Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2022 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2022 шықәсa ԥхынгәы 18 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2022-07-18

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аминистрцәа аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 7 зҵаарак ирыхәаҧшит.

Излацәажәаз азҵаарақәа иреиун ,,Раҷа аҳәырҧсаррақәа раҧҵареи рхылаҧшреи иазку" Қырҭтәыла азакәан апроект, уи ала иазҧхьагәаҭоуп Раҷа аҵакырадгьылаҿ аҳәырҧсарра ҿыцқәа раҧҵара.

Аиҳабыра рыӡбарала, Раҷа-Лечхуми-Аладатәи Шәантәыла арегион аҿы, 50 894 гектар аҵакырадгьылаҿ аҧҵахоит Раҷа Амилаҭтә парк. Аҳәырҧсаррақәа раҧҵара абзоурала, арегион аҿы еиҿкаахоит административтә центр, аусуратә ҭыҧ ҿыцқәа ҟалоит, арегион аҿы иҟоу абиохкырацәареи, аландшафтқәеи, аекосистемақәеи реиқәырхареи рыхьчареи аҧсабаратә ресурсқәа иҭышәынтәалоу рҿиареи еиқәыршәазаауеит.

Иара убас, аиҳабыра алахәылацәа иахәаҧшит ,,Абазистә маҵзуратә хырҳагара аиҭаҧхьаӡара амеханизм аус адулара аетапқәеи апринципқәеи рышыьақәырҕәҕәара иазку" Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроект, уи аҳәынҭқарратә сектор аҿы аус зуа ауааҧсыра рџьаусҧса аиҿкаара иазкуп.

Ақәҵара апроект инақәыршәаны, Қырҭтәыла афинансқәа рминистрра иадырҵеит „Қырҭтәыла 2023 шықәсатәи аҳәынҭқарратә биуџьет иазку" Қырҭтәыла азакәан апроект инаваргыланы, ирмазеины ашьақәырҕәҕәаразы Қырҭтәыла аиҳабыра ирызцәырыргарц азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа рпакет, убри ашьаҭала, „Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аџьаусҧса иазку" Қырҭтәыла азакәан ала ишьақәыргылоу абазистә маҵзуратә хырҳагара ҳәаақәҵахоит шықәсыктәи аҳәынҭқарратә биуџьет иазку азакәан ала.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура