Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2022 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Иракли Ҕарибашвили, Бриуссель ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Жозеп Боррель диҧылеит

Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла иаиуз аперспективеи астатус аиуразы иҟаҵоу ашьаҿақәеи ирылацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррели реиҧылараҿы, аганқәа рхаҭарнакцәа еиҧылеит Бриуссель, Ассоциациа ахеилак аилатәараҿы.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, рашәарамзазы атәыла иаиуз европатәи аперспектива Қырҭтәыла гәызҭаҵагас иазыҟалеит, аха, аамҭакала, уи аҭакҧхықәра ду ацуп.

Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, уажәазы Қырҭтәыла иҟоу аполиаризациа атәылазы крызҵазкәа проблемоуп, ари азҵаара аҭыҧ иқәҵатәуп. Убри аҟынтә, аиҳабыра, уажәтәи аполитикатә лагылазаара аиҕьтәразы иаҭаху зегьы ҟарҵоит. Аха, аҧыза-министр ишиҳәаз ала, аоппозициатә партиақәагьы, хымҧада, ари апроцесс иалахәызароуп.

Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла, Европатәи Ахеилак аӡбара иахәҭоу азҿлымҳара аҭаны, Евроеидгыла атәыла иазышьақәнаргылаз 12 аҳәарақәа рынагӡаразы ауснагӡатәқәа рплан цәырнагеит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, априоритетқәа инрықәыршәаны аусуратә гәыҧқәа еиҿкаауп, урҭ ирылахәып ари азҵаара иазҿлымҳау, иашьашәалоу аганқәа зегьы.

Ишазгәаҭаз ала, амбициатә реформақәа русхәаҧштә анагӡара апроцесс аҿы ақәҿиара зыҟалом Евроеидгыла ацхыраара дуи адгылареи ада. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла Евроеидгыла арҭбаара аполитика алахәылас иҟалеит, убри аҟынтә, Қырҭтәылагьы Евроеидгыла алалара апроцесс аҿы иҟоу атәылақәа ирызку афинанстә хархәагақәа рхархәара алшоит, уи абзоурала, Евроеидгыла алалара апроцесс аҿы атәыла иаҳа ирацәаны алшарақәа аиуеит.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, ашәарҭадара аганахьала арегион аҿы аҭагылазаашьеи Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы имҩаҧысуа апроцессқәеи ирылацәажәеит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, лабҿаба иубарҭоуп Урыстәыла Қырҭтәылеи Украинеи Молдовеи рзы еиҧшу аполитика шымҩаҧнаго. Аҧыза-министр иҳәамҭала, Евроеидгыла ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла иадгылазаауеит ҳәа дгәыҕуеит, уажәы, Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа рызхаҵамра аполитика зеиҧшҟамлац ала идуу ашәарҭара ианҭагыло, ари ахырхарҭала европатәи апартниорцәа рҟынтә адгылара аҵакы ду амоуп. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылаҿ Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩс Павел Перчински иқәыргылара дазыразуп, уи аус ицура дазыхиоуп.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура