Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2022 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иеиду Америкатә Штатқәа рахь ддәықәлеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иеиду Америкатә штатқәа рахь ддәықәлеит, иара аиҳабыратә делегациа ицуп.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада 77-тәи асессиаҿы дықәгылоит. Уаанӡа, Аҧыза-министр, ЕАР Ассамблеиа Хада 77-тәи асессиа аартра ацеремониа ихы алаирхәоит.

Ниу-Иорк ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧыза-министр, иҳаракӡоу аҩаӡараҟны ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигоит.

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили анапхгара ззиуа аделегациа иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Михаил Чхенкелии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура