Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2022 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Қырҭтәыла аҧыза-министр Бухарест Румынтәыла аҧыза-министр диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Румынтәыла иусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Бухарест, Румынтәыла аҧыза-министр Николае-Ионел Чуке диҧылеит.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, апартниор тәылақәа рыла аенергиа иаҵәа арҿиареи амҩангареи иазку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра зҵакы дуу хҭысуп европатәи аенергошәарҭада аиқәыршәара аганахьала.

Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, ари апроект аҵакы ҷыда амоуп Амшын еиқәа арегионаҿ аенергошәарҭадареи аимадареи азы иҟоу алшара рырҕәҕәаразы, иара иажәақәа рыла, аханатә, ари аидеиа аҧшьаргеит 2 тәылак - Амшын еиқәа аӡаҵантәи афымцатә кабель апроект асахьала, аха, анеҩс, уи зымҽхак дуу европатәи апроектс ишьақәгылеит.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәыла абри аинициатива иаамҭаны анагӡара иазҿлымҳауп.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, астратегиатә партниорра зыбжьоу 2 тәылак рыбжьара аусхкытә усеицура арҭбаара аҵакы иазааҭгылеит, ари аганахьала ҷыдала иалкаан ахәаахәҭреи, аекономикеи, атәылахьчареи, ашәарҭадареи, аҵареи, акультуреи аусхкқәа. Аиҧылараҿы Қырҭтәыла аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Румынтәыла Қырҭтәыла ахадаратә ахәаахәҭратә партниорцәа иреиуп, Қырҭтәыла, ахәаахәҭреи, аекономикеи, егьырҭ ахырхарҭақәеи рырҭбааразы иҟоу апотенциал инаӡаны ахархәара иазыхиоуп.

Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла атәылахьчара арҕәҕәара амзызла аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атәыла крызҵазкәа афинанстә цхыраара азоушьҭра иазку аӡбара, убри ала Румынтәыла даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит аполитикатәи апрактикатәи ганахьала ҕәҕәала Қырҭтәыла ишадгыло.

Иракли Ҕарибашвили румынтәылатәи иколлега даҽазнык ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи, европатәи евроатлантикатәи аусхәаҧштә анагӡараҿы ацхраареи азыҳәан.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура