Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2022 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа хада 77-тәи асессиа адебатқәа раартра ихы алаирхәит

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили анапхгара ззиуа Қырҭтәыла аделегациа алахәылацәа, Ниу-Иорк, ЕАР Ассамблеиа хада 77-тәи асессиа адебатқәа раартра рхы аладырхәит.

Адебатқәа раартратә сессиа алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылеит ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереши, ЕАР Ассамблеиа Хада ахада Чаба Короши, егьырҭ алидерцәеи.

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Ассамблеиа хада 77-тәи асессиа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылоит цәыббра 22 рзы.

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили анапхгара ззиуа Қырҭтәыла аделегациа иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Михаил Чхенкелии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура