Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2022 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2022 шықәсa ажьырныҳәа 31 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2022-01-31

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 9 зҵаарак ирыхәаҧшит.

Қырҭтәыла арбџьармчқәа рхыхьчаралшара аизырҳареи ақәылӡҭархагатә алшара аиҕьтәреи амзызла, аиҳабыра, атанкҭархагатә иеиҭаҵуа аракетатә системақәа „JAVELIN" апартиа ҿыц аахәара азҵаара аус адырулоит. Ишдыру ала, 2021шықәсазы Аҳәынҭқарратә департамент, иҵегьы 30 миллион адоллар рыхә „JAVELIN" асистемақәа Қырҭтәыла азыҭиразы аӡбара аднакылеит. Атәылахьчара аминистрра, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи аҵакы змоу ауснагӡатәқәа ирласны, ҧырхагада рымҩаҧгара амзызла, ҩ-тәылак реиҳабырақәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәырәшаны, атанкҭархагатә иеиҭаҵуа асистема „JAVELIN" аанахәоит ирмариоу аҧҟарала.

Атәылахьчара аминистрра аҧыжәарақәа иазҧхьагәаҭаны, ишырыӡбаз ала, „JAVELIN" асистема аахәаразы иаҭаху 26 миллион 246 нызқь 866 адоллар ршәоит Америка ала Қырҭтәыла иазоушьҭу аҧареи, иара убас, Америкеи Қырҭтәылеи реиҳабырақәа ирыбжьарҵаз аиақәшаҳаҭра инақәыршәаны, Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә биуџьет иалырхуа аҧареи ала.

Иара убас, аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы иалацәажәеит „ Ахәшәқәеи афармацевттә усуреи иазку" Қырҭтәыла азакәан аҧсахрақәа алагалара азҵаарагьы. Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, афармацевттә аалыҵ Қырҭтәылаҟа аагара амзызла, аимпортиорцәа хымҧада ицәырыргароуп иаарго аалыҵ GMP (ааглыхратә аҧышәа бзиа) астандарт ала ишыҟаҵоу зыршаҳаҭуа адокумент; GMP астандарт зыршаҳаҭуа адокумент ацәыргара аетапқәеи аҭагылазаашьақәеи аиҳабыра иҳаақәырҵоит ҳазну ашықәс хәажәкыранӡа.

Аҧсахрақәа хықәкыс ирымоуп афармацевттә аалыҵ ааглыхыҩцәеи, инеизакны изҭиуа ауааҧсыреи, аимпортиорцәеи еиҟароу аҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәара. Аиҳабыра апарламент ашҟа аҳәара ҟарҵеит зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект ирласу аҵасла иахәаҧшырц.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура