Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2022 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Еицыҟаҵаз аҳәамҭақәа

2022-12-22

Саудтәи Аравиа аҳреи Қырҭтәылеи рыбжьара иалкаау ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рконтектс аҿы, 2022 шықәса ҧхынҷкәын 21-22 рзы, ҳаҭыр зқәу Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, аофициалтә визитла, Саудтәи Аравиа аҳра даҭааит.

Саудтәи Аравиа аҳра аҳ итәарҭа ашьҭрамҭаҩи аҧыза-министри Моҳамед бин Салман Аль Сауд, Риад, Аль-Иамам аханаҿ Қырҭтәыла аҧыза-министр дидикылеит. Аофициалтә аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла арҭ аизыҟазаашьақәа рырҭбааразы иҟоу алшарақәеи ирылацәажәеит. Дара уажәазы арегиони адунеи рҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа ирызкны ргәаанагара еибырҳәеит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр, ҳаҭыр зқәу Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, 2030 шықәсазы адунеизегьтәи ацәыргақәҵа Еқспо амҩаҧгаразы Риад акандидатура дадгылоит, иара агәра ганы дыҟоуп Саудтәи Аравиа аҳра, аиновациақәа иреиҕьу рыҩаӡара аарҧшны, зыӡбахәы ҳәоу аглобалтә уснагӡатә аҭоурых аҿы аҧышәа ҷыда аҧҵареи иалкаау жәларбжьаратәи ацәыргақәҵара амҩаҧгареи шалшо.

Иаҳаракыра, Саудтәи Аравиа аҳра аҳ итәарҭа ашьҭрамҭаҩи аҧыза-министри Моҳамед бин Салман Аль Сауд Қырҭтәыла аиҳабыра рыла 2030 шықәсазы адунеизегьтәи ацәыргақәа Еқспо амҩаҧгаразы Риад акандидатура адгылара иҳаракны ахә ишьоит.

Аекономикеи, ахәаахәҭреи, анвестициақәеи ианрылацәажәоз, аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит аекономикеи ахәаахәҭреи аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаара аҵакы, убри азыҳәан ахәаахәҭратә хырхарҭа адиверсификациа мҩаҧгахоит, азеиҧш инвестициақәа аздырҳауеит. Саудтәи Аравиа аҳра 2030 шықәсанӡатәи аплан ала иазҧхьагәаҭоуп аинтеграциеи акапиал алаҵареи аганахьала иҟоу алшарақәа рхархәареи, иара убас, зырҿыцра ҟало афымца, ақыҭанхамҩа, атуризм, ааглыхра, атранспорт уҳәа, Қырҭтәыла аҿиаразы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа рызҧхьагәаҭареи. Аганқәа рхаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, ҩ-тәылак рыбжьара аекономикатә усеицура арҭбаареи аласра аизырҳареи аҿы ахадаратә роль нанагӡоит хазхаҭалатәи асектор. Иара иаҵшьны иазгәарҭеит аҩ-тәылак хазхаҭалатәи асекторқәа аинвестициақәа ралаҵаразы иашьашәалоу аҭагылазаашьақәа реиқәыршәареи, азеиҧш визитқәа рырлахҿыхреи, абизнесфорумқәа рымҩаҧгареи аҵакы. Иара убас, аиҧылара алахәылацәа, аҩ-тәылак рнаплакҩцәа рахь ааҧхьара ҟарҵеит аинвестициатә алшарақәа рхы иархәаны, аҩ-ганк ирзыфеидоу апартниорра шьақәдыргыларц. Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит Саудтәи Аравиеи Қырҭтәылеи ирзеиҧшу абизнесхеилак аиҿкааразы.

Аенергетика аусхкы ианалцәажәоз, аҩ-ганк иаҵшьны иазгәарҭеит анефҭ аглобалтә џьармыкьаҿы аҭышәынтәалара аҵакы. Ақырҭуа аган ишырҳәаз ала, анефҭ аглобалтә џьармыкьаҿы абаланси аҭышәынтәалареи ахьчараҿы Саудтәи Аравиа инанагӡо ароль иадгылоит. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, зырҿыцра ҟало афымца, аелектросистемақәа реимадара, аӡытә ресурсқәа аиновациатә принципқәа рыла рхархәара, уҳәа, абри аҩыза аухкқәа рҿы аҩ-тәылак ринтересқәа иазҧхьагәаҭаны аусеицура арҭбаареи арҕәҕәареи иазҿлымҳауп.

Аклимат аҽаҧсахра аусхкы аҿы, ақырҭуа аган, Саудтәи Аравиа аҳра имҩаҧнаго „Саудтәи аинициатива иаҵәеи" „Ааигәатә Мрагылара аинициатива иаҵәеи" иадгылоит. Саудтәи Аравиа аҳраҿ ари апрограмма алагара иалагахьеит, уи шьақәырҕәҕәан G20 алидерцәа рсаммит аҿы. Иара убас, аҩ-ганк ишьақәдырҕәҕәеит Аклимат аҽаҧсахра аконвенциеи Парижтәи аиқәшаҳаҭреи апринципқәеи, урҭ аус рыдулареи рынагӡареи аҵакы ду шамоу. Аҩ-ганк иазхарҵеит ааглыхратәи ашьха-аҵхратәи аусхкқәа рҿы аусеицура арҕәҕәара ахырхарҭала иҟаҵатәу ашьаҿақәа аҵакы ду шрымоу; иара убас, аҵакыду амоуп абри аусхкы аҿы азеиҧш интересқәа рынагӡара иацхрааша аусеицура алшарақәа раарҧшра. Аганқәа рхаҭарнакцәа ишеиқәшаҳаҭхаз ала, аконкуренциа зылшо ақыҭанхамҩатә аалыҵ ааглыхра аусхкы аҿы аусеицура иаҳа ирҭбаатәуп, дара ишырҳәаз ала, ақыҭанхамҩеи, арахәааӡареи, аҧсыӡааӡареи, абнааӡареи, аҳәырҧсаррақәеи ахырхарҭала ҩ-ганктәи аусеицура аҳәаақәҵара иазыхиоуп.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит аҩ-тәылак рҿы атуризм аҿиара аҵакы ду шамоу, иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан иҭышәынтәалоу атуризм аусхкы аҿы аусура ацхраара аҵакы, уи атуризм асектор аҿиара иацхраауеит. Аимадареи аинформациатә технологиақәеи аухскы ианалацәажәоз аганқәа рхаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, аҩ-тәылак рҿы игыло аҿар иаҳа еиҕьу аҧеиҧш рзеиқәыршәаразы, аимадареи, арыцхәтә економикеи, аиновациақәеи, акиберқәыҧшылареи аусхкқәа рҿы апартниорра арҕәҕәара аҵакы ду амоуп. Аҩ-ганк рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, еиуеиҧшым апандемиақәа ишахәҭоу ала рхылаҧшреи, иара убас, агәабзиарахьчара аусхкы аҿы иҟоу апроблемақәа рҭыҧқәҵареи амзызла, агәабзиарахьчара аусхкы аҿы аусеицура арҭабаара иазыхиоуп.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, атранспорттә усхкы еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла, иара убас, авиациа арлахҿыхра аганахьалагьы аусеицура арҭбаареи арҕәҕәареи аҵакы ду амоуп, уи абзоурала, азеиҧш интересқәа рынагӡара амзызла, аҧыррақәа рхыҧхьаӡара ацҵара рылшоит.

Аҵара аусхкы иадҳәланы аганқәа рхаҭарнакцәа ишьақәдырҕәҕәеит иреиҳаӡоу аҵареи, аҵарадырраҭҵаареи, аиновациақәеи ахырхарҭала аусеицура арҕәҕәара аҵакы, аҩ-тәылак руниверситетқәеи рҵарадырраҭҵааратә институтқәеи рыбжьара ишиашо аимадарақәа рырҭбаара алагьы. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, аспорти аҿари русхкы аҿы аусеицуразы алшарақәа раҧҵара иазку азҵаарақәа аус рыдулара иазыхиоуп.

Ашәарҭадара аусхкы иадҳәаланы аганқәа ишьақәдырҕәҕәеит ирзеиҧшу аинтересқәа рхырхарҭала аусеицуреи акоординациа аҩаӡара ашьҭыхреи шырҭаху, уи ала иазҧхьагәаҭоуп ацәгьаура аформақәа зегьы раҧыхреи, аҧышәа аиҭныҧсахлареи, акадрқәа реиҭазыҟаҵареи, аусеицуреи акоординациеи арҕәҕәареи, аиҩызаратә аҩ-тәылак рҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ахьчара амзызла.

Жәларбжьаратәи ахырхарҭала аганқәа рхаҭарнакцәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит жәларбжьаратәи аҭынчреи ашәарҭадареи ахьчара ацхраара ишазыхиоу. Украина - Урыстәылатәи акризис азҵаара иадҳәаланы аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит ари аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵара аҵаки, алшарақәеи ахархәагақәеи зегьы рыла аескалациа армаҷра ахымҧадареи, уи ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи аиҭашақәыргылара иацхраауеит, зыӡбахә ҳәоу акризис иахылҵуа алҵшәа цәгьақәа армаҷуеит. Ақырҭуа аган ахаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит Саудтәи Аравиа аҳра аҳ ишьҭрамҭаҩ, аҧыза-министр Моҳамед бин Салман Аль Сауд Украина иазааиҧшыз аполитикатә адгылареи украинаа ириҭаз агуманитартә цхыраареи, аибашьра абаандаҩцәа рхақәиҭтәра иазку аҽазышәарақәеи. Ақырҭуа аган гәахәарыла иазгәарҭеит уажәааны Саудтәи Аравиа, агәыҳалалратә цхыраара ҳасабала, украинаа рҭагылазаашьа аиҕьтәразы иҵегьы 400 миллион адоллар шырзоунажьҭыз.

Аганқәа ишеиқәшаҳаҭхаз ала, жәларбжьаратәи афорумқәеи аиҿкаарақәеи рҿы, урҭ рыбжьара - жәларбжьаратәи авалиутатә фонди Адунеи абанки рҿгьы, аидгылареи акоординациеи нарыгӡоит. Аганқәа рхаҭарнакцәа арегионалтәи жәларбжьаратәии азҵаарақәеи азеиҧш интересқәеи рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит. Адунеи зехьынџьара аҭынчреи ашәарҭадареи ашьақәыргылара ацхраара амзызла ари ахырхарҭала аусеицуреи акоординациеи шырҭаху шьақәдырҕәҕәеит.

Иемен азҵаара иадҳәаланы, аганқәа рхаҭарнакцәа ишьақәдырҕәҕәеит Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҽазышәара ишадгыло, уи Иементәи акризис аполитикатә мҩала аҭыҧқәҵара иазкуп. Ақырҭуа аган Иемен аибашьра ахыркәшареи, еиҿагылоу аганқәа рыбжьара адиалог ацхраареи иазку Саудтәи Аравиа аинициативақәеи аҽазышәарақәеи ргәаҧхеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, Персиатәи аӡыбжьахала аиницитивеи уи анагӡара амеханизмқәеи, иара убас, Иемен амилаҭтә диалоги Ашәарҭадара ахеилак 2015 шықәсазы иаднакылаз N2216 арезолиуциеи ирышьашәаланы, Иементәи акризис аполитикатә мҩала аҭыҧқәҵаранӡа ҳназгаша аҳасабтәқәа рынагӡара аиқәыршәара амзызла, Иементәи ареспублика апрезиденттә напхгара ахеилак адгылара аҵакы ду амоуп. Ақырҭуа аган ахаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, дара аҳ Салман ихьӡ зху агуманитартә цхыраара ацентри, иара убас, Саудтәи Аравиа аҿиареи Иемен ареконструкциа апрограммеи рыла Саудтәи Аравиа аҳра Иемен ауааҧсыра ирзеиқәнаршәаз агуманитартә цхыраареи аҿиара иазку аинициативақәеи рыхә ршьоит.


Авизит анҵәамҭазы, Қырҭтәыла аҧыза-министр Саудтәи Аравиа аҳ итәарҭа ашьҭрамҭаҩи аҧыза-министри Моҳамед бин Салман Аль Сауд ҭабуп ҳәа иеиҳәеит хаҭала иареи ицу аделегациеи гәыкала рыдкыларазы. Саудтәи Аравиа аҧыза-министр Қырҭтәыла азеиҕьеишьеит аҿиареи мышхәыбзазареи, аиҩызаратә ақырҭуа жәлар - мышхәыбзазареи анасыҧи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура