Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2022 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Ҭырқәтәылатәи ареспублика ахада Реџьеп Таип Ердоҕан диҧылеит

Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылатәи ареспубликеи рыбжьара астратегиатә партниорреи, ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәеи, адунеи Кавказтәи арегиони рҿы ашәарҭадара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьеи иалацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Ҭырқәтәылатәи ареспублика ахада Реџьеп Таип Ердоҕани реиҧылараҿы.

Ниу-Иорк, ЕАР Ассамблеиа Хада аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан ҩ-тәылак реиҩызаратәи рпартниортәи еизыҟазаашьақәа рҵакы. Иаҵшьны иазгәаҭан аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҩ-тәылак рстратегиатә партниорра иахылҵыз алҵшәа бзиақәеи, зыҩаӡара ҳараку ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа рполитикатә динамикеи, арегионалтә-геополитикатә ҟазшьа змоу апроектқәа рҿы Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылатәи ареспубликеи рылахәызаареи активла русеицуреи аҵакы.

Излацәажәаз азҵарақәа иреиун Украина имҩаҧысуа аибашьреи, уи амшаала адунеи арегиони рҿы ашәарҭадара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа цәгьеи. Иаҵшьны иазгәаҭан ҳаҧхьаҟа арегион мышхәыбзазара аиқәыршәаразы аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҵакы. Ари аконтекст аҿы иаҵшьны иазгәаҭан Иракли Ҕарибашвили ибжьацәажәарала ҵыҧх Азербаиџьани Шәамахьтәылеи реиқәшаҳаҭхара, уи абзоурала, азербаиџьантәи аган ашәамахь атҟәацәа иоурыжьҭит, шәамахьтәылатәи аган Азербаиџьан иарҭеит крызҵазкәа ахсаалақәа. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылатәи ареспубликеи рыбжьара ахырхарҭақәа зегьы рыла уажәазы қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура иаҳа арҭбаара аҵакы ду амоуп арегион иҭышәынтәалоу аҿиаразгьы. Аҧыза-министр Ҭырқәтәыла ахада Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура