Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2022 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2022 шықәсa рашәара 20 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2022-06-20

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 18 зҵаара ирыхәаҧшит.

Салам шәымаз, ҳуааҧсыра жәақәак расҳәар сҭахуп, Рашәара 17 рзы Еврокомиссиа аҭоурыхтә аӡбара аднакылеит, раҧхьаӡа акәны аҭоурыхтә ҵакы змоу анҵамҭа ҟаҵан, уи инақәыршәаны, Еврокомиссиа Европатәи Ахеилак иабжьанагоит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы аперспектива арҭарц. Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен ишылҳәаз ала, Европа Қырҭтәыла ашә азаанартит, ари аӡбара аҭоурыхтә ҵакы амоуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла, атәыла инанагӡараны иҟоу абжьагарақәа уезгьы аиҳабыра русхәаҧштә аҿы иарбан, аха Бриуссель аҟны аусеицура ззынагӡатәу егьырҭ азҵаарақәгьы иҟоуп, Қырҭтәыла хымҧада акандидат астатус аиуеит.

„Ақырҭуаа зегьы абри аҭоурыхтә аӡбара рыдысныҳәалоит. Еврокомиссиа ахатә абжьагарақәа рҿы ианҵаны Ахеилак иабжьанагеит - Қырҭтәыла аҳәарақәа зегьы анынагӡалак Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анаршьарц. Уажәшьҭа, Ахеилак арҭ абжьгарақәа анышьақәнарҕәҕәалак, ҳара, зыҧшра ҟамҵакәа, Бриуссель аҟны аусеицура ҳалагоит. Ҳтәылауаа ирдыруазар сҭахуп, арҭ абжьагарақәа реиҳара уезгьы ҳусхәаҧштә аҿы иарбан, аха, егьырҭ азҵарақәагьы иҟоуп, ҳәарада, ҳара Бруссель аҟны ари азҵаарақәа рзы аусеицура ҳалагоит, Қырҭтәыла хымҧада акандидат астатус аиуеит. Ҳтәылауаа реиҳара зҵаарақәак шрымоу здыруеит, убри аҟынтә, аилыркаарақәа рысҭар сҭахуп Молдовеи Украинеи иаҳа аҧыжәара зрырҭаз азы. Ҳтәылауаа ирдыруазар сҭахуп; аперспектива иадҳәаланы Молдовеи Украинеи ирзыҟарҵаз анҵамҭақәа еиҧшуп, ҽакала иаҳҳәозар, дара рзгьы Еврокомиссиа Ахеилак иабжьанагоит астатуси, аперспективеи, еиҭах астатуси ранаршьарц. Реалра иуҳәозар, астатус, аванс ҳасабала ирырҭоит. Уи, аибашьра цәгьа иҭагыло Украинеи иуадаҩӡоу аҭагылазаашьаҿы иҟоу Молдовеи гәызҭаҵагас ирзыҟалаша авансуп. Аамҭакала, дара рҟынтәгьы иаҳәоит имаҷымкәа ареформақәа рымҩаҧгара. Ҳара ҽакала иҳазныҟәеит, зны, ҳхы иадаҳҵаз аҧхықәрақәа зегьы наҳагӡароуп, ареформақәа зегьы мҩаҧаагароуп, анеҩс астатус ҳанаршьоит,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, „Ақырҭуа гәахәтәи" Биӡина Иванишвилии роуп изыбзоуроу Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс аҿы иҟоу аихьӡарақәа.

„Ҳара ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит Украина арыцҳара ишҭагыло. Атәыла аҵакырадгьыл 20% рцәыӡхьеит, аибашьра инагӡоит. Молдовагьы аҭагылазаашьа цәгьоуп, зыӡбахәы ҳәоу аибашьра амшала аӡәы азарал иоузар, раҧхьа иргыланы, уи Молдовоуп, ари атәыла Украина иаҧнуп, ахҵәацәа рацәа уахь идәықәлеит, аекономикеи ашәарҭадареи аганахьала Молдова аҭагылазаашьа еицәахеит. Ишәгәалашәозар ҟалап, иҳаҩсыз амчыбжь азы сара аргама исҳәеит, европатәи ҳколлегацәагьы исарҳәеит, саргьы аргама аасыцҳаит Украина астатус шанаршьо ари атәылаҿ аибашьра ахьымҩаҧысуа аҟынтә. Мышқәак раҧхьа европатәи алидерцәа аргама ишьақәдырҕәҕәеит ари аӡбара шрыдыркылаз Украина аибашьра ахьымҩаҧысуа аҟынтә, сара санрацәажәозгьы иаартны исарҳәеит Молдовагьы даараӡа ҭагылазаашьа шыцәгьоу. Убри аҟынтә, Украинеи Молдовеи срыҵасышьуам. Украинааи молдовааи ари ақәҿиара рыдысныҳәалоит. Аҭынчреи атәыла аидҵареи рзеиҕьасшьоит.

Иара убас, акыр иаҧсоу ҳажәлар ирасҳәар сҭахуп - „Ақырҭуа гәахәтәи" Биӡина Иванишвилии роуп изыбзоуроу Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс аҿы иҟоу аихьӡарақәа, ҳуааҧсыра фактқәак ргәаласыршәар сҭахуп - Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра, зхы иақәиҭу ахәахәҭра, авизадатә режим, уажәшьҭа европатәи аперспективеи акандидат астатуси. Абри зегьы „Ақырҭуа гәахәтәы" анапхгара иадҳәалоуп, ҳтәыла аҭынчреи аидҵареи азеиҕьасшьоит,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура