Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аусуратә визитла Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рахь ддәықәлеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы аделегациа ицуп.
Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиҳабыра рнапхгаҩы зыҩаӡара ҳараку ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигоит.
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили анапхгара ззиуа аделегациа иалоуп авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура