Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2022 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Прага, Евроеидгыла аҧшьгарала иаҧҵаз Европатәи аполитикатә аиҩызара раҧхьатәи асаммит ихы алаирхәоит

Жьҭаара 6-7 рзы, Чехиа аҳҭнықалақь Прага имҩаҧысуеит Евроеидгыла аҧшьгарала иаҧҵаз Европатәи аполитикатә аиҩызара раҧхьатәи асаммит. Асаммит рхы аладырхәоит Евроеидгыла иалоу 27 ҳәынҭқаррақәеи 17 апартниортә ҳәынҭқаррақәеи рнапхгаҩцәа. Аиҳабыра рнапхгаҩы дызхагыло Қырҭтәыла аиҳабыратә делегациа иахьа Прагаҟа идәықәлеит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Европатәи аполитикатә аиҩызара атәылақәа рлидерцәа рыгәҭа, аишәа гежь аформатаҿ имҩаҧысраны иҟоу зыҩаӡара ҳараку атематикатә дискуссиа ихы алаирхәоит.

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили дызхагыло Қырҭтәыла аделегациа иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура