Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2022 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2022 шықәсa хәажәкыра 21 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2022-03-21

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 14 зҵаара ирыхәаҧшит.

Аиҳабыра рықәҵарала, аҳәынҭқарра иатәу иеиҭамҵуа амал, ишиашо аҭира аформала, асимволтә ахә ала - 1 лари ҳәа, 98 афизикатә хаҿқәа Русҭави ақалақь аҿы ирыҭоуп, дара закәанла ирзышьақәдырҕәҕәоит фактла изыҩноу анхарҭақәа.

Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы иара убас ишьақәдырҕәҕәаз ақәҵара инақәыршәаны, шықәсыктәи акультурақәа рааӡара амзызла ауаа ирыҭоу аҧсахтә анаӡынатә хәҭа аҳәынҭқарра ихнаҩуеит. „Азинҷыдатәи агрокредит" апроект даҽа компонентк ацлоит, уи инақәыршәаны, шықәсыктәи акультурақәа рааӡара иазку ахарџьқәа рфинансыркра амзызла ирыҭоу аҧсахтә 12 мзатәи анаӡынатә аицфинансыркра, шықәсыктәи 9%-ла, еиқәнаршәоит Ақыҭа аҿиара агентра.

Аҧсахтә шықәсыктәи анаӡынатә хәҭа 18% иаҟароуп. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, хаҿык иҭоу аҧсахтә ҳәаақәҵоуп 5 000 инаркны 100 000 лари аҟынӡа аҧаратә аицҵалыҵ ала.

Акомпонент ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыҭоу аҧсахтә, шықәсыктәи акультурақәа алаҵатәқәеи аиҭаҳатәқәеи рпестицидқәеи, аоргантәи аминералтәи аҵәҵәыреи, аҵиаақәа рыхьчара абиологиатә хархәагақәеи ирыдҳәалоу ахарџьқәеи, шықәсыктәи акультурақәа рааӡара иадҳәалоу ауаҩытәыҩсатә ресурсқәеи, ақыҭанхамҩатә техника қьырала агареи, ахархәара змоу атехника абылтәы ала аиқәыршәареи иазку ахарџьқәа ршәаразы иазҧхьагәаҭоуп. Аицфинансыркра ахахәара рылшоит Қырҭтәыла иатәылауаҩу афизикатә хаҿы; Қырҭтәыла азакәан инақәыршәаны ашәҟәы иҭагалоу хазхаҭалатәи анаплакҩцәеи аиуристтә хаҿқәеи. Афинанстә институтқәа дара аҧсахтқәа рыҭара рылшоит 2022 шықәса жьҭаара 31 иналаҧхьаӡаны.

Иара убас, Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, ақыҭанхамҩатә кооперативқәа рыцхраара амзызла, даҽа программак мҩаҧгахоит.

„Ақыҭанхамҩатә кооперативқәа ирыҵанакәа анаплакқәа реицфинансыркра" аҳәынҭқарратә программа аҭагылазаашьақәа инрықәыршәаны, Ақыҭа аҿиара агентра еиқәнаршәоит ауҭраҭыхи акартоши рыҵәахратәи рырхьшәашәаратәи инфраструктура аицфинансыркра. 500 тонна зкуа аҵәахратә наплакы аицфинансыркра уи азеиҧш ахә аҟынтә 80% еиҳамзароуп, 450 000 лари еиҳамкәа.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура