәынҭқарра - Азербаиџьани, насгьы, ҳәарада, Румынтәылеи рҟны активла аиҿцәажәарақәа иалагеит. Убри ашьҭахь, ҳазынтәгьы аетап ҿыц ахь ҳаиасит, ари апроект анагӡаразы иаҳа активла аусура ҳалагеит. Ишыжәдыруа еиҧш, Азербаиџьангьы ари апроект иалахәып, Евроеидгыла зегьы рыла иҳадгылоуп, иара убас, Венгриагьы ари апроект аҽаланархәоит, уи алҵшәа бзиа зхылҵуа, астратегиатә ҵакы зауа, аҭоурыхтә проектхоит, ҳара ари апроект еицынаҳагӡоит. Жәаҳәарада, абри зегьы ҳтәылеи ҳуааҧсыреи хырҳагара ду рзаанагоит."- иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ацҳаражәҳәаҩцәа инарыгӡо аусуразы ҭабуп ҳәа раҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, аиҳабыра иаҭаху зегьы ҟарҵоит ацҳаражәҳәарҭақәа рҿы аус зуа ауааҧсыра рсоциалтә ҭагылазаашьа иаҳа аиҕьтәразы.

„Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ацҳаражәҳәарҭақәа рҿы аус зуа ауааҧсыра рсоциалтә ҭагылазаашьа иаҳа аиҕьтәразы. Аминистр ҿыц, ҳаҭыр зқәу Илиа Дарчиашвили шәызҵаарақәа рҭыҧқәҵара апроцес активла далахәып. Шәусзуҩцәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Шәҭаацәарақәа шәырцәыхараны, аҳәаанырцә анхареи аусуреи шыуадаҩу еилыскаауеит. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит шәара иаҳа еиҕьу, иаҳа иманшәалоу аҭагылазаашьаҿы шәыҧхықәра хада анагӡара шәылшарц азыҳәан. Ҳаҭыр зқәу Илиа аинициатива бзиақәа имоуп. Ҳара уи даҽа форматкаҿ ҳалацәажәар ҟалап. Иареи иинициативақәеи ҳрыдгылоит, аиҳабыра ари апроцесс активла иалахәызаауеит. Ҳаҭыр зқәу ацҳаражәҳәаҩцәа, шәареи шәусзуҩцәеи гәыкала ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп, ақәҿиарақәеи, мышхәыбзазареи, аҭынчреи шәзеиҕьасшьоит, иааиуа Ашықәс ҿыц шәыдысныҳәалоит. Иҭабуп, ақәҿирақәа шәзеиҕьасшьоит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа ааиртит адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили. Аҳәаанырцә аус зуа Қырҭтәыла адипломатиатә корпус ахаҭарнакҵәа рҿаҧхьа дықәгылеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилигьы.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура