Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2022 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2022 шықәсa цәыббра 12 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2022-09-12

Ҵыҧх ҩ-хыҧхьаӡарак змаз аекономикатә азҳара ҳаман - 10,4 наӡына, сынтәатәи ашықәсгьы аекономикатә азҳара ду ала ҳалагеит. Раҧхьатәи бжьымз рыла ҩ-хыҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара, 10,3% азҳара ҳамоуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, атәыла сынтәатәи абиуџьет еиқәыршәан 6% аекономикатә азҳара иазҧхьагәаҭаны, аноминалтә аҩныҵҟатәи аалыҵ иазку азҧхьагәаҭа 64,8 миллиард лари иаҟаран.

„Иахьа ҳуааҧсыра абиуџьет иазкны аинформациа рысҭар сҭахуп, аҳасабырба рызцәырызгоит. Аха, уаанӡа, иааркьаҿны алагалажәа ҟасҵар сҭахуп. Ишыжәдыруа ала, апандемиа ашьҭахаь, ҵыҧх, ҩ-хыҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара ду ҳаман, 10.4%-тәи азҳара, сынтәатәи ашықәсгьы аекономикатә азҳара ду ала ҳалагеит. Раҧхьатәи бжьымз рыла ҩ-хыҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара, 10,3% азҳара ҳамоуп.

Иара убас, ишәгәаласыршәар сҭахуп атәыла сынтәатәи абиуџьет ишеиқәыршәаз 6% аекономикатә азҳара иазҧхьагәаҭаны, аноминалтә аҩныҵҟатәи аалыҵ иазку азҧхьагәаҭа 64,8 миллиард лари иаҟаран. Иара убас, атауар аекспорт 13%-ла азҳара иазҧхьагәаҭан, атуризм аиҭашьақәыргылара арбага, 2019 шықәсатәи арбага аасҭа - 70%-ла азҳара иазҧхьагәаҭан.

Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп, Украина аибашьра ианалага ашьҭахь, раҧхьатәи аетап азы, ҳәарада, ҳтәыла мацараз акәымкәа, Европагьы адунеигьы ашәарҭара ҿыцқәа рызцәырҵит. Усҟан ҳара ари аҭагылазаашьа ҳалацәажәеит, ҳполитика иаша акәымзҭгьы, иахьа ҳтәылаҿы ҩ-хыҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара акәымкәа, адунеи зехьынџьара еиҧшҵәҟьа ҳтәылаҿгьы аекономика зынӡаскгьы икаҳауан.

Убри аамҭазы абарҭ апараметрқәа ҳамоуп: атауарқәа рекспорт 3,1 млрд адоллар иаҟароуп, ари арбага ҵыҧхтәи арбага аасҭа 36%-ла еиҳауп; иара убас, иазгәасҭар сҭахуп атуризм аҟынтә атәыла ишаиуз 1,6 миллиард адоллар ахашәала, ари арбагагьы ҵыҧхтәи арбага аасҭа хынтә еиҳауп. Ашықәс актәи квартал азы ишиашо атәым инвестициақәа рҭаӡара 922 млн адоллар иаҟаран, ари арбагагьы ҵыҧхтәи арбага аасҭа ҩынтә еиҳауп, 2019 шықәса актәи азбжа арбага аасҭа 62%-ла еиҳауп; иара убас, иазгәасҭар сҭахуп иацҵоу ахәҧсазы ашәахтә зшәо аилахәырақәа реикәшарақәа ажьырныҳәа-ҧхынгәы азы 21%-ла ишазҳаз. Сынтәа раҧхьатәи 7 мза рыла ҳара еиҭах ҩ-хыҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара ҳамоуп, 10,3%.

Убри аҟынтә, абарҭ арбагақәа иазҧхьагәаҭаны, ҳара шықәсыктәи аекономикатә параметрқәа ҳаҧсахит, ирҿыцу амакроекономикатә азҧхьагәаҭарақәа рыла иазҧхьагәаҭоуп: ареалтә економикатә азҳара азҧхьагәаҭаратә арбага 6% ацынхәрас 8,5% иаҟарахоит; афакттә арбага иазҧхьгәаҭаны, аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа адефлатор азҧхьагәаҭара 10,5% иаҟароуп; аноминалтә аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа азҧхьагәаҭа ҳәаақәҵоуп 72,2 миллиард лари ала, уаҩҧсык азы еиҭаҧхьаӡоу аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа 6500 адоллар еиҳауп; еилаҵоу абиуџьет ашәахтә хашәала азҳауеит 1 266,0 миллион лари ала", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, адинамика бзиа нагӡахоит, ҵыҧх еиҧшҵәҟьа, сынтәатәи ашықәс азгьы ақәҿиарақәа ҟалоит.
Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, аекономикатә азҳара ду аиура алшара ҟалеит амилаҭтә интересқәа рышьаҭала имҩаҧгаз ахшыҩкралатә политика иаша абзоурала, аоппонентцәа аиҳабыра ирыдаргалоз ахшыҩдаратә, аемоциатә, антиҳәынҭқарратә политика акәымкәа. „Акыр иаҧсоу аҩызцәа, аекономикатә азҳара ду иазҧхьагәаҭаны, сынтәатәи абиуџьет аҧсахра ҳақәшәоит, абарҭ аиҭакрақәа зҵакы дуу 2 хықәкык рынагӡара иазкуп.

Актәи - абиуџьет адефицити аиҳабыра руали аиҵатәра. Абри азҵаарагьы иааркьаҿны сазааҭгылар сҭахуп. Ишыжәдыруа ала, еилаҵоу абиуџьет еиқәыршәан аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа аҟынтә 4,4%-тәи адефицити, аиҳабыра руал 51%-тәи арбагеи ала.

Зыӡбахәы ҳәоу аҧсахрақәа инрықәыршәаны, сынтәа ҳара абиуџьетла иазҧхьагәаҭаз аасҭа 710 миллион лари ала иаҳа имаҷны ауал ҳгоит. Абри аҩыза иҕәҕәоу аекономикатә параметрқәа иазҧхьгәаҭаны, ашықәс анҵәамҭанӡа аиҳабыра руал еиҵхоит аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа аҟынтә 40%-нӡа, 51% ацынхәрас, ари арбагагьы бзиоуп. Иара убас, абиуџьет адефицит 4,4%-нтә 3,2%-нӡа еиҵхоит. 3,2% мацара адефицит ҳамазаауеит. Убри адагьы, ганкахьала - иҳамоу ауалқәа ршәареи, егьи аганахаьала - аполициа, ар, аинфраструктура, анаплакқәа, ақыҭанхамҩа, асоциалтә политика, агәабзиарахьчара, аспорт уҳәа, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рырҿиареи иацҵаны аҧара азоуҳашьҭроуп.

Инеизакны иуҳәозар, абарҭ азҧхьагәаҭарақәеи атенденциақәеи нагӡахоит. Адинамика бзиа нагӡахап ҳәа ҳгәыҕуеит, сынтәагьы абри аҩызаҵәҟьа ақәҿиарақәа ҳамазаауеит ҳәа ҳгәыҕуеит. Абри зегьы ҳалшеит амилаҭтә интересқәа рышьаҭала имҩаҧгаз ахшыҩкралатә политика иаша абзоурала, аоппонентцәа аиҳабыра ирыдаргалоз ахшыҩдаратә, аемоциатә, антиҳәынҭқарратә политика акәымкәа. Абри азҵаара иадҳәаланы ҳуааҧсыра аинформациа рысҭар сҭахын. Афинансқәа рминистр амедиахаҭарнакцәа рҟны ари азҵаара инарҭбааны алацәажәара дазыхиоуп. Ари азҵаара апарламент аҿгьы ҳалацәажәоит, шәызынтәгьы ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп имҩаҧыжәгаз аусура ду азыҳәан",- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура