Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2022 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиа аҳ иҭыҧ ашьҭрамҭаҩи аҧыза-министри диҧылет

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиа аҳ итәарҭа ашьҭрамҭаҩи аҧыза-министри, апринц Моҳамед бин Салман бин Абдулазиз Аль Сауд диҧылеит.

Аль-Иамам аханаҿ аҧыза-министр иҧылара ацеремониа мҩаҧган.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак русеицураҿы иҟоу адинамика бзиеи аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Азиеи Европеи еимыздо атранзиттә центри апотенциал ду змоу атранзиттә корридори аҳасабала Қырҭтәыла иамоу ароли аҵаки. Саудтәи Аравиа аган ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, Қырҭтәыла апотенциал активла ахархәара иазыхиоуп.

Излацәажәаз азҵаарақәа иреиун атуризм аусхкы аҿы аусеицура арҭбаара аганахьала иҟоу аперспективақәа. Аҧыза-министр ишзгәеиҭаз ала, атуризм - Қырҭтәыла аекономикаҿы ирласӡаны аҿиара иаҿу секторуп, Саудтәи Аравиа ауааҧсыра авизадатә режим рхы иадырхәоит, убри аҟынтә, Саудтәи Аравиантә аҭааҩцәа рхыҧхьаӡара есышықәса иазҳауеит.

Иара убас, аиҧылараҿы аинвестициатә хырхарҭақәагьы ирылацәажәеит. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, аҳәынҭқарратә инвестициатә фондқәеи хазхаҭалатәи абизнеси аганахьала, Қырҭтәыла Саудтәи Аравиазы аинтерес аҵоуп. Аҧыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра, Саудтәи Аравиантә иаҳа ирацәаны аинвесторцәа Қырҭтәылаҟа ралалара иазыразуп.

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы иаҳаҭыр аҟынтә, Аль-Иамам аханаҿ аофициалтә уаххьа мҩаҧган.

Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиа аҳра аҧыза-министр Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура