Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2022 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан диҧылеит

Ниу-Иорк, ЕАР Ассамблеиа Хада аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак русеицура иаҵанакәа азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа қәҿиарала аҿиара иаҿуп, аусеицура арҭбааразы ашьаҭа бзиа иҟоуп.


Иара убас, Иракли Ҕарибашвилии Никол Ҧашиниани Аахыҵ Кавказ аҿы аҭагылазаашьа иалацәажәан, аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара аҵакы азгәарҭеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, иара ҳаҧхьаҟагьы амедиатор ироль анагӡареи арегиони уи анҭыҵи аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара ацхраареи дазыхиоуп.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура