Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили Илиа II иахь - Ҳуааҧсыра ибзиаӡаны ирдыруеит ҳажәлари ҳтәылеи рзы амиссиа ду шынашәыгӡо Print Version

2022-12-28

Акры иаҧсоу ҳпатриарх иинтронизациа инаркны 45 шықәса аҵра идысныҳәалар сҭахуп. Шәара ишәыду амиссиа дуи шәылшамҭа дуи ажәала аарҧшра уадаҩуп. Ҳажәлар ибзиаӡаны ирдыруеит ҳажәлари ҳтәылеи рзы амиссиа ду шынашәыгӡо, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили апатриархиаҿы, уаҟа иара Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа аҩбатәи иинтронизациа инаркны 45 шықәса аҵра идиныҳәалеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Илиа II ажәлари атәылеи рҿаҧхьа амиссиа ду наигӡеит, егьинаигӡоит.

„Акыр иаҳзыҧсоу ҳпатриарх, ҳаҭыр зқәу апрезидент, ҳаҭыр зқәу аспикер, ақыр иаҧсоу ҳажәлар! Аҧсшәа шәаҳәаны, саргьы ҳпатриарх гәыкала идысныҳәалар сҭахуп иинтронизациа инаркны 45 шықәса аҵра. Шәара ишәыду амиссиа дуи шәылшамҭа дуи ажәала аарҧшра уадаҩуп. Ҳажәлар ибзиаӡаны ирдыруеит ҳажәлари ҳтәылеи рзы амиссиа ду шынашәыгӡо. Сара саби сани рҟынтә, дара рабиҧара рҟынтә издыруеит шәара Анцәа илҧхала Апатриархс шәаналырх усҟантәи аамҭа шаҟа иуадаҩыз. Ишыжәдыруа ала, усҟан Қырҭтәыла аныхабаақәеи аберҭыҧқәеи усҟак ирацәамызт. Иахьа Анцәа илҧхала, шәара шәыбзоурала, ҳажәлар ирзаашәырҧшуа абзиабареи апатриотизми абзоурала, ҳтәылаҿы зқьыла аныхабаақәеи аберҭыҧқәеи иҟоуп. Ҳәарада, абри зегьы шәара ишәыбзоуроуп. Шәара шәыбзоурала ҳуааҧсыра адинхаҵареи агәыҕреи рзыхынҳәит. Шәылшамҭақәеи шәмиссиеи иазкны иҳәатәу рацәоуп. Аха, баша тәылауаҩк иаҳасабала ак сҳәар сҭахуп, гәыкала ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп абри аҭоурыхтә миссиа ду анагӡаразы. Сара ибзиаҵәҟьаны издыруеит шәидеиа хада, шәгәазыҳәара хада Қырҭтәыла аидҵара ишадҳәалоу, Агәра ганы сыҟоуп Анцәа илҧхала абри шәгәазыҳәара хара имгакәа ишынагӡахо. Даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп, даҽазнык ишәзышьақәсырҕәҕәоит ҷыдала бзиа шәшызбо, ҷыдала пату шшәықәысҵо. Шәажәа цыҧхьаӡа, иҳашәҭо абжьагара цыҧхьаӡа ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, исышәҭо абжьагарақәа еснагь исгәаласыршәалоит. Даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, агәабзиареи агәамчи шәзеиҕьасшьоит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аҧыза-министр ицны Апатриархиаҿ иҟан Қырҭтәыла ахадеи апарламент ахантәаҩи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура