Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2022 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа хада амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереш диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереш диҧылеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы Ниу-Иорк ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҧылараҿы адунеи аҿы аҭагылазаашьеи аҳасабтәқәеи ирылацәажәеит. Иракли Ҕарибашвили Антонио Гутиереш Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, аҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵара апроцесс аҿы ЕАР алахәызаара ахә ишьоит. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара иазгәыкуп, уи хықәкыс иамоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл адеокупациеи аиҟәшаратә цәаҳәақәа рыла еиҟәшоу ажәларқәа рыбжьара агәреибагара аиҭашьақәыргылареи.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Украина имҩаҧысуа аибашьреи адунеи азы уи иамоу анырреи иазааҭгылеит. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Украина имҩаҧысуа аибашьра жәларбжьаратәи ашәарҭадара архитектуреи аҧҟарақәеи рышьаҭала ишьақәгылаз аиҿкаара еиланагеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа Кавказтәи арегион аҿы ашәарҭадара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьагьы иазааҭгылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Иракли Ҕарибашвили ибжьацәажәарала ҵыҧх Азербаиџьани Шәамахьтәылеи реиқәшаҳаҭхара, уи абзоурала, азербаиџьантәи аган ашәамахь атҟәацәа иоурыжьҭит, шәамахьтәылатәи аган Азербаиџьан иарҭеит крызҵазкәа ахсаалақәа.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәаразы, ҳаҧхьаҟагьы амедиато ироль анагӡара дазыхиоуп.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура