Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2022 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Германтәылатәи афедеративтә республика ахада Франк-Вальтер Штаинмаиер диҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Берлин иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Германтәылатәи афедеративтә республика ахада Франк-Вальтер Штаинмаиер диҧылеит.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан атәылақәа рыбжьара ишьақәгылаз апартниортә аимадарақәа иаҳа рырҕәҕәаразы ари авизит иамоу аҵакы ҷыда. Аҧыза-министр ҷыдала иазгәеиҭеит Германтәылеи, хаҭала ахада Штаинмаиери Қырҭтәыла иазаадырҧшуа адгылара ҷыда.

Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Германтәылеи дара-дара зыгәра рго партниорцәоуп, ари апартниорра шьақәгылеит кыршықәсатәи аимадарақәеи азеиҧш принципқәеи рышьаҭала. Ҷыдала иазгәаҭан Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа апроцесс аҿы Германтәыла инанагӡо ароль ҷыда.

Иара убас, ҷыдала иазгәаҭан Германтәыла аиҳабыреи, иара убас, еиуеиҧшым аинститутқәеи, хаҭхаҭалатәи асектори кыршықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәыла иазоурышьҭуа апрактикатә цхыраара. Аганқәа рхаҭарнакцәа кыршықәса рыҩныҵҟа атәылақәа рыбжьара иҟоу ахәаахәҭра-економикатә партниорра ибзианы иахцәажәеит, дара ишырҳәаз ала, ари аусхкы аҿы ақәҿиарақәа шыҟоу убарҭоуп германәтылатәи аилахәырақәа Қырҭтәылаҿ русура алагьы.

Аганқәа рхаҭарнакцәа германтәылатәи абизнес Қырҭтәыла аекономикатәи аинвестициатәи потенциалахь иамоу азҿлымҳара иаҳа аизырҳаразы иҟоу алшарақәеи иҟаҵатәу ашьаҿақәеи ирылацәажәеит. Аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит Жәларбжьаратәи аҿиара абанки (KfW), Жәларбжьаратәи аусеицура аиҿкаареи (GIZ), егьырҭ германтәылатәи аусбарҭақәеи Қырҭтәыла аҿиарааҿы иҟарҵо алагала ду.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, ашәарҭадара аганахьала арегион аҿы аҭагылазаашьеи Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа рҿы аҭагылазаашьеи иалацәажәеит.

Иракли Ҕарибашвили Германтәыла анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара иазку Германтәыла аиҳабыра рҽазышәарақәеи рзы. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла аҭынчратә политикеи ари аганахьала жәларбжьаратәи аиҩызара Қырҭтәыла иазаадырҧшуа адгылара аҵаки иазааҭгылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа европатәи ахеилак ала Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара иазку аҭоурыхтә аӡбара ибзианы иахцәажәеит. Аиҧылараҿы иазааҭгылеит абжьагарақәа рынагӡара амзызла Қырҭтәыла еиқәыршәоу ауснагӡатәқәа рплани аплан иарбоу ашьаҿақәеи.

Иҧылараҿы иҳәаақәҵан ҩ-тәылак рыбжьара аусеицура иаҳа арҕәҕәара иазку апланқәа, иара убас, ишырҳәаз ала, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аганрацәалатәи аусеицура арҭбаара иазыхиоуп.

Қырҭтәыла аҧыза-министр асас дахьқәа рышәҟы аҟны анҵамҭа ҟаиҵеит.



Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура