Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр иҟаиҵаз ашықәсҿыцтәи адныҳәалара

2022-12-31

Акыр иаҧсоу сеицтәылауаа, ҳара иуадаҩыз, ахьааи, ауадаҩрақәеи, ашәарҭарақәеи зцыз даҽа шықәсык наскьаагои, аха, ари ашықәс, иара убас, ақәҿиара дуқәеи ахырхарҭақәа зегьы рыла апрогресси ҳзаанагеит. Ҳара, хшыҩла, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, ҭынч, аҭышәынтәаларала ари ашықәс ҳахысит, иааиуа 2023-тәи ашықәс ҿыц агәыҕра дула ҳаҧылоит. Сынтәа, Қырҭтәыла аҭоурыхтә ҵакы змоу ашьаҿа ҟанаҵеит, ҳара Евргоеидгыла алалара амзызла аофициалтә азыҳәамҭа ҟаҳҵеит, Европатәи Ахеилак азханаҵеит Қырҭтәыла европатәи аперспектива шамоу. Қырҭтәыла, ахатә уникалтә культуреи атрадициақәеи рыла, хымҧада европатәи аҭаацәара алахәылас иҟалоит! Ишаҧу ала, ҷыдала ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ашықәс зегьы иалагӡаны зхы иамеигӡакәа, гәыкала, зхатә занааҭдырреи абзиабара дуи ала ҳтәыла аинтересқәа зыхьчоз ауааҧсыра зегьы. Ирыдысныҳәалоит ҳтәыла ахьыҧшымреи, ашәарҭадареи, ахақәиҭреи иазықәҧо ҳаруаа фырхацәеи, ҳполициа аусзуҩцәеи, ашәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәеи, ҳофицарцәеи, абылрацәахьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи. Гәыкала ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ҳҳақьымцәеи, амедицинатә персонали, ҳпрофессорцәеи, арҵаҩцәеи, ҳҵарауааи, акультура аусхкы ахаҭарнакцәеи, ҳгәы зыздуу ҳспортсменцәеи, аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи - ҳтәыла шәара гәыкала инашәыгӡо аусура алҵшәақәа ирылаҽхәоит.

Ирыдысныҳәалоит ҳветеранцәа, ҳаҭыр зқәу ҳабиҧара еиҳабы, иара убас, ҳаиҵбацәагьы - аҿари ахәыҷқәеи ирыдысныҳәалоит. Аҧхарра ҷыдала ирыдысныҳәалоит аҳәаанырцә иҟоу ҳтәылауаа, ҳдиаспора. Иара убас, ирыдысныҳәалоит Қырҭтәыла инхо аукраин ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, ахәыҷқәеи. Ирласӡаны аибашьра ахыркәшареи ҭынч рыҩныҟа ахынҳәреи рзеиҕьасшьоит. Аетникатәи, акультуратәи, арелигиатәи ахкырацәара ду алахәылацәа зегьы ирыдысныҳәалоит, дара ҳтәыла аҿиара аус аҿы хәы змам алагала ҟарҵоит. Иҳаҩсыз ашықәс ҷыдала иуадаҩын агеополитикатә шәарҭарақәа рганахьала. Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала ауаа рацәа, аҭаацәарақәа рацәа рыҧсҭазаашьа аҽаҧсахит, аха, уи адагьы, арегион аҿгьы, Европагьы, адунеи аҿгьы агеополитикатә лабҿабара ҿыц шьақәгылеит. Апроблемақәеи ашәарҭарақәеи иазҧхьагәаҭаны имҩаҧаагоз аполитика, идадаҳкылоз аӡбарақәа зегьы, иҟаҳҵоз ашьаҿақәа зегьы, аҳәамҭақәа зегьы - ҳажәлари ҳтәылеи ринтересқәеи, ашәараҭадареи, аҭышәынтәалареи ахьчара иазкын. Хшыҩкрала имҩаҧаагоз аполитика аконкреттә алҵшәақәа ахылҵит - аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, ҳажәлар рыҧсҭазаашьа иаҳа еиҕьазтәуа зеиҧшҟамлац аекономикатә азҳареи. Ҳмилаҭтә интересқәеи, аҳәынҭқарреи ажәлари ршәарҭадареи, иҭышәынтәалоу аҧеиҧш рзеиқәыршәареи ауп ҳстратегиа хада шьаҭас иамоу.

Ахмырҟьацәара еснагь ақырҭуа жәлар рҟазшьа иалан, ахьаа рацәа зхызгахьоу ажәлар реиҳабыра ашәарҭарақәа рацәа рыла итәу иахьатәи алагылазаараҿы аҩцамреи аҟәышреи рылазароуп. Қырҭтәыла ауааҧсыра, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ҳтәылауаагьы, аҧсуеи ауаҧси ҳашьцәагьы, иаҳа-иаҳа агәра рго иалагеит Қырҭтәыла, ахатә ҭышәынтәалареи, аҭынчреи, ашәарҭадареи, аҿиара аласреи ала, дара ирзыманшәалоу ҩныс ишыҟало, араҟа дара акгьы иацәымшәакәа, европатәи апеспектива ҳтәылауаа ирнаҭо ахырҳагара ахархәареи ҳаҧхьаҟа иаҳа аҿиареи шрылшо. Сара агәра ганы сыҟоуп, ҳара иаку Қырҭтәыла ҕәҕәаҿы ҳшеицынхо. Аҧсуеи ауаҧси ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи даҽазнык гәыкала Ашықәс ҿыц рыдысныҳәалоит. Ахақәиҭра иазгәыку, зхы ҳаҭыр ақәызҵо ақырҭуа жәлар ауадаҩрақәа рҽанраалара иашьцылам. Ҳара, ахәаҧшыра ҿыцқәеи, амбициатә аплан дуқәеи апроектқәеи рыла 2023 шықәса ҳаҧылоит, иаҳа еиҕьу, иаҳа ақәҿиарақәеи хырҳагареи ҳзаазгаша, аҭынчратә ашықәс ҳазыҧшуп. Иаҳзеиҧшу ҳаҧсадгьыл аҿиареи, уи аҭышәынтәалареи, асоциалтә мышхәыбзазареи аиқәыршәароуп аиҳабыра еснагь хықәкыс ирымаз, наҟ-наҟгьы убасҵәҟьоуп ишыҟало. Ҳара, ҳаидгыланы, атәыла аҩныҵҟатәигьы адәныҟатәигьы апроблемақәа зегьы рыӡбара ҳалшоит, ҳажәлари ҳтәылеи рҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа зегьы еицыҳаӡбоит, атәыла аҿиареи арҕәҕәареи еицынаҳагӡоит.

Акыр иаҧсоу аҩызцәа, ҳуааҧсыра ибзиаӡаны ирдыруеит иахьа дара ирҭаху, ҳтәыла аҿиареи мышәхабзазареи аиқәыршәаразы иаҭаху. Ҳара ҳажәлар гәазыҳәарас ирымоу аадыруеит, ҳара Қырҭтәыла аинтересқәа мацара ҳрызхәыцуеит. Аҭабура - ақырҭуаа рзы ахадаратә ҵакы змоу аҟазшьақәа иреиуп, агәыҕреи ахақәиҭра азықәҧареи ҳҟазшьақәа ирзалумхо хәҭоуп, убри аҟынтә, 2022 шықәса аҭабурала инаскьаганы, 2023 шықәса агәыҕра дуи агәалаҟазаара бзиеи ала ҳаҧылоит. Ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыц, шәареи шәҭаацәарақәеи гәыкала ишәзеиҕьасшьоит иааиуа ашықәс ҳтәылазы амилаҭтә акзаареи, аҭынчреи, ҳгәыҕрақәа рынагӡареи, иаҳа абзиабареи, апатуеиқәҵареи, абарақьаҭреи, ақәҿиарақәеи рышықәсны иҟаларц. Анцәа даҳхылаҧшааит!

Қырҭтәыла аҧыза-министр

Иракли Ҕарибашвили