Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр инапхгарала имҩаҧган Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа аилатәара Print Version

2022-12-23

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала имҩаҧган Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа 65-тәи аилатәара.

Аилатәараҿы акомиссиа алахәылацәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 2 зҵаарак ирыхәаҧшит: Евроедгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа 2022 шықәсатәи амилаҭтә план анагӡара иазку аҳасабыбеи Европатәи ахеилак аҟынтә атәыла иаиуз 12 абжьагарақәа рынагӡара аганахьа иҟоу аҭагылазаашьеи.

Иара убас, аилатәараҿы ирылацәажәеит Қырҭтәылеи Евроеидгылеи русеицура иаҵанакәа зҵакы дуу азҵаарақәа.

Акомиссиа алахәылацәа Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭрала иазҧхьагәаҭоу аҧхықәрақәа рынагӡареи имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәеи ирызку аинформациа иазыӡырҩит.

Акомиссиа алахәылацәа Қырҭтәыла ала Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра аимплементациа апроцесс ибзианы иахцәажәеит.

Иара убас, акомиссиа алахәылацәа, Евроеидгыла атәылақәа рҟны зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭра анагӡара апроцесс иазку аинформациа иазыӡырҩын, зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра иахылҵуа алшарақәа инагӡаны рхархәара ахырхарҭала иҟоу аҽазышәарақәа ибзианы ирыхцәажәеит.

Аилатәараҿы ицәырган Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡаразы Қырҭтәыла апарламент аҿы имҩаҧгаз аусура иазку аинформациа. Ари аинформациаҿы иарбан абжьагарақәа рынагӡара апроцесси, иара убас, азакәанҧҵаратә аҩаӡараҟны имҩаҧгаз аҧсахрақәеи.

Аҧыза-министр Еврокомиссиа 12 абжьагарақәа рынагӡара апроцесс иалахәы аусбарҭақәа зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит ари апроцесс активла алахәызаареи қәҿиарала аусуреи азыҳәан.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура