Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәа рнапхгаҩцәа дырҧыланы, адәныҟатәи аполитика ахадаратә хырхарҭақәеи аҧыжәарақәеи рзы драцәажәеит Print Version

2022-12-26

..

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаҧган аҳәаанырцә аус зуа Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәа есышықәсатәи реизара - Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа 2022.

Ақырҭуа дипломатцәа рҿаҧхьа иқәгылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии.

Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа аартра ашьҭахь, аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии ирку аформатаҿ адипломатцәа ирҧылеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ацҳаражәҳәаҩцәа драцәажәеит атәыла адәныҟатәи аполитика ахадаратә хырхарҭақәеи аҧыжәарақәеи рзы, анеҩс, аконкреттә адҵақәа риҭеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура