Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2022 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада 77-тәи асессиа ахадаратә дебатқәа рҿы Америка ахада иқәгылараҿ дыҟан

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада 77-тәи асессиа ахадаратә дебатқәа рҿы Америка ахада Џьо Баиден иқәгылараҿ дыҟан.

Џьо Баиден иқәгылараан аиҳабыра рнапхгаҩы ицын ақырҭуа делегациагьы.

ЕАР Ассамблеиа Хада 77-тәи асессиа адебатқәа аартын цәыббра 21 рзы.

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Ассамбелиа хада 77-тәи асессиа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылоит цәыббра 22 рзы.

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили анапхгара ззиуа Қырҭтәыла аделегациа иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Михаил Чхенкелии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура