Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2022 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Китаитәи жәлартә республика аҳәынҭқарратә абжьагаҩи адәныҟатәи аусқәа рминистри иҟны аиҧылара

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Китаитәи жәлартә республика аҳәынҭқарратә абжьагаҩи адәныҟатәи аусқәа рминистри Ванг И диҧылеит.

Ниу-Иорк, ЕАР Ассамблеиа Хада аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҧылараан аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи урҭ рырҿиара аперспективақәеи ирылацәажәеит.

Иракли Ҕарибашвилии Ванг Ии Қырҭтәылеи Китаитәи жәлартә республикеи ҩ-ганктәи русеицура аусхәаҧштә аҿы ахадаратә ҵакы змоу ахырхарҭақәа ирылацәажәан, уажәазы атәылақәа ирыбжьоу аусеицураҿы адинамика бзиа шыҟоу азгәарҭеит.

Ишазгәаҭаз ала, Китаи Қырҭтәыла ахадаратә ахәаахәҭратә партниорцәа рыхәбарак иалоуп.

Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан Китаи Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Китаитәи жәлартә республика аҳәынҭқарратә абжьагаҩи адәныҟатәи аусқәа рминистри даҽазнык изышьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла иаку Китаи апринцип ишадгыло.

Иаҵшьны иазгәаҭан иакымкәа ахырхарҭақәа рыла ҩ-ганктәи аимадарақәа рырҕәҕәара аҵакы, иара убас, аусбарҭақәа рыҩаӡараҟны аусеицура адинамика ду ахәшьара бзиа аҭан.

Аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит Қырҭтәылеи Китаитәи ареспубликеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра, дара ишырҳәаз ала, уажәазы атәылақәа рыбжьара иҟоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәара иазыхиоуп.

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура