Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2022 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Аҧыза-министр иқәгылара ЕАР Ассамблеиа Хада 77-тәи асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз Аҵара аиҭакра асаммит аҿы

Ҳаҭыр зқәу амаӡаныҟәгаҩ хада,
Акыр иаҧсоу аҩызцәа,
аколлегацәа,

Аҵара аиҭакра асаммит аҿы шәара шәҿаҧхьа ақәгылара сара сзы ҳаҭыр дууп. Ари аплатформа аҧҵан аҭынчреи, мышхәыбзазареи, иҭышәынтәалоу аҿиареи азы ауниверсалтә ашьаҭа ҳасабала аҵара аҵакы ашьақәырҕәҕәаразы.

Қырҭтәыла аиҳабыра ргәаанагарала, аинклиузивтә, зинла зегьирзеиҧшу, зхаҭабзиара ҳараку аҵара - ауаҩытәыҩса ихадаратә зинқәа иреиуп, ари асаммитгьы даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит ауааҧсыра зегьы еиҧҟьарада аҵара азин шрымоу. Убри аҟынтә, ахадаратә ҵакы змоу ҳприоритетқәа реиқәыҧхьаӡаҿы аҵара иаҳа иҳараку аҭыҧаҿы иҳаргылеит. Аҵара - аиндивид цыҧхьаӡа изҳареи изанааҭтә аҿиареи азы ашьаҭа аҧнаҵоит, уигьы ҳмилаҭқәа арҕәҕәоит.

Ҳгәы ишаанаго ала, аҵаҩцәа, изакәызаалак уадаҩрак рымамкәа, ашколнӡатәи, азеиҧштәи, азанааҭтәи аҵара аиура алшара рзеиқәҳаршәароуп, уи аҵакы ду амоуп, избанзар, дара аҧсҭазаараҿы ирыхәаша агәырҵҟәыли акомпетенциеи рымазароуп, аконкуренциалшара аизырҳараҿы ирыцхрааша аҵаратә системала еиқәыршәазароуп. Иҭышәынтәалоу аекономикатәи асоциалтә прогресс аиқәыршәаразы, аҵарадырреи атехнологиақәеи аинвестициа ду рылаҵатәуп.

Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго аҵара аполитика 3 шьаҭак амоуп - ахаҭабзиара, азинеиҟарара, анапхгараҭара бзиа. Уи ахықәкқәеи астратегиатә аҳасабтәқәеи атематикатә 5 хырхарҭак ирыдҳәалоуп, урҭ иаҵшьны иазгәаҭоуп Аҵара аҧеиҧш иазку жәларбжьаратәи акомиссиа аҳасабырбаҿы, насгьы, уи ЕАР иҭышәынтәалоу аҿиара ахықәкқәа ирышьашәалоуп.

Аҵара атрансформациа иазку ҳмилаҭтә аҳәамҭа аҧҟарақәа ҳгәы рыздууп, абарҭ амбициатә хықәкқәа рынагӡара амзызла, Қырҭтәыла аиҳабыра аҭакҧхықәра рхы адырҵеит 2030 шықәсанӡа аҵара аусхкы иазоушьҭу афинансқәа аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа 6 наӡынанӡа аизырҳаразы.

Қырҭтәыла аиҳабыра аҵаратә планқәа реиҕьтәреи, ҳаамҭазтәи еиуеиҧшым аҵаратә ресурсқәа реиқәыршәареи, иара убас, арҵаҩцәа рзанааҭтә аҿиара аҧара алаҵареи азыҳәан активла аусура нарыгӡоит, избанзар, абри зегьы ахадаратә ҵакы амоуп игыло аҿар иахәҭоу агәырҵҟәыли адырреи рыҭаразы. Агәра ганы сыҟоуп абри аус зеиҧшҟамлац аҵакы шамоуп аҵара бзиеи, аҧышәа дуи, аҭакҧхықәреи змоу активтә уааҧсыра ахьыҟоу ауаажәларра ашьақәыргыларазы.

Ҳаҧхьаҟа аҟаҳҵараны иҟоу ашьаҿақәа иреиуп 2026 шықәсанӡа 800 ашколқәа рыргылареи рырҽеиреи. 2030 шықәсанӡа ақырҭуа школқәа зегьы жәларбжьаратәи астандартқәа инрықәыршәаны ирҿыцзаауеит.

2030 шықәсанӡа Қырҭтәыла аҵараиурҭақәа зегьы аганрацәалатәи авторизациа апроцесс ҿыц иахысуеит, уи алҵшәа зхылҵша аҵаратә практика аиқәыршәареи аҳасабырбара еиқәзыршәаша амеханизмқәа раларҵәареи иазкуп.

Аҩызцәа, лабҿаба иубарҭоуп апандемиа амшала адунеи алидерцәа аҵара асистема аиҭахәаҧшра шрықәшәаз, дара ЕАР апринцип хада ахьчаразы рҽеидыркылеит. Ари апринцип хықәкык ауп иамоу - ауааҧсыра зегьы аҵара аиура алшара рымазароуп. Апандемиа раҧхьатәи амшқәа рзы, Қырҭтәыла аиҳабыра, қәҿиарала анахарала аҵара алшара еиқәдыршәеит, аҵара аҩаӡарақәа зегьы рҟны аларҵәара рыман астудентцәеи арҵаҩцәеи ирызкыз хәыда-ҧсадатәи онлаин-аҵаратәи адырраҭаратәи механизмқәа. Фактла иуҳәозар, акризис ахылҵит аиновациатә аӡбарқәа рырацәара. Қырҭтәыла - адунеи аҿы раҧхьатәи тәылоуп Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрреи Fуаажәларратә дырраҭареи рзеиҧш ҽазышәарала, аҵаратә план ашьаҭала, ателепрограммақәа алазырҵәаз. Арҭ апрограммақәа рпопулиарра азҳара иаҿуп, урҭ ҳуааҧсыра ринтересқәа ирышьашәалоуп. Згәыдурала ишәсырдырыр сҭахуп анахарала аҵара аларҵәараҿы Қырҭтәыла ақәҿиарақәа ишазхаҵаз жәларбжьаратәи аиҩызара ала.

Аҵара аусхкы аҿы иҟоу аглобалтә проблемақәа иахьагьы аҵара аиура алшареи азинеиҟарареи иадҳәалоуп, Қырҭтәылагьы ари аганахьала проблемақәак иҟоуп. Арыцхәтә аҿҟьара ахарҭәаара ҳҽазаҳкроуп, ари азҵаара хшыҩзышьҭра ҷыда азузароуп ацентр иацәыхароу арегионқәа рҿы иҟоу ашколқәеи, социалла ихьчам агәыҧқәеи, зылшарақәа маҷу ауааҧсыреи, аетникатә аиҵареи, ахҵәацәеи рҿы.

Егьырҭ атәылақәа рацәа реиҧшҵәҟьа, ҳтәылаҿгьы ибзиаӡаны иубарҭоуп ахҵәацәа имаҷымкәа ауадаҩрақәа шрымоу. Ибзиаҵәҟьаны иаабоит дара рпроблемақәа рыгәҭа ахадратә ҵакы шамоу аҵара бзиа аиура алшара аиқәыршәареи астудентцәа адгылара наӡа рыҭареи. Аҵара аусхкы аҿы еиҧҟьарада аусура ду амҩаҧгара абзоурала, акризис аан аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара ҟалоит, жәларбжьаратәи ауаажәларра алахәылацәа арҭ ауаа ақәҿиара аиуразы ирҭаххо ахархәагақәа рыла еиқәдыршәароуп.

Қырҭтәылазы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ҳстудентцәа аҵара аируа алшара рзеиқәыршәара, уаҟа иахьагьы имҩаҧысуа аурыс ампыҵахалара есымшатәи аҧсҭазаара аспектқәа рацәа ирыдкьыслеит. Убри адагьы, ақырҭуа школқәа ирҭалеит Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала ари атәыла иалҵыз 1500ҩык инареиҳаны украинатәи аҵаҩцәа. Ақырҭуа школқәа рҿы дара рыдкыларазы ирмариоу апроцедурақәа шьақәҳаргылеит, зквалификациа дуу аспециалистцәа рыцхыраарала, арҭ ахәыҷқәа азеиҧш аҵара роуеит аукраин бызшәала, астандарттә украинатәи аҵаратә план инақәыршәаны. Убри адагьы, Қырҭтәыла иреиҳаӡоу аҵара назыгӡар зҭаху украинатәи астудентцәа уажәшьҭа, амилаҭтә ҧышәарақәа имҭиикәа, иреиҳаӡоу аҵараиурҭа иҭалар рылшоит.

Акыр иаҧсоу аҩызцәа,

Ҳара хықәкыс иҳамоуп ашколнӡатәи, азеиҧштәи, азанааҭтәи, иреиҳаӡоуи аҵара аиура алшра аиқәыршәаразы, асоциалтәи, акультуратәи, афинанстәи аҧынгылақәа реиҵатәра, аҿар аҵарадырратә ҭҵаарақәа рымҩаҧгара алшара раҳҭоит. Убри адагьы, Қырҭтәыла аҵаратә система, аҩаӡарақәа зегьы рҟны 21-тәи ашәышықәса иақәнагоу агәырҵҟәыли акомпетенциақәеи рырҿиара иацхраауеит.

Қырҭтәылаа аҭакҧхықәра агеит арҵаҩы изанааҭ ахаҭабзиареи азҿлымҳареи аиҕьтәра амзызла алҵшәа зхылҵша амеханизмқәа рхархәаразы. Аҵара аҩаӡарақәа зегьы рҟны зквалификациа дуу арҵаҩцәеи азанааҭдырҩцәеи рыдкылареи рыхьчареи, еиҧҟьарада рзанааҭтә аҿиареи ацхраара азҵаара - аҵара аполитика аусхәаҧштә аҿы ахадаратә ҭыҧ ааннакылоит.

Иара убас, Қырҭтәыла, аинклиузивтә, ишәарҭам, изҩыдоу ашколтә лагылазаара аиқәыршәареи, ашколтә крыфарҭеи, амедицинатәи аҧсихо-социалтәи, аемоциатәи цхыраара ақәыҧшыларақәа реиқәырәшареи азы иахәҭоу ашьаҿақәа ҟанаҵоит.

Ҳаҭыр зқәу алахәылацәа, аихшьаала ҳасабала, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп иаҳа еиҕьу аҧеиҧши, аҭынчреи, мышхәыбзазареи азы аҵара аиҭакра амзызла, ЕАР анапхгарала имҩаҧысуа жәларбжьаратәи аусеицура аҵакы. Иахьа, абра, аҵара атема арҕәҕәара иазҿлымҳау ҳпартниорцәа ҳрыдгылоуп, уи ҳгәы аздууп. Азеиҧш ҽазышәареи жәларбжьаратәи аидгылареи ала, ҳара аҵареи агуманизми ирыдҳәалоу ахықәкқәа рынагӡара ҳалшоит.

Иҭабуп!