Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2022 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара имҩаҧгаз Ассоциациатә хеилак 7-тәи аилатәара ашьҭахь иҟаҵаз аҳәамҭақәа

2022 шықәса цәыббра 6 рзы, ақь. Бриуссель имҩаҧган Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара Ассоциациатә хеилак 7-тәи аилатәара.

Ассоциациатә хеилак алахәылацәа иаҵшьны иазгәарҭеит 2022 шықәса ажьырныҳәа 23 рзы Европатәи Ахеилак иаднакылаз аӡбара аҭоурыхтә ҵакы шамоу, ари аӡбаарала Қырҭтәыла европатәи аперспектива иазхаҵан. Ахеилак алахәылацәа ишазгәарҭаз ала,

Европатәи ахеилак Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазыхиоуп, ари атәыла Еврокомиссиа агәаанагараҿы иҳәаақәҵоу априоритетқәа анынагӡалак. Қырҭтәылеи уи атәылауааи Евроеидгылаҿоуп иахьырҧеиҧшу. Абри аконтекст аҿы, Евроеидгыла, Қырҭтәыла апарламент аҿы иалагаз аусура иазыразуп, анапхгаратә партиахь ааҧхьара ҟарҵоит атәылауаҩратә уаажәларреи апарламенттә оппозициатә гәыҧқәа рхаҭарнакцәеи инрываргыланы, аинклиузивтә процесс рхы аладырхәырц. Евроеидгыла ақырҭуа аполитикатә мчқәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит зыӡбахәы ҳәоу априоритетқәа рынагӡара амзызла, еидгыланы аус еицырурц, уи зҵакы дуу ҳасабтәуп. Евроеидгыла ахаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит Қырҭәтыла европатәи амҩа аихьӡарақәа рышьаҭала имҩаҧысуа апроцесс шакәу. Евроеидгыла, қырҭәтыла ацхрааразы амеханизмқәа зегьы рхархәара иазыхиоуп.

Ассоциациатә хеилак алахәылацәа Қырҭтәыла - Евроеидгыла 2021-2027 шықәсқәа рзтәи ирҿыцу аусхәаҧштә ашьақәырҕәҕәара иазыразуп. Адокумент аҿы иарбоуп иззеиқәшаҳаҭхаз априоритетқәа, урҭ ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра анагӡара ацхраара иазкуп, Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара иазку аиқәшаҳаҭрагьы налаҵаны. Евроеидгылеи Қырҭтәылеи даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит русеицура иаҵанакәа ахадаратә усхкқәа рҿы Қырҭтәыла ауааҧсыра хырҳагара рзаагаразы аҭакҧхықәра шрыду. Евроеидгыла Қырҭтәыла иадгылоит иззеиқәшаҳаҭхаз аҳасабтәқәеи априоритетқәеи рынагӡара апроцесс аҿы.

Ассоциациа ахеилак даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәаразы аҧхықәра шаду, Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра апотенциали зхы иақәҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылареи инагӡаны рхархәара алагьы. Ассоциациатә хеилак алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара акомпоненти қәҿиарала анагӡара ала иазҧхьагәаҭоуп зда ҧсыхәа иҟам ареформақәа рынагӡара апроцесс, уи Евроеидгылаҟны аекономикатәи ахәаахәҭратәи еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәаразы зда ҧсыхәа иҟам аҭагылазаашьақәа раҧҵара иацхраауеит. Убри абзоурала, Қырҭтәыла, етапла, Евроеидгыла аҩныҵҟатәи аџьармыкьашҟа аинтеграциа алшоит, абри зегьы иазҧхьагәаҭоуп Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭрала.

Евроеидгыла ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла ала иуадаҩӡоу ареформақәа рымҩаҧгареи ахатә закәанҧҵара Евроеидгыла азакәанҧҵара қәҿиарала азааигәатәреи апроцесс ибзианы иахцәажәеит. Аха, Евроеидгыла алахәылацәа агәынамӡара аадырҧшит ахадаратә ҵакы змоу хырхарҭақәак рыла 2021 шықәсазы апрогресс аҟамзаара иадҳәаланы. Евроеидгыла Қырҭтәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит адемократиа аконсолидациеи, аполитикатә полиаризациа аиҵатәреи, азакәан аиҳаӡареи, аӡбаратәи система ахьыҧшымреи, аҳасабырбара аҧхықәреи, акоррупциа иаҿагыло ақәҧареи арҕәҕәаразы ҩынтә еиҳаны аус рурц. Иара убас, Евроеидгыла Қырҭтәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит ауаҩытәыҩса изинқәеи ихадаратә хақәиҭрақәеи иаҳа пату рықәырҵаларц, агендертә зинеиҟарарагьы уахь иналаҵаны. Иара убас, асоциалтәи, аполитикатәи, аекономикатәи ҧсҭазаараҿы ахацәеи, аҳәсеи, аетникатә аиҵареи еиҧшны ирызныҟәаларц - ррелигиеи рдинхаҵареи, арасеи, аетникатә ма амилаҭтә хылҵшьҭреи, ахаҵара-ҧҳәысреи, абызшәеи, асексуалтә ориентациеи, агендертә дыргеи, алшарақәеи уҳәа, еиуеиҧшым адыргақәа рыла еилых рымҭақәа, зинла еиҟараны ирызныҟәаларц. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан амедиа ахақәиҭреи зыӡбахәы ҳәоу апроцессқәа рҿы атәылауаҩратә уаажәларра алахәызаареи аҵакы. Адемократиеи, азакәан аиҳаӡареи, ауаҩытәыҩса изинқәеи - европатәи амҩаҿ Қырҭтәыла ҧхьаҟацара еиқәзыршәо ахадартә ҵакы змоу аҧыжәарақәоуп. Ассоциациатә хеилак алахәылацәа Ауаҩытәыҩса изинқәа 2022-2030 шықәсқәа рзтәи астратегиа аус адулара апроцесс аҿы иҟоу апрогресс ибзианы иахцәажәеит. Евроеидгыла еиҭах азгәанаҭеит Қырҭтәыла апарламент аҿы имҩаҧысраны иҟоу адискуссиақәа алшра бзиа шаҧырҵо аинклиузивтә азнеишьеи акторқәа зегьы рҟны иахәҭоу аконсультациақәа рымҩаҧгареи азы.

Ассоциациатә хеилак алахәылацәа еиҭах азәгарҭеит аӡбара ахьыҧшымра иреиҳаӡоу астандартқәеи, иашоу аиашаӡбара азини, азакәан аиҳаӡареи адгылара - Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла ахы иаднаҵаз ахадаратә ҧхықәрақәа ишреиу. Евроеидгыла Қырҭтәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит аӡбареи апрокуратуреи аорганқәа рхьыҧшымра еиқәнаршәарц, аиашаӡбара 2021 шықәсатәи амбициатә реформа астратегиа нарыгӡарц, зыӡбахәы ҳәоу ареформа мҩаҧгазароуп апартиақәа рыбжьара аконсультациақәа ирхылҵуа аинклиузивтә процесс ашьаҭала, европатәи астандартқәеи Венециатәи акомиссиа абжьагарақәеи инрықәыршәаны.

Евроеидгыла ахаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит 2021 шықәса ҧхынгәы 5 рзы Қарҭ Праид амарш амҩаҧгараан амедиахаҭарнакцәа рзы амчылара афактқәа зегьы рзы ииашоу аусеилыргара шымҩаҧгатәу, апревенциатә ауснагӡатәқәа иаҳа ишырҕәҕәатәу. Евроеидгыла Қырҭтәыла иабжьанагеит ахара зду ауааҧсыра зегьы рзы аиашаӡбара амҩаҧгара, иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан ари ахырхарҭала иҟаҵатәу ашьаҿақәа рҵакы. Евроеидгыла алахәылацәа 2022 шықәсазы Қарҭ Праид иадҳәалаз ауснагӡатәқәа ҭынч рымҩаҧгара афакт ибзианы иахцәажәеит.

Евроеидгыла ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәыла ишадгыло уи ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи азҵаараҿы. Ассоциациатә хеилак даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит азнеишьақәа зегьы рҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла аимакқәа рҭыҧқәҵаразы аҭакҧхықәра шаду, азхаҵамреи алахәызаареи азы Евроеидгыла имҩаҧнаго аполитикеи, аҳәсеи, аҭынчреи, ашәарҭадареи аусхәаҧштә иахәҭоу хшыҩзышьҭра азуреи алагьы. Ассоциациатә хеилак алахәылацәа иаҵшьны иазгәарҭеит Женеватәи адискуссиақәеи Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизми зеиҧшҟамлац аҵакы шрымоу Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара 2008 шықәса нанҳәазы иҟалаз аибашьра иахылҵыз апроблемақәа аус рыдулареи рыӡбареи азы.

Евроеидгылеи Қырҭтәылеи ҕәҕәала иақәыӡбит Урыстәылатәи афедерациеи Ҟырҭтәылатәи арегионқәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рыбжьара аинтеграциа иазку „аиқәшаҳаҭрақәа" рыдкылареи рынагӡареи, абарҭ арегионқәа рҿы Урыстәыла азакәандаратә ауранагӡареи, амилитаризациа арҕәҕәареи, Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи еилазго административтә аиҟәшаратә цәаҳәақәа рҿы аихатә ҧынгылақәа рышьақәыргылареи налаҵаны. Ассоциациатә хеилак алахәылацәа агәынамӡара аадырҧшит Қырҭтәылатәи арегионқәа Аҧсни Цхинвалтәи арегион/Аахыҵ Уаҧстәылеи рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала аҭагылазаашьа цәгьеи закәандарала ауааҧсыра раанкылареи, аиҭаҵра азин аҧкреи, ахатәразы азин аилагареи, ахатә бызшәала аҵара азин аилагареи, аетникатә дыргала ақырҭуаа рдискриминациеи, Қырҭтәыла атәылауаа рышьра афактқәа рықәҿымҭреи иадҳәаланы. Ассоциациатә хеилак алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, иашьашәалоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи агуманитартә цхыраареи ауаҩытәыҩса изинқәеи амехагнизмқәеи, иара убас, Евроеидгыла Анаҧшцәа рмиссиеи абарҭ арегионқәа рҿы ҧырхагада аусура алшара рымазароуп. Ассоциациатә хеилак алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, аҵакы ду амоуп аиҟәшаратә цәаҳәа аҩ-ганк рҿы ажәларқәа рыбжьара аимадареи агәреибгареи аиҭашьақәыргылара иазку ауснагӡатәқәа рыдгылара азҵаара.

Ассоциациатә хеилак даҽазны иазгәанаҭеит 2008 шықәсаа нанҳәазы Қырҭтәылеи Урыстәылатәи афедерациеи рыбжьара иҟалаз аибашьреи уи алҵшәақәеи ирыдҳәаланы Ауаҩытәыҩса изинқәа европатәи аӡбарҭа ақәҵара, уи инақәырәшаны, европатәи аӡбарҭа ишьақәнаргылеит 2008 шықәса нанҳәа 12 анеҩс Қырҭтәылатәи арегионқәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи Урыстәылатәи афедерациа ахылаҧшра аҵаҟа ишыҟоу, Урыстәыла Ауаҩытәыҩса изинқәа европатәи аконвенциа аҧҟаҧҵәақәа шеиланагаз.

Ассоциациатә хеилак даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит Урыстәылатәи афедерациа аҭакҧхықәра шаду 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы Евроеидгыла абжьацәажәарала аганқәа еицрыдыркылаз амца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра анагӡаразы, ахеилак алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, Урыстәылатәи афедерациа Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә арбџьармчқәа ралгареи, аҭыҧаҿы ашәарҭадара жәларбжьаратә механизмқәа раҧҵареи иауалуп. Ахеилак алахәылацәа иаҵшьны иазгәарҭеит ахҵәацәа еснагьтәи рынхарҭатә ҭыҧқәа рахь хымҧада ишырхынҳәтәу.

Ассоциациатә хеилак Урыстәыла изакәызаалак мзызк иҟамкәа Украинаҿ иалагаз аибашьра ҕәҕәала иақәыӡбит, иара убас, Урыстәыла аҭакҧхықәра адҵаразы жәларбжьаратәи форматаҿ аусеицура анагӡара ишазыхиоу азгәарҭеит. Қырҭтәыла даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит асанкциақәа рывсра аҧкразы аҽазышәарақәа зегьы шынанагӡо. Евроеидгылеи Қырҭтәылеи аҭакҧхықәра рхы адырҵеит Қырҭтәыла-Евроеидгыла ашәарҭадара аусхкы аҿы аусеицура ахықәкқәа ирышьашәаланы Қырҭтәыла иаҳа арҕәҕәара амзызла аусеицура анагӡаразы.

Евроеидгыла даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәыла ишацхраауа агибридтә әшарҭарақәеи акибершәарҭарақәеи ирҿагыло ақәҧараҿы, насгьы, ҳаҧхьаҟагьы астратегиатә коммуникациақәеи адезинформациа иаҿагыло ақәҧара ишалахәхәо. Абри аконтекст аҿы Евроеидгыла агәынамӡара аанарҧшит анти-мраҭашәаратә дезинформациа азҳара иадҳәаланы, уи қырҭәтыла европатәи амҩа иаҧырхагоуп, - Қырҭәтыла аиҳабыреи ақырҭуа жәлар реиҳареи изыдгыло амҩа.

Евроеидгыла азханаҵеит Қырҭтәыла арегионаҿ ахадаратә партниорцәа ишреиу, иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадара аполитикеи аҿы Қырҭтәылеи Евроеидгылеи русеицура аҵакы. Евроеидгыла, иаку ашәарҭадареи ахыхьчареи аполитика аҳәаақәа ирҭагӡаны акризисқәа рхылаҧшра аоперациақәеи амиссиақәеи рҿы ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла алахәызаара иазыразуп, лымкаала, Евроеидгыла арратә азыҟаҵарақәа амиссиа Ацентртә Африкатә республикаҿы, иара убас, Евроеидгыла азыҟаҵаратә миссиа Мали ареспубликаҿы.

Ассоциациатә хеилак алахәылацәа иаҵшьны иазгәарҭеит Қырҭтәыла аковид-19 иахылҵыз аекономикатәи кризис қәҿиарала ишалҵыз,м уи абзоурала, 2021 шықәсазы Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа азҳаит 10.4%-ла, абри атенденциа бзиа нагӡахеит 2022 шықәса раҧхьатәи амзақәа рзгьы. Ассоциациатә хеилак даҽазнык азагәанаҭеит 2020-2021 шықәсқәа рзы Қырҭтәыла аҭышәынтәалареи атәылаҿ иҟаз аихьӡарақәеи рҿы Евроеидгыла иҟанаҵаз алагала ду.

Ассоциациатә хеилак алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, Евроеидгыла Қырҭтәылазы идуӡӡоу ахәаахәҭратә партниорс иаанхоит, Евроеидгылаҿы ақырҭуа експорт азҳаит. Ассоциациа ахеилак алахәылацәа иаҵшьны иазгәарҭеит Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара ахәаахәҭратә аатауареикәшара аизырҳара иазку азеиҧш амбициақәа, урҭ рыбжьара, ҳаҧхьааҟа, хықәкыла, ахәаахәҭратә ҧынгылақәа раҧыхра алагьы. Ахеилак алахәылацәа Қырҭтәыла ала ҳәынҭқарратә аахәарақәа амҩатә хсаала актәи афазала иҳәаақәҵоу аҳәарақәа рынагӡара афактқәа ибзианы ирыхцәажәеит, урҭ рыбжьара, аимакқәа рыӡбаразы аорган ҿыц аиҿкаарагьы, уи абзоурала, аџьармыкьа ахархәаразы алшарақәа рацәахеит.

Ассоциациатә хеилак иаҵшьны азгәанаҭеит Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара аимадара аизырҳара аҵаки, иара убас, атранспорт, аенергетика, арыцхәтә сектор уҳәа, ахадаратә усхкқәа рҿы азеиҧш интересқәеи. Иара убас, дара иаҵшьны иазгәарҭеит Мрагыларатә партниорра аекономикатәи аинвестициатәи план аҳәаақәа ирҭагӡаны иизеиқәшаҳаҭхаз афлагмантә инициативақәа рпотенциал.

Ассоциациатә хеилак даҽазнык иаҵшьны азгәанаҭеит ахадаратә партниорцәа иреиу атәыла ҳасабала Қырҭтәыла инанагӡо ароль Европа аенергошәарҭадара аиқәыршәараҿы, ари аганахьала ҷыдала иазгәаҭан атәыла атранзиттә функциа аладатәи агазтә корридор иалганы Каспиатәи аресурсқәа рыла Европа аиқәыршәара апроцесс аҿы. Абри аконтекст аҿы, Евроеидгыла, даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит Амшын еиқәа аҵакы ду шамоу.

Евроеидгыла, Европа иаку ашәаратә система алалара иазку Қырҭәтыла аҽазышәарақәа ирзыразуп, ахеилак алахәылацәа ишырҳәаз ала, акритериқәа зегьы рынагӡараҿы Қырҭтәыла ацхраара иазыхиоуп. Иара убас, Евроеидгыла, Европа иаку аџьармыкьатә программа аҽалархәра иазку Қырҭтәыла аҽазышәарақәа ирықәшаҳаҭуп. Ассоциациатә хеилак Евроеидгыла ахазалхратәи ашәахтәи (Fiscalis) программақәа рҿы Қырҭтәыла алахәызаара иақәшаҳаҭуп.

Евроеидгыла, авизада анеиааира аанкылара амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны Еврокомиссиа абжьагарақәа рынагӡара апроцесс аҿы Қырҭтәыла иҟанаҵаз ашьаҿақәа ирықәшаҳаҭуп, ахеилак алахәылацәа Қырҭтәыла иабжьаргеит ари ахырхарҭала аусура нанагӡарц, лымкаала, ҵаҵгәыркыда ахыҵакырҭа аиуразы азыҳәамҭақәа рызҵаара аӡбареи, еиҿкаау ацәгьаура иаҿагыло ақәҧареи ахырхарҭалагьы. Евроеидгыла „Қырҭтәыла атәылауаа Қырҭтәылантә аамҭала рықәҵреи Қырҭтәылаҟа рыхынҳәреи аҧҟрақәа ирызку" Қырҭтәыла азакәан иалагалоу аҧсахрақәа рынагӡаара иазыразуп.

Ассоциациатә хеилак иаҵшьны азгәанаҭеит арегионалтә формат ҳасабала Мрагыларатә партниорра аҵаки, арегион аҿы алабҿабара ҿыц аҟны уи адаптациа ахымҧадареи.

Евроеидгыла Қырҭтәыла иааҭабууп „Ерасмус+", „Горизон Европеи" „Абаҩхатәратә Европеи" апрограммақәа рылахәызааразы.
Аилатәара ахантәаҩра азыруан Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррели.