Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2022 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Аҧыза-министр иқәгылара ЕАР 77-тәи асессиа адебатқәа рҿы

Ҳаҭыр зқәу ахада,

ҳаҭыр зқәу амаӡаныҟәгаҩ хада,

акыр иаҧсоу аколлегацәа,

аҩызцәа ,

Сара сзы ҳаҭыр дууп ақырҭуа жәлар рыхьӡала Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада алахәылацәа рҿаҧхьа даҽазнык ақәгылара.

Иахьа ҳара 77-тәи асессиаҿы ҳаизаны, ахадаратә принципқәеи, насгьы, ҳара, жәларбжьаратәи ауаажәларра, ЕАР ашьаҭакра амш инаркны иахьанӡа иҳамоу апрогресси анализ рзаауеит. 1946 шықәсазы, раҧхьатәи асессиаҿы, ари аиҿкаара ашьаҭаркҩцәа ажәа шьҭарҵеит аглобалтә ҭынчреи ашәарҭадареи азы ишеидгылоз.

Крызҵазкәа ақәҿиарақәа шыҟоугьы, ҳара иазхаҳҵароуп ари аиҿкаара иалоу атәылақәа ирҿагыланы иахьагьы агрессиа шымҩаҧысуа. Абарҭ афактқәа роуп Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҧҵара ҵаҵгәыс иамаз.

2008 шықәсазы Урыстәыла ҳтәыла иажәылеит, убри амшала, ҳҵакырадгьыл 20 наӡына иахьагьы импыҵахалоуп. Уажәтәи аетапазы жәларбжьаратәи ауаажәларра ари агрессиа иазхарҵеит, аха, ҳара лабҿаба иаабеит ахақәиҭреи аҭынчреи аиқәыршәаразы адунеи адемократиақәа хымҧада аусеицура шрыхәҭоу.

Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҧҵан агыло абиҧарақәа аибашьра иахылҵуа арыцҳара ду ахгара рықәымшәарцаз, аҳәынҭқаррақәа рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи ихьчарцаз. Абри ауп ҳара иаҳуалу.

Иахьа Қырҭтәылеи, зхы ҳаҭыр ақәызҵо, ахақәиҭра бзиа избо ҳмилаҭи сырхаҭарнакуп, сара сзы уи ҳаҭыр дууп. Ҳара ҳҭынхареи ҳҭоурыхи ихьчаны, иҿианы, 21-тәи ашәышықәса агеополитикатә лабҿабара ианааларатәы иҟаҳҵеит.

Ҩажәеижәаба шықәса раҧхьа Қырҭтәыла Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара алахәылас иҟалеит. Иахьа зеиҧшҟамлац ала еилаҳкаауеит ҳрегиони инеизакны адунеи ирзеиҧшу апринципқәа рыхьчара шаҳуалу.

Ҳара жәларбжьаратәи апартниорцәа рҟны аусеицурала аҭынчра ашьақәыргыларазы алшарақәа зегьы ҳхы иаҳархәоит. Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа аҵакы ду рымоуп 2008 шықәсазы, Евроеидгыла абжьацәажәарала, амца аанкылара иазкны Урыстәыла иаднакылаз аиқәшаҳаҭра анагӡара аиқәыршәаразы. Жәларбжьаратәи ауаажәларра Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит, Қырҭтәыла ари адгылара иҳаракны ахә ршьоит.

Стәыла 20 наӡына уажәгьы Урыстәыла ала импыҵахалоуп, аха, уезгьы, ари апроблема ду ҳхырхарҭа азаҧсахуам, ҳара иреиҳаӡоу акапантә категориаҿы аицлабра наҳагӡоит, жәларбжьаратәи ауаажәларра аусураҿы алагала ҟаҳҵар ҳҭахуп.

2012 шықәсазы ҳгәыҧ анапхгара анырга амш инаркны, амбициатә реформақәа русхәаҧштә анагӡара ҳаҿуп, уи абзоурала, жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа - Евроеидгылеи, Иеиду Аштатқәеи, НАТОи, ЕАРи ҳарзааигәахеит. Ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара амш инаркны раҧхьаӡа акәны, Қырҭтәыла, аҭынчреи, мышхәыбзазареи, аҭышәынтәалареи аганахьала зеиҧшҟамлац аихьӡарақәа зцыз жәашықәса мҩаҧысит.

Аглобалтә аҩаӡараҟны Қырҭтәыла аӡыргаразы еиҧмырҟьакәа аус аауеит, алҵшәақәагьы ҳамоуп. ««Адунеизегьтәи аиашаӡбара апроект» ала ицәыргаз азин аиҳаӡара аиндекс аҿы, Қырҭтәыла, Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи арегионаҿ актәи аҭыҧ ааннакылоит, «Абиуџьет аартызаара аиндекс» аҿы - адунеиаҿ актәи аҭыҧ ааннакылоит, аекономикатә хақәиҭра иазкны «Института Фреизер иинститут» 2011шықәсатәи адыррақәа рыла, ҳтәыла, Сингапури Швеицариеи инарываргыланы, адунеи иреиҕьу ахәбарак ирылоуп. Аҧсҭазаара ахаҭабзиара аглобалтә база инақәыршәаны, Қырҭтәыла адунеиаҿ зегьы реиҳа ишәарҭам ҳәынҭқаррақәа иреиуп, 14-тәи аҭыҧ аанаҳкылоит.

Америкеи Европеи рзааигәахара инаваргыланы, ҳара адемократиатә аиҭакрақәа рынагӡаразгьы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит.

Ирҕәҕәоу евроатлантикатәи европатәи интеграциа - уи ҳҭоурыхи, ҳкультуреи, насгьы, зегьы раасҭа ихадоу, ҳмилаҭтә принципқәеи зцеиҩаҳшо европатәи амилаҭқәа рҭаацәарахьы ҳзырхынҳәуа мҩоуп.

Ҳара европатәии евроатлантикатәи интеграциа ахырхарҭала ҧхьаҟацара ҳаҿуп. Абри ахықәкы ҳшақәныҟәо убарҭоуп инаҳагӡахьоу аусқәеи ареалтә алҵшәақәеи рыла, урҭ рыбжьара, Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи, Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭреи, Евроеидгылаҿы авизадатә режими рылагьы.

Сынтәа ҳара Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа ҟаҳҵеит.

Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьра иазкны Европатәи Ахеилак иаднакыылаз аӡбара ахықәкы ҿыцқәа ҳәаақәнаҵеит. Ҧасеиҧш, уажәгьы, Қырҭтәыла абарҭ ахықәкқәа зегьы нанагӡоит.

Евроеидгыла алалара алшара ҳтәылеи ҳуааҧсыреи гәызҭаҵагас ирзыҟалеит. Ҳара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит европатәи аперспектива аҭакҧхықәра дуӡӡа шацу Евроеидгылаҟны аполитикатәи, аекономикатәи, азинтәи ашьашәалазаара аганахьала. Қырҭтәыла, зыҧшра ҟамҵакәа, Европатәи Ахеилак аӡбара ақәҿнаҭын, Евроеидгылантә иҳауз 12 абжьагарақәа рынагӡара иазку ауснагӡатәқәа рплан цәыраагеит.

Аинклиузивтә процесс ала иазҧхьагәаҭоуп анапхгаратә амахәқәа зегьы, иара убас, аоппозициатә партиақәеи атәылауаҩратә уаажәларреи рылахәызаара. Аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа зегьы рыла аусуратә гәыҧқәа еиҿкаауп, урҭ ирылахәып иаҿлымҳау аганқәа зегьы. Ҳара апрогресс ҳамоуп, аграфик ҳаҧысуеит.

Еилыккаа исҳәар сҭахуп, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус ахәҭоуп, уи ари аҿкаара алалара ҳзаанагоит, абиҧарақәа рацәа ргәазыҳәара лабҿабарас иҟанаҵоит

Аполитика адокумент хада асахьала, кыраамҭалатәи аҿиара астратегиатә план еиқәҳаршәеит, уи аҿы иарбоуп 2030 шықәсанӡа атәыла аҿиара адирективақәеи аҧыжәарақәеи, ари аплан ЕАР иҭышәынтәалоу аҿиара аусхәаҧштә иашьашәалоуп.

Атәылаҿ еқәыршәоуп Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амилаҭтә стратегиа ҿыц 2022-2030 шықәсқәа рзы. Аиҳабыра уи шьақәдырҕәҕәеит жәларбжьаратәи апартниорцәеи атәылауаҩратә уаажәларра аҭыҧантәи аиҿкаарақәеи рҟны еиқәшаҳаҭны. Зыӡбахәы ҳәоу астратегиа хықәкыс иамоуп ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара астандартқәа реиҕьтәразы ахырхарҭақәа рҳәаақәҵара, уигьы ЕАР иҭышәынтәалоу аҿиара ахықәкқәа ирышьашәалоуп. Зыӡбахәы ҳәоу адокумент аҿы иарбоуп ауаҩытәыҩса ихадаратә зинқәеи ихақәиҭрақәеи зегьы. Қырҭтәыла ахкырацәаратә арегионалтә центрс ашьақәыргылара иазку астратегиа аус адуларазы адунеи иреиҕьу афирмақәеи иҟәышӡоу ауааҧсыреи аус рыцаауеит. Ҳфинанстә сектор аглобалтә аҩаӡараҟны ахьӡ бзиа амоуп, уажәы жәларбжьаратәи аинвесторцәа рыдаҧхьалара ҳаҿуп аҵареи агәабзиарахьчареи асекторқәа иацҵаны акапитал ралаҵаразы.

Старатапқәа аекосистема аҿиара иаҿуп. Алогистикатәи аенергетикатәи потенциал ахархәара амоуп, абри зегьы Қырҭтәылеи ҳуааҧсыреи ирыцхраауеит иҭышәынтәалоу, зпрогнозҟаҵара ҟало аекономика аҿиараҿы.

Ҳаиҳабыра имҩаҧырго аполитика иаша абзоурала, COVID-19 апандемиа ҳаналҵуаз, ҳекономика ирласӡаны аиҭашьақәыргылара иалагеит. 2021 шықәсазы 10.4 наӡына аекономикатә азҳара ҳаман, 2022 шықәса ажьырныҳәа-ҧхынгәы азы ҳаззыҧшыз аасҭа иаҳа идуу арбага - 10.3 наӡына азҳара иҟан. Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд адыррақәа инрықәыршәаны, 2022 шықәсазы ҳекономикатә азҳара азҧхьагәаҭарақәа 9 наӡынанӡа ишьҭыҵит, уи, раҧхьа иргыланы, апандемиа ашьҭахь аҭагылазаашьа аиҭашьақәыргылареи Украина имҩаҧысуа аибашьра алҵшәақәа излауа ала рырмаҷреи азы ҳаиҳабыра активла имҩаҧыргаз аусура иабзоуроуп.

Ҳтәылауаа зегьы, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсырагьы, алшарақәа зегьы рызеиқәҳаршәоит, ахархәагақәа зегьы раҳҭоит. Убри аҟынтә, иахьа, абра, Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хадаҿы, аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәа рахь ишиашо ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп, даҽазнык ирасҳәар сҭахуп акзаара шакәу ҳара мчыс иҳамоу, ҳара, ҳадгыланы, ҭынҷ, Қырҭтәыла ҕәҕәа ҳаргылоит, ҳтәыла ишәҭыкакаҷу, зхы иақәиҭу, иаку, европатәи ҳәынҭқаррас иҟаҳҵоит.

Стәыла иазааигәаны уажәгьы аибашьра мҩаҧысуеит. Урыстәыла Украинаҿ имҩаҧнаго зымҽхак дуу аибашьра Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахартиеи жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәеи еиланагоит.

Қырҭтәыла Украина иадгылоуп. Аибашьра ианалага инаркны, ҳаиҳабыра Украина крызҵазкәа агуманитартә цхыраара арҭеит, 1000 тонна еиҳаны агуманитартә аидара рзаҳшьҭит. Уажәазы Қырҭтәыла инхо 32 нызқьҩык еиҳаны украинаа афинанстә цхыраара раҳҭоит, анхарҭақәа рыла еиқәҳаршәоит.

Қырҭтәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара рҵоит 1500ҩык еиҳаны украинатәи аҵаҩцәа. Урҭ реиҳара аукраин бызшәала аҵара рҵоит, астандарттә украинатә аҵаратә план инақәыршәаны.

Ҳара, жәларбжьаратәи аиҿкаарқәеи аинститутқәеи Украина адгыларазы ирыдыркылаз 400 арезолиуциақәеи, аҳәамҭақәеи, еиуеиҧшым аинициативақәеи ҳрыдгылеит, ма ҳрылахәуп, иара убас, Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго агрессиа агуманитартә алҵшәақәа ирызку ЕАР ассоциациа 76-тәи арезолиуциа ахадаратә адгылаҩцәа ҳреиуп.

Қырҭтәыла аинвестициатә лагылазаара иазку Америка аҳәынҭқарратә департамент аҳасабырба ҿыц инақәыршәаны, „Қырҭтәыла Амилаҭтә банки афинанстә институтқәеи Америкеи егьырҭ атәылақәеи Урыстәылатәи афедерациа иазышьақәдыргылаз афинанстә санкциақәа ирықәныҟәоит".

2014 шықәсазы Евроеидгыла Ҟрыми Севастополи ирзышьақәнаргылаз аҭагылазаашьақәа ҳрықәшаҳаҭхеит, сынтәа арҭ аҭагылазаашьақәа Донецкии Лугански ирыдкьыслеит.

Украина имҩаҧысуа аибашьра лабҿаба иҳнарбеит Амшын еиқәа ашәарҭадара евроатлантикатә ашәарҭадаразы аҵакы ду шамоу, Қырҭтәыла, ари арегионалтә инфраструктура иузалымхуа хәҭак ҳасабала, азеиҧш шәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы ахатә алагала аҟаҵара иазыхиоуп.

Ҳара ибзиаӡаны иаадыруеит ашәарҭадара аҭышәынтәылара шахылҵуа, аҭышәынтәалара - апрогнозҟаҵара алшара. Иҭышәынтәалоу аекономикатә аҿиаразы зда ҧсыхәа иҟам аҭагылазаашьақәа иреиуп апрогнозҟаҵара алшара. Амшын еиқәа арегион апрогнозҟаҵара алшара шаҟа идухо аҟара, ҳажәларқәеи аглобалтә економикеи ирзыфеидоу аекономикатә потенциал аартра ҳалшоит.

Абри ахықәкы анагӡаразы, Азиеи Европеи еимыздо астратегиатә транспорттә корридор арҿиара ҳаҿуп. Европатәи ҳколлегацәа ҳрывагыланы, ҳаимадара еиҕьазтәуа, Амшын еиқәа арегионаҿ зыгәра угаша ахәаахәҭратә аимадарақәа ирыцхрааша иакымкәа жәларбжьаратәи аинициативақәеи аинфраструктуратә проектқәеи ҳрылахәып.

Арегионаҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, ҳгәылацәа реизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит. Ақәҿиарақәа зхылҵыз афактқәа ҳамоуп. Урҭ иреиуп 15ҩык ашәамахь аруаа рхақәиҭтәра, уи ацынхәрас, Азербаиџьан аиуит аминақәа зҵоу аҵакырадгьылқәа рхсаалақәа.

Сынтәа ҧхынгәы азы, Қарҭ, Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара мҩаҧган. Ҳрегионаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи шьақәгыларц азыҳәан, аиҿцәажәарақәа рцентрс ҳҟаларц ҳахиоуп.

Ари аус даараӡа иацхраауеит аҭынчратә агәыларатә инициатива, уи ала иазҧхьагәаҭоуп Аахыҵ Кавказ атәылақәа рыхҧагьы рылахәызаара. Аха, уи иаанагом егьырҭ аформатқәа рҿы аус еицаауам ҳәа. Қырҭтәыла, арегионалтә еизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалара иацхрааша абжьацәажәаҩс иҟалар аҭахуп.

Иара убас, арегион амшхәыбзазаразы Қырҭтәыла атранзиттә алшарақәа реизырҳара амзызла, ҳтәыла аинфраструктура аҿиара аинвестициа дуқәа алаҳҵоит. Атәым институциатә инвестициа дуқәа рыдыҧхьалареи, зҵакы дуу арегионалтә проектқәа рынагӡареи, ҳинфраструктуратә алшарақәа рырҕәҕәареи ҳазҿлымҳауп, мрагылареи мраҭашәареи еимыздо ацҳас ҳҟалар ҳҭахуп.

Ҳара хықәкыс иҳамоуп Аахыҵ Кавказ - алшарақәеи аекономикатә азҳареи регионс аҟаҵара.

Евроеидгылантә ҳколлегацәеи ҳареи аҧыжәара змоу апроектқәа ҳрылацәажәахьеит, урҭ иацҵаны аекономикатә хырҳагарf рхылҵуеит, арҭ апроектқәа Евроеидгылеи уи аџьармыкьеи аҟны ҳрегион аимадара аздырҳауеит.

Абри аусеицура Аахыҵ Кавказ атәылақәагы мраҭашәаратә ҳадгылаҩцәагьы хырҳагара ду рзаанагоит ҳәа ҳгәы иаанагоит. Уажәs Амшын еиқәа ашәарҭадара аиқәыршәареи аенергомаршрутқәа рыхьчареи, арегионалтә аимадара арҕәҕәареи, аекономикатә аҿиара аласра аизырҳареи азы аус еицаауроуп. Абри зегьы хымҧада инагӡатәуп европатәи аҭынчреи амшхәыбзазареи азыҳәан.

Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит арегионалтә проблемақәа инрываргыланы, аглобалтә проблемақәагьы шыҟоу - жәларбжьаратәи ашәарҭадара, апандемиа, аклимат аҽаҧсахра.

Қырҭтәыла алагала ду ҟанаҵоит аглобалтә ҭынчреи аиҿкаареи шьаҭас измоу жәларбжьаратәи аиҿкаара ахьчара аус аҿы. Ҩажәашықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәыла, адунеи зеџьынџьара НАТО амиссиақәа ирылахәын. Ауааҧсыра рхыҧхьаӡара инақәырәшаны, Афганистан амиссиаҿы зегьы реиҳа идуу алагала ҟаҳҵеит. Имаҷымкәа аруаа гәымшәақәа ҳцәыӡит, шәҩыла ҳаруаа ахәрақәа роуит, абарҭ аинициативақәа рҿы ацәыӡ ду ҳауит. Қырҭтәыла даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит азеиҧш шәарҭадара ахьчара аус аҿы алагала аҟаҵареи, НАТО адгылареи, Евроеидгыла амиссиақәа рыцхраареи ишазыхиоу.

Иахьа, сара абра санықәгыло, ауаатәыҩсара зегьы ашәарҭара иҭагылоуп, ҳара уи иатәаҳамбар ҟалом. Аклимат аҽаҧсахра иахылҵыз апланетатә кризисқәа, урҭ рыбжьара, абиохкырацәара ацәыӡрагьы аҧсабара арҟьашьрагьы ауаатәыҩсаразы шәарҭоуп. Егьырҭ апроблемақәа реиҧшҵәҟьа, уигьы иҿиам атәылақәа цәгьала ирныҧшуеит, иҭышәынтәалоу аҿиара ахықәкқәа рынагӡара иаҧырхагоуп.

Қырҭтәылаҿ, игыло абиҧара амшхәыбзазара рымазарц азыҳәан, ҳаиҳабыра, аҵареи, ауаажәларратә гәабзиарахьчареи, аекологиеи аинвестициа ду аларҵоит. Аҵара асистема ахадаратә ҵакы амоуп ақәҿиара змоу, имароу ауаажәларра арҕәҕәаразы. 21-тәи ашәышықәсазы аҵара - аҧхьаӡацтә аҵара арҿиареи аҧхьаӡацтә аивгазаара ахарҭәааразы аинфраструктура аиқәырәшареи ауп иаанаго, ауаажәларратә гәабзиарахьчара, аҭынчра аилагара, аклимат аҽаҧсахра уҳәа, ҳаҧхьаҟа иҟалар зылшо акризисқәа хацәгашьак змаӡам аҭагылазаашьақәа рхылымҵырц азыҳәан.

Аҵыхәтәаны иазгәасҭар сҭахуп, агәра ганы сыҟоуп, азеиҧш ҽазышәарала, ҳажәларқәеи ҳтәылақәеи аҭынчреи мышхәыбзазареи рзыхынҳәра шҳалшо. Уи Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ашьаҭаркра амш инаркны ари аиҿкаара иамоу ахықәки амандати ауп, ҳара аҭынчреи аусеицуреи ҳадгылароуп, еиқәҳаршәароуп.

Иахьа, абра, шәҿаҧхьа стәыла сахаҭарнакуп, уи сгәы аздууп. Ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара инаркны ҩажәеижәаба шықәса рышьҭахь, ақырҭуа гәахәтәы лабҿабарас иҟалеит! Аҵыхәтәантәи жәашықәсақәа рыла, ихьанҭаӡоу апроблемақәа шыҟазгьы, ашәышықәсарацәалатәи аҭоурых змоу ҳмилаҭ аҕәҕәареи ҧхьаҟацареи аганахьала иҿырҧшыгахеит. Агәра ганы сыҟоуп жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа ҳрывагыланы, иахьатәи абиҧареи игыло абиҧарақәеи рзы иаҳа илашоу, иаҳа иҭынчу, ишәҭыкакаҷу адунеи шҳаргыло.


Иҭабуп!