Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2022 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Иракли Ҕарибашвили - Қырҭтәылеи, Румынтәылеи, Азербаиџьани, Венгриеи рфымцамҩангагатә цәаҳәақәеи асистемақәеи еидҵаны, Европа, Қырҭтәыла мацараҿ акәымкәа, Аахыҵ Кавказ зегьы аҟны аимадара ашьақәыргылара алшоит

Агеополитикатә ҭыҧ абзоурала, Қырҭтәыла, Мрҭашәареи Мрагылареи еимыздо ацҳас, иара убас, амшын ашҟа аҭыҵырҭа змам Аахыҵ Кавкази Ацентртә Азиеи аа-тәылак рзы агәашәс иҟалеит, уи Евроеидгыла ахсаалаҿы крызҵазкәа ҭыҧуп атранспорттә маршрутқәа рдиверсификациеи Европаҟа аенергоресурсқәа рнагареи аконтекст аҿы, - иҳәеит Қырҭтәылa аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Румынтәыла, уаҟа иара апленартә сессиа - «Аенергиа иаҵәа арҿиареи ахархәареи азы астратегиатә партниорра» ихы алаирхәит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Румынтәыла, Котрочена аханаҿ имҩаҧгаз апленартә сессиа - «Аенергиа иаҵәа арҿиареи ахархәареи азы астратегиатә партниорра» аҿы дықәгылан, асессиа иалахәыз егьырҭ алидерцәа рыгәҭа, астратегиатә партниорра иадҳәаланы рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра ҿыц далацәажәеит.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, уажәазы иҟоу агеополитикатә проблемақәеи Украина имҩаҧысуа аибашьреи лабҿаба аадырҧшит аенергетикатә шәарҭадара аусхкы аҿы адиверсификациеи аҭышәынтәалареи зда ҧсыхәа иҟам аҭагылазаашьақәа ишреиу.

Аиҳабыра рнапхгаҩы, ари аҭоурыхтә ауснагӡатә аиҿкаареи амҩаҧгареи азы румынтәылатәи аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иара убас, Урсула фон дер Лаиенгьы ҭабуп ҳәа леиҳәеит ари апроект адгыларазы.

„Зҵакы дуу иахьатәи аилатәара алахәылацәа рҿаҧхьа ақәгылара алшара сеигәырҕьоит. Румынтәыла анапхгара ҭабуп ҳәа расҳәоит абри аҭоурыхтә уснагӡатә аиҿкаареи амҩаҧгареи азыҳәан. Иара убас, абри апроект адгыларазы ҭабуп ҳәа ласҳәар сҭахуп Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен.

Уажәазы иҟоу агеополитикатә проблемақәеи Украина имҩаҧысуа аибашьреи лабҿаба аадырҧшит аенергетикатә шәарҭадара аусхкы аҿы адиверсификациеи аҭышәынтәалареи зда ҧсыхәа иҟам аҭагылазаашьақәа ишреиу.

Агеополитикатә ҭыҧ абзоурала, Қырҭтәыла, Мрҭашәареи Мрагылареи еимыздо ацҳас, иара убас, амшын ашҟа аҭыҵырҭа змам Аахыҵ Кавкази Ацентртә Азиеи аа-тәылак рзы агәашәс иҟалеит, уи Евроеидгыла ахсаалаҿы крызҵазкәа ҭыҧуп атранспорттә маршрутқәа рдиверсификациеи Европаҟа аенергоресурсқәа рнагареи аконтекст аҿы. Убри аҟынтә, аимадара азҵаара аҵакы ҷыда анаҳшьеит, Кавказтәи арегиони Европеи рыбжьара аимадара аиқәыршәаразы ахәаҧшыра ҷыда ҳамоуп. Аенергиатәи, арыцхәтәи, атранспорттәи инфраструктура арҿиареи амодернизациеи аҧара ду алаҳҵоит. Абарҭ аусхкқәа Евроеидгыла астандартқәеи анормақәеи ирышьашәалазар ҳҭахуп. Абри зегьы Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи, Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра наӡа иазку аиқәшаҳаҭреи, Азеиҧш авиациатә қәыҧшылара иазку аиқәшаҳаҭреи, Европа аенергетикатә аидҵара алалареи аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳхы иадаҳҵаз аҧхықәрақәа ирышьашәалоуп. Европа атранспорттә аҳа хада арҭбаареи Мрагыларатә партниорра аекономикатәи аинвестициатәи плани крызҵазкәа алшарақәа ҳадаргалоит амилаҭтәи, иара убас, арегионалтәи аҵакы ду змоу абри аҩыза апроектқәа рынагӡаразы",- иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхагаҩы иажәақәа рыла, Қырҭтәылеи, Румынтәылеи, Азербаиџьани, Венгриеи рфымцамҩангагатә цәаҳәақәеи асистемақәеи еидҵаны, Европа, Қырҭтәыла мацараҿ акәымкәа, Аахыҵ Кавказ зегьы аҟны аимадара ашьақәыргылара алшоит.

Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, зыгәра угаша атранзиттә партниор аҳасабала, крызҵазкәа ароль нанагӡоит Каспиатәи амшын абассеин аҟынтәи мраҭашәарашҟа аенерготранзит арегионалтә маршутқәа рҿы.

Иара убас, Иракли Ҕаибашвили ишазгәеиҭаз ала, абри апроект анагӡара абзоурала, астратегиатә партниорра аҩаӡара иаҳа ишьҭыҵуеит.

„Акыр иаҧсоу аҩызцәа, шықәсқәак раҧхьа, Қырҭтәыла аинициативала, авольтҳарактәи аӡаҵантәи афымцамҩангага ала Кавказтәи арегиони Европеи реимадара иазку апроект аус адулара иалагеит. Иахьа, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Румынтәылеи, Венгриеи рыбжьара афымца иаҵәа арҿиареи амҩангареи аҿы аусеицура иазку апроект анапаҵаҩрала, ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәеит аенергиа иаҵәа амҩангаразы аусеицура ҳшазыхиоу.

Шәара ибзианы ижәдыруеит Қырҭтәыла зырҿыцра ҟало ахыҵхырҭақәа рыла имцху аенергиа ааглыхра аганахьала апотенциал ду шамоу. Ҳара Европа мацара акәымкәа, агылара иҟоу атәылақәа рышҟагьы аенергиа амҩангаразы иаҭаху аинфраструктура ҳамоуп. Амшын еиқәа аӡаҵантәи акабель аперспектива ду ҳнаҭоит. Зыӡбахәы ҳәоу апроект зырҿыцра ҟало аенергохыҵхырҭақәа рырҿиара иацхраауеит, иара убас, Евроеидгылеи Аахыҵ Кавкази рыбжьара атранзиттәии ахәаахәҭратәии алшарақәа азнарҳауеит. Абри апроект анагӡара абзоурала, Қырҭтәылеи, Румынтәылеи, Азербаиџьани, Венгриеи рфымцамҩангагатә цәаҳәақәеи асистемақәеи еидҵаны, Европа, Қырҭтәыла мацараҿ акәымкәа, Аахыҵ Кавказ зегьы аҟны аимадара шьақәнаргылоит.

2020 шықәса рашәарамзазы, Амшын еиқәа аӡаҵантәи акабель заанаҵтәи аекономикатә анализ ашьаҭала, Адунеи абанк анализ алҵшәақәа цәырганы, ишьақәнарҕәҕәеит аекономикатә ганахьала ари апроект анагӡара шахәҭоу.

2021 шықәса мшаҧы 26 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра рыла аконкурс рылаҳәан Амшын еиқәа аӡаҵантәи афымцатә кабели арыцхәтә аимадареи аргылара апроект атехника-економикатә аҵаҵгәыркра амҩаҧгаразы. Алхра ҟаҵан Адунеи абанк ала иҳәаақәҵоу аахәаратә процедурақәа рыла, аиааирагаҩы даарҧшын. 2022 шықәса лаҵара 11 рзы иалагаз аҭҵаарақәа 18 мза рыла ихыркәшан.

Абри ахырхарҭала иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп - арегионаҿ аусеицуреи аенерготранзит алшарақәа рырҿиареи азҵаара ҳаиҳабыра рзы астратегиатә ҵакы амоуп. Қырҭтәыла, зыгәра угаша атранзиттә партниор аҳасабала, крызҵазкәа ароль нанагӡоит Каспиатәи амшын абассеин аҟынтәи мраҭашәарашҟа аенерготранзит арегионалтә маршутқәа рҿы.

Абри апроект анагӡара абзоурала, ҳтәылақәа рыбжьара астратегиатә партниорра аҩаӡара шьҭыҵуеит. Даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Қырҭтәыла апотенциал ду шамоу зырҿыцра ҟало аенергиа ааглыхреи аекспорти ахырхарҭала, убри ала Европа аенергошәарҭадара арҕәҕәараҿы алагала ду ҟаҳҵоит.",- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Апленартә сессианӡа, Котрочена аханаҿ, аиқәшаҳаҭра знапы аҵазуа атәылақәа рлидерцәа рҧылара ацеремониа мҩаҧган, анеҩс, аганқәа рхаҭарнакцәа рнапы аҵарҩит „Азербаиџьантәи ареспубликеи, Қырҭтәылеи, Румынтәылеи, Венгриеи рыбжьара аенертиа иаҵәа арҿиареи амҩангареи азы астратегиатә усеицура иазку" аиқәшаҳаҭра.

Румынтәылаҿ аҧыза-министр ицуп аиҳабыратә делегациа, уи иалоуп авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәаләоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура