Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2022 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2022 шықәсa ԥхынгәы 25 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2022-07-25

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аминистрцәа аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз бжь-зҵаарак ирыхәаҧшит.

Изхәаҧшыз азҵарақәа иреиун ,,Қырҭтәыла административтә азинеилагарқәа рзакәанеидкыла аҧсахрақәа алагара иазку" Қырҭтәыла азакәан апроект, уи ала иазҧхьагәаҭоуп адәахьы ахәаахәҭра азҵаарақәа рҭыҧқәҵара. Аҧсахрақәа инырқәыршәаны, амуниципалитетқәа рҵакырадгьыл аҿы азинда адәахьы ахәаахәҭреи иахәҭам ареклама аргылареи азы асанкциақәеи ахараҧсеи иазҧхьагәаҭоуп. Зыӡбахәы ҳәоу ахәҭаҷқәа рҿы иарбоу азинеилагарақәа еиҭаҟаҵаразы, арҭ ахәҭаҷқәа иҵегьы асанкциақәа рыцлоит.


Иара убас, аиҳабыра алахәылацәа, ,,Адипломатиатә усура иазку" Қырҭтәыла азакәан иалагалатәу аҧсахрақәагьы ирылацәажәеит, урҭ инырқәыршәаны, еиҿкаахоит адипломатиатә маҵзураҿы аротациа ацикл, уи ала иҳәаақәҵахоит Қырҭтәыла адипломатиатә хаҭарнакрақәа рышҟа амаҵзуҩцәа кыраамҭала рдәықәҵара апҟареи аҿҳәарақәеи.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура