Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2022 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2022 шықәсa нанҳәа 22 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2022-08-22

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аилатәараҿы аминистрцәа 7 зҵаарак ирыхәаҧшит.

Изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиун ,,Аҳәынҭқарра иатәу иеиҭамҵуа амал ишиашо аҭира аформала априватизациа иазку" Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроектқәа, урҭ рышьаҭала, 16-ҩык афизикатә хаҿқәеи 19 аҭаацәарақәеи, ишиашо аҭира аформала, асимволтә ахә ала, 1 лари ҳәа, ахатәрахьы ирыҭоуп аҳәынҭқарра иатәу иеиҭамҵуа амал.

Иара убас, аҳәынҭқарра иатәу ақыҭанхамҩатә адгьылҭыҧи уи иқәгылоу аргыламҭеи социалла ихьчам, быжьҩык рыла ишьақәгылоу аҭаацәара ирзышьақәдырҕәҕәоит. Зыӡбахәы ҳәоу аҭаацәара кыршықәса рыҩныҵҟа абри адгьылҭыҧаҿ инхоит.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура