Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2022 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2022 шықәсa цәыббра 5 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2022-09-05

Аиҳабыра реилатәараҿы ҳара аофициалла ицәыраагоит «Ахәаҧшыра 2030 - Қырҭтәыла аҿиара астратегиа», аиҳабыра ари адокумент шьақәдырҕәҕәоит, мышқәак рышьҭахь аргама ицәыраагоит», - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, зыӡбахәы ҳәоу адокумент аҿы иарбоуп адемократиатә ҳәынҭқарра ҕәҕәа аргылара иадҳәаланы ауааҧсыра ирымоу агәазыҳәара.

«Раҧхьа иргыланы, ҵыҧх ажәлар ираҳҭаз ақәыргәыҕрақәа срылацәажәар сҭахуп, уи атәыла аҿиаара кыраамҭалатәи астратегиа - 2030 ауп, уи аҿы иарбазаауеит ахырхарҭақәа зегьы рыла ҳтәыла аҿиаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа зегьы. Аусбарҭа цыҧхьаӡа ахатә аҿиара астратегиа еиқәнаршәеит, уажәы ҳара ари адокумент - «Ахәаҧшыра 2030 - Қырҭтәыла аҿиара астратегиа» аргама ицәыраагоит. Абри адокумент еиқәыршәоуп адемократиатә ҳәынҭқарра ҕәҕәа аргыларазы ҳажәлар ирымоу аҭаххара ашьаҭала. Ҳтәылаҿ иҭышәынтәалоу аексклиузивтә економикатә аҿиара еиқәыршәазароуп. Уи иаҳзеиҧшу ҳасабтәуп - асоциалтә еиҟарара, зхаҭабзиара ҳараку агәабзиарахьчара, аҵара, аекологиатә ганахьала ицқьоу аҧсабаратә лагылазаара, адемократиеи ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи арҕәҕәара. Абри зегьы адокумент аҿы иарбоуп. Аусбарҭақәа зегы активла аусуразы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Ҳара ҵыҧхгьы абарҭ адокументқәа еиқәыршәаны иҳаман, аха, убри анеҩс, адокумент цыҧхьаӡа аханатә ириашан, адыррақәа ирҿыцын, иахьа аҵыхәанӡа ириашоу адокумент шәыдаагалоит, аиҳабыра ари адокумент шьақәдырҕәҕәоит, мышқәак рышьҭахь аргама ицәыраагоит», - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра реилатәараҿы ишьақәҳарҕәҕәоит ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амилаҭтә стратегиа - 2022-2030. Ари адокумент еилҳаргеит акторқәа зегьы рҟны, жәларбжьаратәи ауаажәларреи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи рҟны, - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, адокумент, ашьақәырҕәҕәаразы Қырҭтәыла апарламентахь идәықәырҵоит.
„Ҳтәылауаа идсырдырыр сҭахуп иахьа аиҳабыра реилатәараҿы Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амилаҭтә стратегиа - 2022-2030 шышьақәҳарҕәҕәо. Ишыжәдыруа ала, 2014 шықәсазы, раҧхьаӡа акәны, ишьақәырҕәҕәан Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амилаҭтә стратегиа 2014-2020, ари адокумент бзиан. Ишыжәдыруа ала, ари адокумент аус адиулон аексперт, ҳаҭыр зқәу Томас Ҳамерберг. Ҳуааҧсыра ирдыруазар сҭахуп, ҳара ибзианы иҳгәалашәоит ари аусхкы аҿы, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчараҿы изакәытә проблемақәоу иҟаз. Ибзианы иҳгәалашәоит ҧасатәи анапхгара рхаан адемократиа дыргакгьы шыҟамыз, ахырхарҭақәа зегьы рыла ауаҩытәыҩса изинқәа еилаган. Ҳәарада, убри ашьҭахь, ауаҩытәыҩса изинқәа рганахьала атәылаҿы шьаҭанкыла аҭагылазаашьа аҽаҧсахит. Уажәы ҳара адокумент ҿыц еиқәҳаршәеит, уи акторцәа зегьы рҟны еилҳаргеит, жәларбжьаратәи ауаажәларреи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи рҟны. Уажәы, абри астратегиа, аҵыхәанӡа ириашаны ицәыраагоит, иахьа аиҳабыра ари адокумент иақәшаҳаҭханы, ашьақәырҕәҕәаразы апарламентахь идәықәырҵоит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Ассоциациа ахеилак 7-тәи аилатәара Бриуссель имҩаҧысуеит. Сара анапхгара ззызуа аделегациа иалоуп аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистри адәныҟатәи аусқәа рминистри, - иҳәеит аҧыза-министр.
Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, европатәи апартниорцәа ирацәажәоит апрогресси уажәы аиҳабыра аус здыруло ареформақәеи рзы.

„Иахьа ҳара Бриуссельҟа ҳдәықәлоит. Ишыжәдыруа ала, Бриуссель Ассоциациа ахеилак 7-тәи аилатәара мҩаҧысуеит. Аделегациа сара сахагылоит, аминистрцәагьы сыцзаауеит, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистри адәныҟатәи аусқәа рминистри, ҳәарада, ҳара апрогресси уажәы аус здаауло ареформақәеи ҳрылацәажәоит. Насгьы, ҳәарада, ҳнапхгратә партиа ахаҭарнакцәа апарламент аҿы активла аус здыруло 12 абжьагарақәагьы ҳарзааҭгылоит. Иара убас, уажәтәи аполитикатәи аекономикатәи ҭагылазаашьеи, Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала арегион аҿы иҟоу апроблемақәеи арҭ апроблемақәа Европазы ирымоу анырреи ҳалацәажәоит. Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп, европатәи ҳпартниорцәа ҳтәылаҿы иҟоу апрогресс иазкны инарҭбаау аинформациа раҳҭоит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аофициалла ицәыргоуп аекономикатә азҳаар арбагақәа, аҵыхәтәантәи 7 мза рыла 10,3% азҳара иҟоуп. Уи адунеиаҿ зеиҧшҟамлац ала ибзиоу аекономикатә азҳара арбагоуп, - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, аекспорт 40%-ла иазҳаит, аҧаратә аиагарақәагьы 46.8 %-ла иазҳан, 300 миллион адоллар иаҟарахеит.

„Ҳтәылауаа ирасҳәар сҭахуп иҳаҩсыз амчыбжь азы аофициалла ишцәыргаз аекономикатә азҳара арбагақәа, аҵыхәтәантәи 7 мза рыла 10,3% азҳара ҳамоуп. Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп, ари арбага адунеиаҿ зеҧшҟамлац ала идууп. Шәара ибзианы ижәдыруеит Украина имҩҧаысуа аибашьра амшала Европа мацара акәымкәа, адунеи зехьынџьара апроблмақәа шырацәоу. Убри аамҭазы, ҳтәылаҿы ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара арбга ҳамоуп, ҳәарада, уи даараӡа ибзиоуп. Абрааҵәҟьа даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп аекспорт 40%-ла ишазҳаз, иара убас, ҳтәылауаа ирасҳәар сҭахуп, аҧаратә аиагарақәа 46.8 %-ла иазҳан, 300 миллион адоллар еиҳауп. Абизнессектор аҿгьы аикәшара иаҳа идухеит. Иара убас, актәи аквартал аҿгьы аҩбатәи аквартал аҿгьы аусурҭа зауз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара ацлеит. Аҵыхәтәаны, иазгәасҭар сҭахуп ажьырныҳәа-рашәарамзазы абизнессектор аикәшара азҳаит 25%-ла, ҳәарада, арҭ адыррақәа ҳреигәырҕьоит", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.


 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура