Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2022 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Иракли Ҕарибашвилии, Жозеп Боррели, Оливер Варҳеи еицымҩаҧыргаз апрессконференциа

Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель:

Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, Еврокомиссар! Ассоциациатә хеилак аилатәараҿы Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили идкылара сеигәырҕьоит. Ари афакт агәырҕьара ду снаҭоит, избанзар, Қырҭтәыла даараӡа иҳзааигәоу ҳҩызеи ҳпартниори ауп.

Ассоциациатә хеилак абри аилатәара аҭоурыхтә ҵакы амоуп, избанзар, европатәи алидерцәа Қырҭтәыла европатәи аперспектива иазхаҵаны, Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиуразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа анҳәаақәырҵа ашьҭахь, раҧхьаӡа акәны аилатәара имҩаҧысуеит. Уи Қырҭтәыла европатәи амбициақәа инрықәыршәаны ҳаҧхьаҟа ҳаизыҟазаашьақәа рырҕәҕәаразы Евроеидгыла ахы иаднаҵаз аҧхықәра аарҧшроуп.

Аха, ишаҧу ала, амбициақәа аҭакҧхықәрагьы рыцуп. Раҧхьа иргыланы, зҵакы дуу ареформақәа нагӡатәуп, ҷыдала, Евроеидгыла ала иҳәаақәҵоу 12 пунктқәа рҿы иарбоу ахырхарҭақәа рыла. Аҩбатәи аҭакҧхықәра аполиаризациа аҧыхра аҽазкра иазкуп, аполитикатә мчқәа рыбжьара ацҳақәа шьақәыргылатәуп, ақырҭуа милаҭ рыхьӡала иаарҧшу ахықәкы хада - Евроеидгыла алалара иазку ахықәкы анагӡаразы аколлективтә ҽазышәара иҟазароуп, аиҳабыра мацара ракәымкәа, аполитикатә спектр зегьы, ауаажәларра зегьы, еидгыланы, ари аҳасабтә нарыгӡароуп.

Ишәгәаласыршәар сҭахуп Евроеидгыла алалара - аихьӡарақәа рышьаҭа мацаралоуп ишыҟало. Амҩа кьаҿ, мамзаргьы, алаҧшхкыгара зыҟалом. Ари апроцесс аполитикатә декларациа акәӡам изхьыҧшу, алҵшәа зхылҵуа аполитикатә ҭаххароуп аус злоу. Лабҿаба иубарҭоу ақәҿиарақәеи ареформақәеи роуп ҧхьаҟацара алшара шәызҭо.

Аполитикатә культура, аинклиузивра, адемократиатә принципқәа пату рықәҵара, азакәан аиҳаӡара, аиашаӡбара ахьыҧшымра, амедиа ахақәиҭра ма Евроеидгыла астандартқәеи аполитикеи ашьашәалазаара уҳәа, абри аҩыза азҵаарақәа ҳанрылацәажәо акритериқәеи агәыҕрақәеи еилкаауп.

Қырҭтәыла европатәи амҩа ианыларц аӡбеит, убри аҟынтә абарҭ аҭакҧхықәрақәа рынагӡара ауалуп. Уажәазы аҧхықәрақәа зегьы рынагӡароуп ахадаратә ҵакы змоу.

Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, Евроеидгыла алалара апроцесс хымҧада иацзароуп амилаҭтә аиқәшаҳаҭхара. Аполитикатә мчқәа аусеицура рылшаратәы мҩак рыҧшаароуп. Даҽазнык еиҭасҳәоит, уи аиҳабыра мацара инарыгӡаша ҳасабтәым, аполитикатә партиақәа зегьы уи иазҿлымҳазароуп.

Убри азоуп ари апроцесс аинклиузивтә ҳәа захьӡаҳҵо. Уи аҿы аарҧшызароуп атәыла ауааҧсыра реиҳара рҧеиҧш Евроеидгыла иадырҳәалар шырҭаху.

Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп атәылауаҩратә уаажәларра аҵакы, Евроеидгыла алалара апроцесс аҿы ахәмарҩцәа зегьы аҭакҧхықәра ду рыдуп. Аха, анапхгаратә партиоуп аҭакҧхықәра хада зду.
Уи мариам, ҷыдала, уажәтәи агеополитикатә контекст иазҧхьагәаҭаны иаҳҳәозар. Аха, шәара шәзаҵәым, Евроеидгылеи европатәи аинститутқәеи шәыцхраара иазыхиоуп.

Ассоциациатә хеилак иахьатәи аилатәараҿ имҩаҧгаз аполитикатә диалог иазкны жәақәак сҳәар сҭахуп. Ҳдискуссиақәа рҿы аполитикатә диалог ахадратә ҭыҧ ааннакылоит. Иахьа абас акәын ишыҟаз, уаҵәгьы абасҵәҟьа инагӡахоит.

Ҳара ҳаиҩызцәоуп, ҳпартниорцәоуп. Иаартны ҳаицәажәар ҳалшоит, инагӡоу аусура арҽхәареи иҵегьы иҟаҵатәу азгәаҭареи ҳалшоит.

Ахеилак алахәылацәа Қырҭтәыла иадҳәалоу крызҵазкәа зҵаарақәак ирызкны ҳгәаанагара раҳҳәеит, аҵыхәтәантәи аамҭазы зҵаарақәак ҳаргәамҵуеит, иаҳҳәап, аиашаӡбара, азакәан аиҳаӡара, амедиа ахақәиҭра. Ахылаҧшратә институтқәа рхьыҧшымреи аоппозициатә медиеи рзы аполитикатә ақәыҕәҕәара шыҟоу убарҭоуп. Арҭ аусхкқәа аҵакы ду рымоуп, ҷыдала, европатәи апринципқәа рконтекст аҿы.

Қырҭтәыла абарҭ агхақәа рыриашаразы иаҭаху зегьы ҟанаҵап ҳәа ҳгәыҕуеит. Раҧхьа иргыланы, аиҳабыра, насгьы, аполитикатә спектр зегьы, атәылауаҩратә уаажәларрагьы ари апроцесс иалахәызароуп.

Ҳара асепаратисттә регионқәа рҿы аҭагылазаашьа ҳалацәажәеит. Ари азҵаара Қырҭтәылазы аҵакы ду амоуп. Ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭеит Евроеидгыла Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара ҕәҕәала ишадгыло. Ҳхаҭарнак ҷыдеи атәылауаҩратә мониторинг амиссиеи рыла ари ахырхарҭала аусура наҳагӡоит.

Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, арегион аҿы аҭынчра ашьақәыргылара апроцесс аҿы иҟашәҵо алагала ду ахәшьара аҳҭарц алшара ҳаман. Иара убас, даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәеит Урыстәыла Украинаҿ имҩаҧнаго агрессивтә аибашьра ҕәҕәала ҳшақәыӡбо, уаххьаҿы абарҭ апроблемақәа иҵегьы ҳрылацәажәоит.

Евроеидгыла мраҭашәаратә агәылараҿы ҳпартниорцәа зегьы рҭышәынтәалара арҕәҕәара иазҿлымҳауп, ари аконтекст аҿы Қырҭтәылагьы аус ацаауеит, ҷыдала акибершәарҭадареи адезинформациа аҿагылареи ахырхарҭала. Ҳара ибзианы иаадыруеит агеополитикатә ҭагылазаашьа ҿыц Қырҭтәылазы анырра ду шамоу.

Иахьа ҳара абарҭ апроблемақәа рыӡбареи апроблемақәа шыҟоугьы ареформақәа рынагӡареи аҿы Қырҭтәыла ҳшацхрааша ҳалацәажәоит.

Ассоциациатә хеилак иахьатәи аилатәара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит Евроеидгыла Қырҭтәылеи уи аҵакырадгьылтә акзаареи ҕәҕәала ишадгыло.

Иара убас, ҳара ибзиаҵәҟьаны ааҳарҧшит ҳаизыҟазаашьақәа рыҩаӡара шышьҭыҵыз, уажәы Қырҭтәыла европатәи амҩа ишану.

Абри амҩаҿы Қырҭтәыла ақәҿиарақәа рбара ҳахыццакуеит, атәыла аполитикатә мчқәа зегьы абри аҭоурыхтә шанс рхы иадырхәап ҳәа ҳгәыҕуеит, акандидат астатус аиуреи Евроеидгыла азаигәахареи азыҳәан аҽазышәарақәа дырҕәҕәап ҳәа ҳгәыҕуеит.

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили:

Иҭабуп, Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак. Еврокомиссар, шәаргьы салам шәысҭоит. Ассоциациатә хеилак иахьатәи аилатәара аҵакы ҷыда змаз хҭысын, избанзар, Европатәи Ахеилак аҭоурыхтә аӡбара анаднакыла, Қырҭтәыла европатәи аперспектива аназхарҵа анеҩс, раҧхьатәи зыҩаӡара ҳараку аинституциатә аиҧылара мҩаҧган.

Ахеилак аилатәараҿы инарҭбаны ҳрылацәажәеит абри амҩаҿ Қырҭтәыла ақәҿиара азаазгаша ашьаҿақәа зегьы.

Абри амҩа, Қырҭтәыла ҧсабааратәла иахьаҭыҧу, европатәи адемократиақәа рҭаацәарашҟа ҳнанагоит, ҳара ҳхықәкқәеи ҳпринципқәеи еиҧшуп, аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылара ҳазықәҧоит.

Европатәи аперспектива аҭакҧхықәра ду ацуп, ҳара уи ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит, Евроеидгылаҟны аполитикатәи, аекономикатәи, азакәанҧҵаратәи ашьшәалазаара еиқәҳаршәароуп.

Европатәи ахеилак аҭоурыхтә аӡбарала ахықәкытә ҧыжәарақәа ҳәаақәҵан, урҭ Қырҭтәылазы ахадаратә ҵакы рымоуп. Ааи, Қырҭтәыла 12 абжьагарақәа рынагӡааразы аҭак аҧхықәуп.
Ахеилак абри аӡбара анаднакылаҵәҟьа, рашәара 1 азы, аконкреттә уснагӡатәқәа рплан цәыраагеит, аконкреттә приоритетқәа рзы ишьақәыргылоу аҿҳәарақәа рыла. Аинклиузивтә процесс ҳалагеит, уи еиуеиҧшым аполитикатә гәыҧқәа рылахәылацәеи, аоппозициатә партиақәеи, аиҳабыреи, атәылауаҩратә уаажәларреи реизааигәара иацхраауеит.

Абрааҵәҟьа, гәалсрала иазгәасҭар сҭахуп арадикалтә оппозициатә партиақәак ари апроцесс ишалахәым.

Ҳара Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭреи апотенциал инаӡаны ахархәара ҳазҿлымҳауп. Уажәааны ҳара 2021-2027 шықәсқәа рзы Ассоциациа аусхәаҧштә ҿыц шьақәҳарҕәҕәеит, уаҟа иарбоуп иаҳзеиҧшу аусхәаҧштә ахықәкқәа.

Евроеидгыла иаку аџьармыкьашҟа аинтеграциа ҳара ҳзы ахадаратә ҵакы змоу ахықәкқәа иреиуп. Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аимадара арҿиара агәырҵҟәыл, ҷыдала, Амшын еиқәа арегионаҿ, ҳазынтәгьы хырҳагара ду ҳзаанагар ауеит, ҷыдала уажәтәи агеополитикатә контексти ҳазынтәгьы иҳамоу апроблемақәеи иазҧхьагәаҭаны, иаҳҳәап, аенергошәарҭадара, афатәаалыц ала аиқәыршәара, ашәарҭадара. Европатәи ҳколлегацәа Қырҭтәылаҟа ааҳаҧхьеит дара рхала ирбарц аглобалтә аимадара ахсаалаҿы арегионалтә атранзиттә центрс ҳасабала Қырҭтәыла ирыднагало ауникалтә алшарақәа.

Иара убас, Украина имҩаҧысуа аибашьреи 2008 шықәсатәи Урыстәыла-Қырҭтәылатәи аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵара азҵаареи ҳалацәажәеит. Ишыжәдыруа ала, Урыстәыла Қырҭтәыла ианажәыла аибашьра ду ҟалеит. Убри анеҩс, ҳҵакырадгьыл 20% Урыстәыла ала импыҵахалоуп. Абри апроцесс аҿы, жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара адгылара аганахьала Евроеидгыла инанагӡо ароль ҧасеиҧш иахьагьы аҵакы ду амоуп. Европатәи ҳколлегацәа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа иазкны ирзеиҭаҳҳәеит, ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭеит Евроеидгыла амедиациала 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы, амца аанкылара иазкны аганқәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра Урыстәыла ала анагӡара зеиҧшҟамлац аҵакы шамоу. Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссар, сықәгылара анҵәамҭаз ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп Евроеидгылаҟны Қырҭтәыла Ассоциациа ахеилак аилатәара амҩаҧгаразы. Иаҳзеиҧшу ахықәкқәеи апринципқәеи ҳрызгәыкуп! Иҭабуп!

 

Европатәи агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеи:

Иҭабуп! Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министри Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнаки салам шәысҭоит! Қырҭтәыла европатәи аперспектива иазхаҵоуп, ари афакт ҳазынтәгьы ҳаигәырҕьоит ҳәа сгәы иаанагоит. Абри ахҭыс ду зеиҧшҟамлац алшара ахылҵуеит, ҧаса, Ассоциациатә хеилак аформатаҿ Қырҭтәылаҟны имҩаҧаагоз иарбанызаалак аиҧылара абри аҩыза аҵакы амамызт.
Иара убас, уажәшьҭа априоритетқәа зегьы еилкаауп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳара абарҭ априоритетқәа гәаартыла ҳрылацәажәеит. Насгьы, европатәи аперспектива анагӡара аиурц азыҳәан, Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра ашьаҭала кыршықәса рыҩныҵҟа иҳабжьоу аусеицура иаҳа ишҳарҭбааша ҳалацәажәеит.

Иахьа ашьҭымҭа хада ҟаҳҵароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Уажәы ареформақәа рырццакра иаамҭоуп! Аҩныҵҟатәи аиҿагыларақәа рзы аамҭеи аенергиеи шәцәыӡыр ҟалом, аус еицыжәуроуп!

Қырҭтәыла Евроеидгыла ахырхарҭала ҧхьаҟацара алшарц азыҳәан аамҭеи аганқәа зегьы рҟынтә крызҵазкәа аҽазышәареи аҭахуп!

Ҳшәыцхраарц азыҳәан, абри ахырхарҭала ацхырааратә механизмқәеи апакетқеи зегьы рхархәара ҳазыхиоуп.

Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп абри ахықәкы анагӡаразы апартиқәа зегьы реидгылареи атәылауаҩратә уаажәларра аҽалархәреи аҵакы ду шамоу. Уи шәмилаҭ рзы ауникалтә ҧыжәароуп, иара убас, ауникалтә алшароуп!

Уажәазы, Қырҭтәыла иабжьаагоит Европатәи ахеилак аихшьаала иану 12 приоритетқәа рынагӡара, урҭ азакәан аиҳаӡара арҕәҕәареи, аиашаӡбара асистемаҿы зда ҧсыхәа иҟам ареформақәа рымҩаҧгареи, аӡбара ахақәиҭра аиқәыршәареи, акоррупциа иаҿагыло ақәҧара арҕәҕәареи, аекономикатәи аполитикатәи ауаажәларратә ҧсҭазааразы хаҭалатәи анырра аиҵатәреи, амедиа ахьыҧшымра арҕәҕәареи иазкуп.

Агәра шәсыргар сҭахуп ҳахшыҩ азышьҭны Қырҭтәылa ҳшацклаҧшуа, ари ахырхарҭала Қырҭтәыла ҳшадгыло, избанзар, иааиуа ашықәс азы, Евроеидгыла арҭбаара иазку аҳасабырба ацәыргараан, шәтәыла ақәҿиарақәа ахәшьара анраҳҭо, иҵоуроу аихшьаалақәа ҟаҵаны, шәтәыла ареформақәа рхаҭабзиареи аҿҳәарақәеи ҳрыхәаҧшны, Евроеидгыла иалоу атәылақәа шәгәазыҳәара шдуу, аҧхықәрақәа рынагӡара шшәылшо агәра дҳаргап ҳәа сгәыҕуеит.

Иара убас, ахеилак аилатәараҿы, ҩ-ганктәи ҳусеицура аусхәаҧштәгьы ҳалацәажәеит, уигьы ҵыҧхтәи аусхәаҧштә аасҭа еиҕьхеит. Абри аинформациала ишьақәҳарҕәәҕар ҳҭахуп ҳусеицура аҧыжәарақәа ирызкны аимадара ҕәҕәа аҵакы ду шамоу.

Абри аконтекст аҿы иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Мрагыларатә партниорра аекономикатәи аинвестициатә план, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла, европатәи аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи асекторқәа рҟынтә 3.9 миллиард евро аинвестициа аиур алшоит.

Абри апотенциал инаӡаны ахархәара амзызла, иманшәалоу аинвестициатә лагылазаареи апрогнозҟаҵара алшареи еиқәыршәатәуп. Авизадатә режим иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, аковид-кризис ашьҭахь аҳәаақәа раартра ҳаигәырҕьоит. Иара убас, иҳазцәырҵыз проблемақәак рыӡбаразы активла аус аауеит, ҷыдала, Қырҭтәылантә Евроеидгылаҿы ахыҵакырҭа аиуразы иҟаҵоу азыҳәамҭақәа, лассы-лассы урҭ шьаҭанкыла иҵаҵгәыркым. Ҳара, уезгьы, абри ахырхарҭала ҳусеицура арҕәҕәара ҳазҿлымҳауп.

Ахәахәҭра иадҳәаланы алҵшәа бзиақәа аабеит. Еишьашәалоу ҳстандартқәеи аиқәшаҳаҭреи ашьаҭала, ақырҭуеи европатәии еилахәырақәа иаҳа ирацәаны атендерқәеи аҳәынҭқарратә аахәарақәеи рылахәызаара рылшоит, уи даараӡа ҳаигәырҕьоит.

Ҳара анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи ацхрааразы ҳаиқәшаҳаҭхеит, даргьы ҳусеицура иахылҵуа алшарақәа зегьы рхархәара рылшароуп.

Ахеилак аилатәараҿы Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реимадарақәа ҳарзааҭгылеит, арыцхәтәи, аенергетикатәи, атранспорттәи уҳәа, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла. Урҭ рызынтәгьы аҵакы ду рымоуп, ҳекономикақәеи ҳуаажәларрақәеи еиднаҳәалоит.

Аҵыхәтәаны, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳара Европатәи ахеилак ала Қырҭтәыла иазышьақәыргылоу 12 априоритетқәа рынагӡареи, аекономика аиҭашьақәыргылареи, аҭышәынтәалара арҕәҕәареи апроцесс аҿы Қырҭтәыла ҳацхраар шаҳҭаху.

Ҳәарада, абри ахырхарҭала ацхыраара аганахьала хаҭала сара шәсықәгәыҕыр шәылшоит. Иҭабуп!

 

Ателееилахәыра „Русҭави 2", Ҭамар Нуцубиӡе:

Қырҭтәыла аҧыза-министр ишиҳәаз ала, аиҳабыра ихиоуп, дара 12 априоритетқәа рынагӡаразы аус руеит. Ҳаҭыр зқәу Џьозеф, шәара шәҳәамҭала, ахадаратә ҵакы змоу априоритетқәа иреиуп аполиаризациа аҧыхра, ари апроцесс аинклиузивтә ҟазшьа амазароуп. Шәгәы ишҧаанаго, аоппозициатә партиа хада ари апроцесс иалахәымзар, зыӡбахәы ҳәоу априоритет анагӡара ҟалома, насгьы, аоппозициатә партиақәеи анапхгаратә партиеи ирыбжьажәгои? Иҭабуп!

 

Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель:

Ишысҳәаз ала, ари апроцесс - аиҳабыра имҩаҧырго амилаҭтә ҽазышәароуп. Аха, аганқәа зегьы ари апроцесс иалахәызароуп. Ауааҧсыра зегьы алахәызароуп, ҳара анапхгаратә гәыҧ ари азҵаара ишазныҟәо аабеит. Аполитикатә спектр зегьы ари апроцесс иалахәызароуп.

Аполиаризациа аҧыхра ҳаналацәажәо, аполиусқәа зегьы ҳрылацәажәоит. Аполиусқәа рырацәара ауми аполиаризациа зхылҵуа. Сара аҭакҧхықәра хада зду аиҳабыра ари азҵааразы срацәажәоит. Аха, абрааҵәҟьа, аполитикатә партиақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит, избанзар, рызынтәгьы еилыркаароуп ари апроцесс аинклиузивтә ҟазшьа шамоу, дара рызынтәгьы ари апроцесс иалахәызароуп.

 

Европатәи агәыларатә политикеи арҭбаара азҵарақәеи рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеи:

Егьырҭ акандидатцәа рацәа ирыдҳәаланы исоуз аҧышәа шәыдазгалар сҭахуп. Аполитикатә полиаризациа атәылақәа рацәа рҿы иҟоуп. Балкантәи атәылақәа ҳрыхәаҧшыр, ари азҵаара иахьагьы проблемас ирымоуп. Аха, абри зҵаара амилаҭтә приоритет шакәу азы шәеиқәшаҳаҭхаанӡа, акандидат астатус аиуреи Евроеидгыла алалареи апроцесс аҿы ақәҿиара зыҟалом. Убри аҟынтә, зыӡбахәы ҳәоу амилаҭтә приоритет аргама ашьақәырҕәҕәара мацара акәымкәа, аполитикатә шьаҿақәа рҿы аларҵәара амазароуп, апарламент аҿгьы, аиҳабыра мацара ракәымкәа, Қырҭтәыла аполитикатә ҧсҭазаара иалахәы ахәмарҩцәагьы ршьаҿақәа рҿы аларҵәара амазароуп.

 

Ателееилахәыра „Имеди", Қеҭеван Қардава:

Салам шәымаз, ҳаҭыр зқәу ажәахәҟаҵаҩцәа. Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак, шәара ишышәҳәаз ала, ҳара ҳазынтәгьы ари алшара ҳхы иаҳархәароуп, избанзар, уи аҭоурыхтә ҵакы амоуп. Излауа ала ирласны акандидат астатус ҳаур ҳҭахуп. Ари ахықәкы анагӡра ҳазҿлымҳауп. Апроцедурақәа зеиҧшроу ҳашәҳәар ҟалома? Сынтәа ҳаззыҧшри? Ҧхынҷкәын азы изакәытә документуи ицәырыжәго? Еврокомиссар, иацы шәара украинаа рҟны аиҧылара шәалацәажәеит. Ҳаҧхьҟа, жьҭааразы, Евроеидгыла арҭбаара иазку аҳасабырба цәырыжәгоит, сара интересс исымоуп 12 аҳәарақәа рызынтәгьы наҳагӡар, шәара автоматла аӡбара шәыдышәкылома? Иҭабуп!

Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи азҵарақәа рзы Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель:

Еврокомиссар, аҩ-зҵаарак шәара шәмаҵзура иадҳәалоуп.

 

Европатәи агәыларатә политикеи арҭбааара азҵарақәеи рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеи:

Шәара шәақәшаҳаҭзар, аҩ-зҵаарак аҭак рысҭар сылшоит. Украина атемазы иацы имҩаҧгаз апресс-конференциала салагоит. Ҳара апроцесс алацәажәара ҳалшоит, аха, уи аинтерес аҵам. Аус шынагӡахо, ианынагӡахо ауп аинтерес зҵоу. Аус ҳәа сызлацәажәо - 12 приоритетқәа рынагӡароуп.
Евроеидгыла арҭбаара апроцесс аихьӡарақәа рышьаҭала имҩаҧысуеит. Иреиҳаӡоу ахаҭарнак ари азҵаара далацәажәахьеит. Убри аҟынтә, 12 приоритетқәа анынашәыгӡалак, агәра ганы сыҟоуп ҳара ҳгангьы ражәа шынарыгӡо - дара ишәырҭаз ақәыргәыҕрақәа нарыгӡароуп.

Насгьы, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, априоритетқәа инагӡоуп ҳәа анаҳҳәо, уи иаанагоит аекономика иахәаша, ажәлари ауаажәларреи хырҳагара рзаазгаша шьаҭанкылатәи ареформақәа рымҩаҧгара. Ареалтә интеграциа аҭыҧаҿыҵәҟьа иалагароуп. Уи абзоурала, шәтәыла иалалоит иаҳа ирацәаны аинвесторцәа, ахәаахәҭратә аикәшара азҳауеит, аусуратә ҭыҧқәа иаҳа ирацәахоит. Насгьы, абри зегьы мҩаҧгзароуп Европа аларҵәара змоу аҧҟарақәа рышьааҭала. Абри ауп аинтеграциаҵәҟьа иаанаго. Апроцесс ахаҭа усҟак иуадаҩымзшәа иубарҭоуп, аха, сара еснагь ареалтә интеграциа сазҿлымҳауп.

Насгьы, аҵыхәтәаны ишәасҳәар сҭахуп сынтәа ҳара ҳҟынтә шәазыҧшыроуп аихшьаала аҵыхәтәантәи ахәҭа. Ари адокумент дууп, уаҟа европатәи азакәанқәеи Қырҭтәыла амч змоу азакәанқәеи еиҿаҳарҧшуеит. Уи ала лабҿаба иаабоит Қырҭтәыла Евроеидгыла азакәанқәа инаӡаны рхархәара шалшо. Ҳара Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа ҳамоуп. Уи иалоуп Евроеидгыла азакәанҧҵара 70 наӡына. Ахҧатәи аишьҭагыла иаҵанакәа атәылақәа аҧҟарақәа зегьы инаӡаны рхы иадмырхәаргьы ауеит, аха, 70 наӡына уаҟа иарбоуп. Шәара Евроеидгыла азакәанқәа ршьашәалазаара аганахьала қәҿиарақәак шәымоуп, аха, ҳаҧхьаҟа, лабҿаба иаабароуп абарҭ азакәанқәа риагареи рышьақәырҕәҕәареи мацара акәымкәа, рықәныҟәарагьы шшәылшо.
Атәылақәа рыхҧагьы рзы абри аҩызаҵәҟьа азнеишьа ҳамоуп. Иааиуа ашықәс азы атәылақәа рыхҧагьы ирызкны аҳасабырба цәыраагоит, усҟан Қырҭтәылагьы акандидат астатус амазаауеит ҳәа сгәыҕуеит.

Евроеидгыла алидерцәа роуп аӡбара здызкыло, избанзар ари аӡбара астратегиатә ҵакы амоуп. Еснагь абас акәын ишыҟаз, уажәы аиҭакрақәак ҟалап ҳәа сгәы иаанагом.

 

Аинформациатә агентра „Интерпрессниус", Саломе Абулашвили:

Абри аҩыза азҵаара сымоуп: европатәи аперспектива ҳарҭеишьҭеит ҩымз еиҳаны иҵхьеит, Қырҭтәыла Еврокомиссиантә иаиуз 12 абжьагарақәа рынагӡара ахьынӡалшо ауп зегьы зхьыҧшу. Шәгәы ишҧаанаго, аиҳабыреи аоппозициеи, Қырҭтәыла астратегиатәи интересқәа рхатә политикатә интересқәа раҵкыс иаҳа иҳаракны идыргылома? Аиҳабыреи аоппозициеи аполиаризациа аҧыхра ахырхарҭала аус руеит ҳәа шәгәы иаанагома? Сара ҳаҭыр зқәу Боррель иоуп азҵаара зысҭо. Иҭабуп.

Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭдара аполитикеи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель:

Сара исҳәаз еиҭасҳәар сылшоит. Шаҟа шәҭаху шәсазҵаала. Уезгьы акоуп ишәасҳәо. Ари апроцесс аинклиузивтә ҟазшьа амоуп, убри аҟынтә, аполитикатә партиақәа зегьы ирыбжьаагоит еидгыланы аусеицура иалагарц. Ргәаанагарақәа еиҧшымзаргьы ауеит, аха, Еврокомиссар ишиҳәаз еиҧш, Қырҭтәылазы аполиаризациа ҟазшьарбагам. Аполиаризациа аполитикатә ҧсҭазаара иузалхуам, аха, егьырҭ азҵаарқәа реиҧшҵәҟьа, уигьы имцхәны иҟазар ҟалом. Имцху аполиаризациа аилаҩынтәра ахылҵуеит, ҧхьаҟацара апроцесс иаҧырхагоуп, аҵыхәтәаны - адемократиа аполитикатә ҧсҭазаараҟынтә иқәыӡӡаар ауеит. Убри аҟынтә, адунеиаҿ дозак ала аполиаризациа иҟазароуп. Уи ала еиуеиҧшым агәаанагарақәеи азнеишьақәеи аадырҧшуеит. Уи инормалуп, уи демократиоуп. Аха, аполиаризациа, апроцесс иаҧырхагоу, ахықәкы анагӡара иаҧырхагоу аҩаӡаранӡа имнеироуп. Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аполитикатә ҧсҭазаара ахцәажәара сгәы иҭам, аха, аполитикатә партиқәа зегьы еилыркаароуп ҳазлацәажәо апроцесс - аколлективтә ҽазышәара шакәу, уи аҭоурыхтә хҭысуп, аҭоурыхтә алшарақәа ахылҵыр ауеит.

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили:

Саргьы исҳәахьоу еиҭасҳәар сҭахуп. Анапхгааратә гәыҧи аиҳабыреи аполитикатә хәмарҩцәа зегьы, аоппозициатә партиақәа зегьы ашәқәа рзаадыртит. Иахьатәи ааҧхьараҿы ишазгәасҭаз еиҧш, аполитикатә партиақәак, ҷыдала, аоппозициатә партиа хада, ари апроцесс иалахәым, абри ауп рыцҳарас иҟоу. Убри аҟынтә, даҽазнык ишьақәсырҕәҕар сҭахуп ҳара аполитикатә партиақәа зегьы рҟны, апарламент иалоугьы, иаламгьы, апартиақәа зегьы рҟны аусеицура ҳшазыхиоу. Аха, ҳаҭыр зқәу Боррель, ишышәҳәаз еиҧш, аиҳабыра мацара ракәымкәа, аоппозициатә партиақәагьы ари апроцесс иалахәызароуп. Қырҭтәыла, анапхгааратә гәыҧ, аиҳабыра амотивациа ду ҳамоуп, 12 приоритетқәа рызынтәгьы рынагӡара ҳазыхиоуп. Иҭабуп!